Мрамза Ҷкәатуаԥҳа: сахьыҟазаалак уалны исыԥхьаӡоит Аԥсынра ахьӡ аҭыгара

© Фото : предоставлено Мрамзой ЧкотуаМрамза Чкотуа
Мрамза Чкотуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы ииз аҭыԥҳа Мрамза Ҷкәатуаԥҳа, Ҭырқәтәыла, қәҿиарала иреиҳау аҵараиурҭа далганы, иахьа лхы-лгәы дақәгәырӷьо лыԥсадгьыл ахь дхынҳәит. Лара лаб, Оқтаи Ҷкәатуа, Аԥсны ибзианы деицырдыруеит Ҭырқәтәылантәи раԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаҩ иаҳасаб ала.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Мрамза лабшьҭра Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа ахҵәара зықәшәаз иреиуоуп. Аха, Анцәа иџьшьаны ҭаацәала иахьа инхоит рабдуцәа аамҭаказы изныҵхьаз адгьыл аҿы. Оқтаи ара аҭаацәара далалеит. Иԥшәмаԥҳәыс Дариа Кабԥҳаи иареи ҩыџьа ахшара рааӡоит, аҭыԥҳа ԥшӡа Мрамзеи, лаҳәшьа хәыҷы Гәырандеи.

Оқтаи Чкотуа раԥхьаӡа акәны Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа иааз ҳџьынџьуаа дреиоуоуп - Sputnik Аҧсны
Оқҭаи Чкотуа: знык сџьынџь дгьылахь саныхынҳә Ҭырқәтәылаҟа сышԥацоз

Акрааҵуеит сара ари аҭаацәа хаҭала издыруеижьҭеи, аԥсуара агәеисыбжь ахьго, аԥсшәа аԥсы ахьҭо,иазгәыдуны уи ала иахьцәажәо ҭаацәароуп. Нас, уи ахшара рааӡара ианымԥшырц ҟалозма? Сара сусура аганахь ала, лассы-лассы ҳдиаспора ахьынхо Ҭырқәтәылаҟа сцалоит.

Хымԥада, урҭ иныҟәырго аԥсуара, аҵас-ақьабз акыр ухнамхырц залшом. Аԥснынтә уа аҵара зҵо астудентцәа ракәзар, иԥхашьа-ԥхаҵо раԥсуара изларыднаҵо ала рхы ныҟәыргоит.

Мрамзеи сареи раԥхьаӡагьы ҳахьеибадырыз Ҭырқәтәыла ауп. Деилҟьеилӷәыцәӡа, дҳаҵҳаҵо, усҟан Аԥснынтә инеины иҟаз аделегациа злахәыз аусмҩаԥгатәқәа зегьы дрылахәын. Лҩызцәеи лареи рҽазҵәылхны изларылшоз ала Аԥсны ахьӡ ҭыргон, аҵара ахьырҵоз рырҵаҩцәеи рҩызцәеи рыԥсадгьыл аӡбахә ирзалацәажәон, изларылшоз ала аӡыргара иашьҭан. Уи сара изныкымкәа сақәшәахьан, избахьан.

"Иахьеиԥш исгәалашәоит ҳгәыԥ аҿы аҵара сыцызҵоз сҩыза Шамил Гыцбеи сареи, Аԥсны иазкны апрезентациа хәыҷык рзыҟаҳҵеит ҳарҵаҩцәеи ҳҩызцәеи. Уи алагамҭазы, ишақәнаго еиԥш, аԥсуа гимн аҳарҳәеит. Аҵара ҳацызҵоз ақырҭуа студентцәа ршьапы ихгыланы ҳаҭырла ианаҳзыӡырҩуаз аминуҭқәа ахааназы исхашҭуам", — ҳәа азгәалҭоит Мрамза Ҷкотуаԥҳа.

© Фото : фото предоставлено Мрамзой ЧкотуаМрамза Чкотуа
Мрамза Чкотуа - Sputnik Аҧсны
Мрамза Чкотуа

Мрамза, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥшьбатәи ашкол далгеит. Анаҩс, Ҭырқәтәылаҟа дцеит лҵара иацылҵарц азы. Анкара ақалақь Hacettepe ауниверситет аҟны шықәсык аҭырқәа бызшәа лҵон. Уаҟа агәыԥ аҿы аҵара лыцырҵон Аԥснынтә арԥыски, жәҩык ақырҭқәеи, хҩык аҭаҭарцәеи.

"2014 шықәса рзы Сақариатәи ауниверситет аҿы жәларбжьаратәи аизыҟазаашьа афакультет алхны аҵара сҭалеит. Иара убри ауниверситет аҿы аҵара зҵо имаҷымкәа аҭыԥантәи аԥсуаа ыҟоуп. Иара убас, сҵара иацысҵонаҵы Аԥснынтәи иаауаз аҵаҩцәа есышықәса рхыԥхьаӡара еизҳауан. Уажәтәи аамҭазы Сақариатәи ауниверситет жәаҩык инареиҳаны Аԥснынтәи аҿар ҭоуп", — лҳәеит Мрамза Ҷкотуаԥҳа.

Сақариа ақалақь ҷыдарас иамоу, аԥсуа диаспора зегь реиҳа ирацәаны иахьынхо ҭыԥуп.

