Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

"Зашхәа уҭоу иашәа ҳәа": Ашхәаныҳәа иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукАшхәа
Ашхәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амшын анцәахәы имҵаныҳәара иазку ақьабз уԥылоит иахьатәи ҳаамҭазы ажәлантә рныҳәараҿы. Аха иҟоуп иаҳхашҭхьоу мшынла хьыӡрацара ицоз имҩаԥыргоз аныҳәара. Уи атәы дазааҭгылоит НААР аҭҵаарадырратә усзуҩы, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы Есма Ҭодуа.

Амшын аԥсуа иԥсҭазаараҿы

Аԥсуаа мшынла рныҟәарақәа, ақәыларақәа, егьырҭ атәылақәеи ҳареи ҳабжьара ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа аҭоурых иадыруеит ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны. Уи атәы шаҳаҭра ауеит Аргонавтаа ирызку аҳәамҭагьы.

Афон ҿыц - Sputnik Аҧсны
Ага анцәахәы, Ашьха анцәахәы, Аԥсыԥса: иахьа иаҳԥымло аԥсуа нцәахәқәак рыӡбахә

Мшынла аныҟәара иазку ажәабжьқәа уԥылоит Нарҭаа рҳәамҭақәа рҟынгьы. Аԥсны иаҭаахьаз аҵарауаа, аныҟәаҩцәа ранҵамҭақәа рҟны ишазгәарҭоз ала, аԥсуаа ӷба дуқәак рыманы иҟамызт, аха жәаба-жәохәҩык рҟынӡа зкуаз ашхәақәа рацәаны иуԥылон. Амшын анцәахәы имҵаныҳәара иазку ақьабз уԥылоит иахьатәи ҳаамҭазгьы Амԥараа рыжәлантә аныҳәараҿы. Шьалуа Иналиԥа ари ажәла аетимологиа шыҟаиҵоз ала, Амԥар – амшын аԥацәа ҳәа аанагозар ауеит ҳәа иҩуан.

Амшын анцәахәы ҳәа аԥсуаа зыӡбахә рҳәо Ҳаиҭ иакәзар, уи изку алакәқәагьы иаадырԥшуеит аамҭаказы ауаа амшын ишарҭоз хҿыхрак аҳасабала ҳәа иҩуеит А.Н. Грен. Амшынтә ныҟәарақәа (хьыӡрацара) маншәалахаразы аԥсуаа Аг(а)-Ныха иамҵаныҳәон ҳәа азгәеиҭоит аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачлиа: амшын ианхылоз аламҭалаз уи аныха иаҭааны ашхәаныҳәацәашь кны иныҳәон.

Ашхәаныҳәа

Аҵарауаа ишазгәарҭо ала, 20-тәи ашәышықәса алагамҭанӡагьы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан, Дӷамшь аӡиас амшын иахьалало инеины аныҳәара мҩаԥыргон. Уахь инеиуан мшынла хьыӡрацара ицоз ахацәа рыцыԥхьаӡа ахәажәақәеи ашхәаныҳәацәашьқәеи кны. Уаҟа ашәымкьаҭ наргыланы иааргаз нықәырҵон. Нас ақәаб ала амшын-ӡы ныҭтаны раԥхьа иргыланы иныҳәон.

Зосим Амԥар - Sputnik Аҧсны
"Агныҳәа": аижәлантәқәа Амԥараа рҭоурыхи, рҵаси, рныҳәарақәеи

Иԥхьаӡан абас еиԥш аныҳәара амшын аҟны аӡхыҵра ааннакылоит ҳәа, ашхәаныҟәаҩцәа машәыр рмыхьырц ирхылаԥшуеит ҳәа. Иазгәаҭатәуп, ас еиԥш амшын анцәахәы имҵаныҳәара шрымаз ҳашьцәа адыгаа. Урҭ рҟны анцәахәы Кодес аԥсыӡ асахьа змоу аӡә иакәны даадырԥшуеит. Аӡы анцәахәы Хышхогәаша лакәзар, аԥсуа Ӡаҳкәажә длыдукылар ауеит.

Аԥсуаа рҟны ачерқьезцәа рҟнеиԥш иаԥҵан ашхәа-ашәагьы. 1960 шықәсазы Шьалуа Иналиԥа ианиҵаз ашәа ацыԥҵәаха ааигоит абас: "Еҳе-ҳееи, дыӷәа-мыӷәа, иашхәари, думгари!". Уи ишиҩуалагьы, "иашхәари" – амшын анцәахәы изку акоуп, "думгари" – дугап, агара. Убас аԥсуа мифологиаҟны иаҳԥыло атермин "Уашхәа мақьаԥсыс" –  Ӡызлан лықәра абри анцәахәы иахь ахы рханы ақәра акәзар ҟалап иаанарԥшуа ҳәа азгәеиҭоит, даҽа ганкахьала жәҩантә мчы змоу нцәахәны Афы иадкыланы иааирԥшуеит.

Русалка и инструктор по подводному плаванию Лучиана Фузетти тренируется на островах Тийкуса в Рио-де-Жанейро, Бразилия - Sputnik Аҧсны
Ӡаҳкәажә, ма ахьы ӡаҳкәажә: ӡыӡлан лхаҿсахьа амифқәа рҿы

Иахьа уажәраанӡагьы ари ақәра аҵакы аилыргара цәгьоуп, аха уи злоу аҳәамҭақәа иудырбоит абри ақәра ҟазҵаз дзырқәыз ауаҩы имаҵ уа иҩны дшыҩноу, даҽакала иаҳҳәозар, ари иадаҳкылар ауеит аԥсуаа идырҿиаз ажәаԥҟа "Зашхәа уҭоу иашәа уҳәароуп".

Ирҳәоит иара убас, аԥсуаа ирыман абас еиԥш иҟаз ақьабз: бааԥсрак ҟазҵаз ауаҩы ашхәа дақәыртәаны амшын дхырҵон, абри ақәралагьы ажәа идырҳәон уаҳа дшымхынраҳәа ҳәа дахьиз, дахьынхоз аҭыԥқәа рахь. Убри аан иазгәарҭоит, адыгаа рҟынгьы, аԥсуаа ҳҿгьы ари ақәра здырҳәоз аԥҳәыс лакәын ҳәа. Аԥҳәыс лышьра хьымӡӷны ишыԥхьаӡаз ала, ацәгьа зуз аԥҳәыс лакәхон амшын ихырҵозгьы. Иахьагьы иӡыз аӡәы изы, мамзаргьы кыраамҭа ихнымҳәыз изы "амшын дхырҵеит" рҳәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0