Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Барцыцԥҳа Гәдоуҭатәи ахәбатәи ашкол уадақәак рзы: игәаӷьны арахә узыҩнакуам

© Sputnik / Томас ТхайцукЗулета Барцыцԥҳа
Зулета Барцыцԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭатәи ахәбатәи абжьаратә школ адиректор Зулета Барцыцԥҳа Sputnik акорреспонденти лареи реицәажәараан ашкол аҭоурыхи иахьатәи аҭагылазаашьеи еиҭалҳәеит.

 

Барцыцԥҳа Гәдоуҭатәи ахәбатәи ашколтә уадақәак рзы: игәаӷьны арахә узыҩнакуам

"Ашкол ахыбра 1896 шықәсазы иргылан ҳәа иаадыруеит. Аԥсуа револиуционер Дмитри Ҟаинагә-иԥа Кобахьиа дахьынхоз аҩнаҟны ашкол аадыртит. Гәдоуҭа 1902 шықәсазы иаадыртыз аԥсуа школ ауп. Зны ԥшь-класск ыҟан, нас арҵаҩцәа разыҟаҵаразы атехникум ҟарҵеит, иҟан амедицинатә ҵараиурҭа. Ареволиуционер Дмитри Кобахьиа ашкол агәараҟны дыршьит ҳәа адырра ыҟоуп. Иара изкны ашәҟәы аус адиулоит аҭоурыхҭҵааҩ Фарид Кобахьиа.

 

Ашкол шәышықәса ахыҵра азгәаҳҭарц ҳгәы ишҭаз, 1996 шықәсазы ирблит. Усҟантәи аамҭазы ахыбразы 77 миллион мааҭ рықәырҵеит изыблыз ҳашкол аушьҭымҭацәа ҩыџьа. Аӡәгьы акгьы имшәеит, аӡәы дахьҭакыз иҽишьит", - лҳәеит Барцыцԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, ашкол ахыбра хада анблы ашьҭахь, иаҿаԥшьны иҟаз ахыбрақәа рҟны ԥшь-класск раԥхьа рхы иадырхәон. Уи ашьҭахь 2008 шықәсазы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылаган, аха аԥара азымхеит ҳәа иаанкылан.

"Иаҳзыҟарҵаз ԥшь-уадак рахь ииаган аиҵбыратә классқәа рҵаҩцәа, даҽа ҩ-класск ыҟоуп (хазы игылоу ахыбраҟны - аред.), аха уа иахьтәоу арахә гәаӷьны иузыҩнакуам. Ҩ-класск убас иҟоуп. Иабаҳгои аҵаҩцәа? Аҩбатәи асмена шықәсык иҟан, аха егьи ашықәс аан ҳаҟәырхит, ирымуит", - лҳәеит Барцыцԥҳа.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0