Ирфан Хәаҷаа: Ахатәы бызшәа амырӡроуп зегь реиҳа ҳзышьҭоу

© Foto / Сырма АшәԥҳаИрфан Хәаҷаа. Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ.
Ирфан Хәаҷаа. Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ирфан Хәаҷаа Адаԥазар иаҵанакуа Каилак ақыҭаҿ дынхоит. Дҭаацәароуп, ирызҳауеит ихшара. Аԥсни аԥсуареи бзиа ибоит, изныкымкәа иабдуцәа рыдгьыл даҭаахьеит.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Адаԥазар иаҵанакуа Каилак ақыҭаҿы инхо Ирфан Хәаҷаа Аԥсни, аԥсуареи, аԥсуа бызшәеи дшырзыҟоу атәы ҳзеиҭеиҳәеит ҳаиҿцәажәараҿы.

— Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа, шәмилаҭтә культура аиқәырхаразы ишәылшо зегь ҟашәҵоит. Имҩаԥыжәго шәҽазышәарақәа рахьтә иалышәкаауа иарбақәан?

— Уажә иаҳҳәозар, Адаԥазар, зегь реиҳа аԥсуаа ахьынхо ауп. 50 инеиҳаны аԥсуа қыҭақәа ыҟоуп. Уа атәым милаҭ дҳалаӡам. Инхақәо зегьы ҳаԥсацәоуп. Сара  ақыҭа ааныжьны даҽа ҭыԥк ахь сиасырц сҭахызар, сыдгьыл аҭира азин сымаӡам. Ари аҩыза аԥҟара сара садгылоуп. Уи ала, ҳқыҭа ахаҿра аиқәырхара ҳалшоит.  Аԥснынтә ихҵәаны инеиз  ҳабдуцәа, иахьықәнагалаз аҭыԥ зынӡагьы иргәаԥхаӡомызт. Ԥсыуа пҳәызбак аҭырқәа данигалак, ала дафеит рыцҳа рҳәон, дрыцҳаршьон. Уажәы маҷк аҭагылазаашьа аҽаԥсахуа иалагеит. Аҿар аҵарахьы ҳәа ақалақь дуқәа рахь ицо иалагеит. Ҳлеишәа, ҳҵас, ҳқьабз, ҳара ишаҳҭахыҵәҟьоу еиԥш иҟаӡам, аха аԥсуара ҳахьынҳалоуп, аиқәырхара ҳашьҭоуп.

Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәылантәи аделегациа Аԥсныҟа раԥхьаӡа раара 40 шықәса ахыҵит

— Ахатәы бызшәа аҭагылазаашьа иахышәҳәаауеи?

— Ахатәы бызшәа амырӡроуп зегь реиҳа ҳзышьҭоу. Сара схатәы бызшәа ада, ашкол ахь сцаанӡа, акгьы сыздырӡомызт. Сара инасықәланы иҟоу, рыззегьы ус ауп. Уажәшьҭа сыуаҩыбжара  сынҭысхьеит. Аҭырқәшәа ашкол аҟноуп раԥхьа иахьысҵаз. Шықәсқәак раԥхьа, Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа инашьҭыз арҵаҩы Лиудмила Хьиба илыбзоураны, аԥсышәала аҩышьеи аԥхьашьеи сҵеит. Анаҩс, ҳаргьы ара, акурсқәа еиҿкааны ахәыҷқәа идҳарҵо ҳалагеит. Аҩреи, аԥхьареи инарҷыданы, Аԥсны иазку ажәабжьқәа алегендақәа сырзаԥхьоит, аҭоурых рзеиҭасҳәоит, ҳаԥсуа поетцәа рыжәеинраалақәа дсырҵоит. Аԥсныҟа рылаԥш зладырхаша ҳашьҭоуп. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп уи азы.

— Ҭырқәтәыла инхо, зажәеи зуси акраҵанакуа, зыхьӡ наго аԥсуаа рахьтә, еиҳа шәхаҟны иааиуада?