Аԥснынтә Ҭырқәтәыла аҵара зҵо астудентцәеи ҳџьынџьуааи еиԥылеит

"Сақариатәи Аԥсуа хеилак еиҿнакаауаз ахәылԥазқәа, аиԥыларақәа рыбзоурала, ҳаижәлантәқәеи ҳареи ҳаибадыруан, иҳарҳауан аҩызцәа. Аиаша шәасҳәап, тәым дгьылк аҿы ушыҟоу ухашҭуан"- дҳацәажәон Мрамза.

Мрамза Ҷкотуаԥҳа, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа иныҟәырго аԥсуара акыр дыхнахит, уи лбон лара лаб иҭаацәа рҿгьы. Ланду Севим Смырԥҳа, 80 шықәса лхыҵуеит. Ирацәоуп ланду илҿылҵааз ахымҩаԥгара, иҷыдоу аҟазшьа ссирқәа.

"Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа зегьы аԥсуа ҵасқәа ишақәнаго еиԥш иныҟәыргоит. Аԥсшәа здыруа аԥсышәала ицәажәоит, иззымдыруагьы ҳанырбалак аԥсышәала ажәақәак ирыдымхаргьы иаҳҿырҵаарц азы азҿлымҳара аҭаны иаҳзыӡырҩуан", — ҳәа азгәалҭоит аԥсуа диаспора дрызгәыдуны Мрамза Ҷкотуаԥҳа.

Мрамза излалҳәо ала, машәырны аԥсыуак дылԥыларгьы, ихымҩаԥгашьала дшаԥсыуаз лдыруан, уимоу аҵара лыцызҵоз атәым милаҭ еиуаз лҩызцәагьы уи азгәарҭахьан.

Мрамза лабшьҭра Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Ақҭефеқь (Џьгьарда) еиуоуп. Лара данхәыҷыз аахыс есԥхынра ландуи лҭынхацәеи лбарц азы Ҭырқәтәылаҟа дцалон. Лара излалҳәо ала, убри азакәхап Ҭырқәтәыла инхо ҳауаажәлар рахь илымоу агәыбылра зеихалҳауазгьы.

Мрамза илызкны анҵамҭа архиара санаҿыз, ииашаҵәҟьаны уажәы-уажә сыбла даахгылон лара ланду Севим Смырԥҳа. Избанзар, исразҟын ари аԥҳәыс ҟәыӷеи сареи ҳаибадырра.

Шықәсқәак раԥхьа ҳаиқәшәеит Ҭырқәтәыла, Адаԥазар лара дахьынхоз аҩнаҿы. Акырӡа ҳаицәажәеит, ирацәан еиҭалҳәоз ажәабжьқәа, лыбла гәыҭбаақәа аразра рхыҳәҳәыла иҟан. Саԥхьа дтәан, жәларык аԥсуаҵасла еиҵазааӡаз, зыԥсадгьыл ахь наӡаӡа анхара ахынҳәра анаҭахха зԥа мап ицәызымкыз аԥҳәыс нага, аԥҳәыс ҟәыӷа Севим Смырԥҳа.

Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынбеи ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуааи реиԥылара - Sputnik Аҧсны
Аԥыза иажәа: Владислав Арӡынба Ҭырқәтәылантә иааз аделегациа ираиҳәаз

Лареи сареи ҳаицәажәара хыркәшаны саныҩагылоз, "салабгәалашәалап" — лҳәан лнапала илԥаз ашьапҭырԥеи ампахьшьи ҳамҭас инаслыркит.

Аиаша шәасҳәап, ицәырызгацыԥхьаӡа, данысгәаламшәо ыҟаӡам, саргьы сахӡыӡаауа пату ақәҵаны исымоуп. Уажәтәи аӡынразы лмаҭа аԥсшьарамшқәа рзы Аԥсныҟа данаауаз, Мрамза лнапала исзаалҭиит убри аҩызаҵәҟьа даҽа ԥшшәык змаз ашьапҭарԥеи, иара убас акьанџьа иашәырҵоз ашәҵатәи. Аԥсуа ԥҳәыс лҟәыӷара анаҩсангьы, ишырҳәо еиԥш "лнапы ахьы аԥссоит". Ус еиԥш аҟазара злоу аԥҳәыс лхаҭара шаҟа иҳаракузеи, иԥшӡоузеи, ихаҭәааузеи?!

Ирацәоуп Ҷкотуаа рҭаацәара иазкны иуҳәаша иҿырԥшыгоу ахҭысқәа. Уажәазы ҳзеигәырӷьаз ахҭыс шәыцеиҩаҳшоит. Лыԥсадгьыл аӡәы ҳәа дхәарҭаны, аҵара ҵаны, аполитолог изаанаҭ алхны иаҳзааз Мрамза Оқтаи-иԥҳа Ҷкәатуа ақәҿиарақәа лзеиӷьаҳшьоит ҩаԥхьа. Ҳаицәара ахыркәшамҭазы абас еиԥшгьы насалҳәеит:

"Сахьыҟазаалак уалны исыԥхьаӡоит Аԥсынра ахьӡ аҭыгара. Исҭахуп адунеи аҿы аԥсуаа ҳадгьыл ԥшӡа, ҳҭоуых, ҳкультура зегьы ирдырырц!"

Ажәабжьқәа зегьы
0