Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Канџьариа: ателехәаԥшрахьы ауаа рнагара уадаҩуп ауалафахәы ахьмаҷу аҟынтә

© Foto / Саида ЖибаРустан Конджария
Рустан Конджария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи ателехәаԥшара иахьа 15 шықәса ахыҵит. Ателехәаԥшра ахантәаҩы Русҭан Канџьариа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит риубилеи шазгәарҭо, ателехәаԥшцәа иарбан дырраҭарақәоу ирызнарго, арҿиаратә коллектив шаҟаҩы еиднакыло атәы.
Канџьариа: ателехәаԥшрахьы ауаа рнагара уадаҩуп ауалафахәы ахьмаҷу аҟынтә

"Ҳџьабаақәа дуум, ирацәам, убри аҟынтә ҳколлектив ҳааидтәалны ҳаиқәныҳәоит акәымзар, ус аиубилеи азгәаҭара ҳгәы иҭам. Уажәы аусураҿы уахатәи аефир аизгара ҳаҿуп. Араионтә еизара адепутатцәеи ҳареи аиқәшаҳаҭра иҳабжьоу ала ақалақь аҟны иҟоу азҵаарақәа цәырҳгоит, аочеркқәа азҳархиоит аибашьцәа ирызку, 100 инарзынаԥшуа ус еиԥш адырраҭарақәа ҳамоуп. Убасгьы ашколқәа рҟны еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа ҭаҳхуеит, ауаа ирызнаҳгар ҳҭахуп ҳбызшәа иаҳа ргәахьы инеирц, бзиа ирбарц. Ажәабжьқәа рыдагьы ус еиԥш анҵамҭақәа ҟаҳҵоит", - иҳәеит Канџьариа.

Иааизакны аколлектив 16–ҩык еиднакылоит. Арҿиара знапы алаку ажурналистцәа хҩыки операторки аус руеит Гагратәи ателехәаԥшраҟны. Канџьариа иажәақәа рыла, ателехәаԥшрахьы ауаа аусура рнагара мариам, избанзар ауалафахәы маҷуп, акурорттә қалақь аҟны мызкы ателехәаԥшра аусзуҩцәа ироуа ҽнак идырҳауеит ихәаахәҭуа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0