— Жәытә-натә аахысгьы иҳаман, иҳамоуп иахьагьы, Кавказ ажәларқәа ирхылҵшьҭроу ихатәроу иҟәыӷоу ауаа. Қьемал Мысҭафа Аҭаҭиурк, Ҭырқәтәыла ҿыц аҳәынҭқарра еиҿыскаауеит аниҳәоз аамҭазы, быжьҩык ицны Самсун дыӡхыҵит. Ицқәаз рахьтә хәҩык, Кавказаа ирхылҵшьҭрақәаз ракәын. Усҟан, Ҭырқәтәыла аԥыза аминистрс иҟаз Рауф Ашьхаруа иакәын. Апарламент аилазаараҟны, 25-ҩык кавказаа ыҟан. Уажәтәи апарламент аҟынгьы иҟоуп аԥсуаа, аха процентла иаҳгозар, ажәытә еиҳа еиҳан. Аҵара-дырра змоу, ҳазхыҽхәаша, еиуеиԥшым азанааҭқәа змоу, ауаа бзиақәа ҳамоуп. Ҳҿар ракәзар, аҵарахьы рхы кыдуп. Уажәы иреиҳау аҵараиурҭа иалымгаз, аҭыԥ бзи иоуӡом. Уи бзианы ирдыруеит. Рҭоурыхтә ԥсадгьыл иазҿлымҳауп, реиҳабацәа рҟынтә аҭоурых аилкаара иашьҭоуп.

Аҽыуаҩ - Sputnik Аҧсны
Еицырдыруа афырхаҵа: Ҭырқәтәыла Ажьгьери-иԥа Қәычықә дшыргәалашәо

Аԥсны рабдуцәа ахьаныҵыз аҭыԥқәа рбарц рҭахуп, рыжәлантәқәеи дареи еибаԥшаауеит. 
Ишыжәдыруа еиԥш,  ҳазҭагылоу аамҭа иашьашәалоу атехнологиа ҿыцқәа ыҟоуп.   Уи схы иархәаны,  аҭырқәшәала,  анаҩс ҳара ҳаԥсуа нбанла, анаҩсгьы латын нбанла, хԥаны еиҩшаны, Насгьы абжьы аҭаны еиқәсыршәеит ажәақәа, аҳәоуқәа.  Аинтернет ахархәарала досу дахьыҟазаалак алшара имоуп аԥсшәа аҵаразы. Еиуеиԥшым аметодқәа ҳхы иаҳархәар ҳалшоит уи азы. Аҭырқәшәеи, аԥсшәеи ирызкны анбангьы ҟасҵеит, ахсаала еиқәсыршәеит латын бызшәала.
Аԥсны аҭоурыхтә, акультуратә  рыцҳәқәа зегьы азгәаҳтоит  адернеқьқәа рҿы. Убри ала, ҳҿар абрахь агәыбылра дҳаркып ҳәа ҳгәаҟуеит.

— Аимадара, гәыбылра аизырҳаразы уаҳа мҩақәас ижәбои?

— Сара зегь раԥхьа иргыланы исҭахуп Ҭырқәтәыла инхо ахәыҷқәа, Аԥсны аԥсуа қыҭақәа рахь раагара,аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы мчыбжьык жәамш раҟара рнырхара. Рҩызцәа хәыҷқәа ҟалап, рыжәлантәқәа рбап, аҷҷаҳәа аԥсуа бызшәа рҳәо иалагап. Аԥснынтә 11-ҩык астудентцәа Ҭырқәтәылаҟа иҳазнеихьеит сасра, ҩыџьа сара сыҩны инхон. Аиаша шәасҳәап, схәыҷқәеи сареи аԥсышәала ҳаилибакаауа, ҳаицәажәо аҟынӡа иалагеит.

Аԥснынтә Ҭырқәтәыла аҵара зҵо астудентцәеи ҳџьынџьуааи еиԥылеит

Апрограммақәа аҭахыуп. Уахьгьы арахьгьы ҳахшыҩи ҳуси еилаҵаны аус аауроуп. Аибадырреи агәыбылреи рымч ӷәӷәоуп. Ҳара ҳаԥсацәами, ҳаицәымӡроуп. Уи аҭоурыхгьы, аамҭагьы иҳаднаҵоит. Егьа иуадаҩзаргьы, аҽеидкылара амҩа ҳанылароуп.

— Аԥсныҟа изныкымкәа шәаахьеит. Шәаацыԥхьаӡа еиҭакрақәас ижәбои?

— Аԥсны саацыԥхьаӡа, аиаша шәасҳәап, ԥхыӡу лабҿабоу сзеилыргом. Уадаҩрас избоу, ҳабызшәеи ҳхыԥхьаӡара амаҷреи роуп. Уахьгьы арахьгьы ҳаимаздо ацҳа ӷәӷәа ҟаҳҵароуп. Аԥсны есааира аҿиармҩа иануп. Ҳҳәынҭқарреи, ҳауаажәларреи рыла ҳгәы дууп. Ҳтәыла ахьыԥшымра азхазҵаша егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы ҟалап ҳәа агәыӷра ҳамоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0