Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Дбар Гагратәи ажәыларазы: аибашьышьа аԥышәа ҳнаҭеит

© Foto / предоставлено Джоном Дбар Џьон Дбар
Џьон Дбар  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Гагра араион ахақәиҭтәразы ажәылара арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит Пицундатәи абаталион Лӡаатәи арота адҵаҟаҵаҩ Џьон Дбар.
Дбар Гагратәи ажәыларазы: аибашьышьа аԥышәа ҳнаҭеит

"Зегь раасҭа иуадаҩын ажәылара аԥхьатәи амш. Ахырӷәӷәарҭа аԥыргара аҭахын, аршьаҟауаа тәан, абзарбзанқәа, агранатаршәгақәа, ахыхьчаратә цәаҳәақәа хԥа ыҟан. Ақалақь ахыкәшаратә мҩа ахьалаго, анышәынҭрақәа ахьыҟоу даҽа хыхьчарак ыҟан. Урҭ зегьы рԥыргара уадаҩӡан. Арахь аамҭа цон, иаҳцәыхәлон, иуадаҩхон ажәылара, ахыхьчаратә цәаҳәақәа ҩба ԥҽны ҳаҟан, нас ахыкәшаратә мҩа ахьалаго ҳнеины ҳашиашаз ҳдәықәлеит.

Аиаша уҳәозар, аибашьраҟны аԥышәа ҳамаӡамызт зынӡа, азнеишьа шаҭахыз ҳаздырӡомызт, аха ҳандәықәла, ашьшьыҳәа иара аҭагылазаашьа иаҳнарҵеит. Аԥхьа ҳанцоз афронт ацәаҳәаҟны иҳаԥхьаӡо ҳаналага, ҩышәҩык раҟара ҳаҟан, анаҩс амала аҷкәынцәа аауа иалагеит. Аԥхьа афронт ацәаҳәаҟны иҟоу  ҳәа аштаб ахь асиақәа аннаҳгоз, Гагра ажәылара амҩаԥгаразы уиаҟара акәын ианыз, ҳара аԥхьа ҳдәықәлеит, анаҩс агәыԥқәа ҳацлеит ҵаҟала, хыхьла. Насгьы, уашьҭахь инеиуа даныҟоу, ахәцәа зго, патронак ануҭаху иузназго, абас аус ииашаны ианышьақәыргылоу, ишахәҭоу еиԥш иҟауҵоит", - иҳәеит Дбар.

Гагра араион ахақәиҭтәразы ажәылара иалагеит жьҭаара 2, 1992 шықәсазы. Уи иалҵшәаны игаз аиааира аԥсуа арбџьармчқәа рзы зымҽхак ҭбааз раԥхьатәи арратә қәҿиаран аибашьраҟны. Гагра араион ахақәиҭтәразы иҭахеит 117-ҩык аибашьцәа - Аԥсны атәылауаа, Нхыҵ Кавкази Алада Урыстәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьра иааз.

Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0