"Афырхы анапахьы аагара": Ажьырныҳәа ашьаҭақәа рызхьаԥшреи иахьатәи уи аҵаки

© Sputnik / Томас ТхайцукАжьырныҳәа
Ажьырныҳәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рныҳәара хада Ажьырныҳәеи уи Анцәахәы шыҟалази, иахьа аныҳәа амҩаԥгара иацу аҷыдарақәеи ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Шьашәи "х-напыки"

Аҧхьа иҟалаз ажәоуп. Ажәа ахы умҳәакәа, аҵыхәа узҳәом, убри аҟнытә ҳалагап аҧсуаа рныҳәара хада Ажьырныҳәеи уи Анцәахәы шыҟалаз иазкны аҧсуаа идырҿиаз рҿаҧыцтә ажәабжь ала.

Ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы аҧсуаа ашәарыцараҿы рхы зларыхьчашаз абџьар анрымамыз ыҟан, агыгшәыгьы иашьыр ҟалон рхы рзеиқәмырхакәа иара напыла "ашьацҳәақәа" аназыҟарҵоз аамҭазы. Убас зны аҧсыуак абнаҿы дшьабаны данцоз аамҭазы аӡәы дааиқәшәан, уи дихьчеит: ишьа ааникылеит, иршәит. Насгьы идыррақәа ииҭеит "х-напык" (аҧсынгьери, ажьаҳәа, арыҭәа) нацҵаны. Абас уи ибзоурала дҟалеит раҧхьатәи ажьи ҳәа еиҭарҳәоит аҧсуаа. Убри инаркны уи аиқәырхаҩ, акыр зымчыз, акыр зылшоз Шьашәы ихьӡырҵеит.

Аҵарауаҩ-аетнограф Иван Аџьынџьал ари ихьӡ аетимологиа шазиуа ала Шьашәы – "иршәу ашьа" ҳәа аанагоит. Шьашәы – Абжьныха, Ахьаҳ Ду ҳәагьы изырҳәоит. Џьоукы уи еиҭарҳәоит раҧхьа дзықәшәаз зшьа шәыз абыжьҩык рҟынтәи ауп ҳәа, ҽа џьоукы – Аҧсны иҟоу абжьныхак ирыдырҳәалоит. Раҧхьатәи ажьигьы Шьашәи ауааи рыбжьара цҳас иабжьаз, уи имаҵ зуаз иакәны ихәаҧшуан, убри аҟынтәигьы акыр зылшо иакәны дыҧхьаӡан. Иара дахьжьиуаз аҭыҧгьы иҧшьоу ҭыҧны иршьо иалагеит. Уи "их-напыкгьы" иа ида ҽаӡәы уи далакьысыр ҟаломызт. Шьашәы игәаҟаҵара азынгьы ажьи ила аџьма ршьуа иалагеит шықәсык знык Ашықәс ҿыц аухаз – Ажьырныҳәа ҳәа хьӡыс изауз.

Ахаҳәтә аамҭа инаркны иахьанӡа

Аҭоурых уазхьаҧшуазар, аҧсуаа аиха рнапахьы иааргеит II азқьышықәса анҵәамҭеи I азқьышықәса алагамҭеи рзы ҳәа азгәарҭоит аҭоурыхҭҵааҩцәа. Иара шжәытәӡатәиу аанарҧшуеит Нарҭаа репосгьы Аинар-жьи ихаҿала, уи Сасрыҟәа ахаҳә далхны данирӡрыжәуа инаркны, уи иаҳәа злихуа Сасрыҟәа изааигаз афырхы алаа уҳәа егьырҭ асиужетқәа.

Ажьырныхуа. - Sputnik Аҧсны
"Ажьира алԥха ҳауааит": ҭаацәашәала Ажьырныҳәа ҳшаԥыло

Ажьира – аиха аус адулара ауаҩытәыҩса иҧсҭазаара ҽаҧарак еиҭазгаз акакәхеит. Акыр аҽарҭбааит адгьылқәаарыхра, избанзар иаҧырҵо иалагеит амыругақәа: аиха, аигәышә, аҽага, ажыга, аҵыркант уҳәа. Уи инаваргыланы ажьицәа иҟарҵон абџьар: аҳәа, аҟама, аҳәызба, ахы иҭарҵоз ахәшә (ахаҳә-ҟыга рыман уи ахьыҟарҵоз). Аус адырулон арҧшӡагатә маҭәарқәа. Ажьицәа раҳаҭыр дуны ирбон, хьыӡла идырны ирыман. Аиха аус адулара шымариамыз ала машәырӡам ажьи мыч ҷыдак злоу иакәны иахьихәаҧшуазгьы уи иҭыҧ ҧшьаҭыҧны иахьыршьозгьы.

Иван Аџьынџьал ажьиреи уи акульти иазкны инарҭбааны дазааҭгыло иҩуеит абас еиҧш: "Ажәытә Бырзенцәа ирҳәон Амшын Еиқәа мраҭашәара аганахь иаҿықәынхо хьыи, раӡныи, аихеи рыгым" ҳәа. Абасала аиха аус адулара убранӡа рнапаҿы иааргеит мшыннырцәынтә ахәаахәҭыҩцәа аауан. Ажәлар рекономикеи, рсоциалтә ҧсҭазаараҿи аиха аус адулара аҭыҧ ду ааннакылеит. Аха Кавказтәи аибашьра ашьҭахь Кавказаа абџьар аҟаҵара азин анрымырх уи иаҳа-иаҳа иӡуа иалагеит, уи инаваргыланы иара акульт амҵахырхәарагьы аиҭакрақәа анубаалоит. Аханатә ажьира аҭыҧ аҟны иҟан ахәышҭаареи, аӷеи, "х-напыки". Иахьа инханы иҟоу "х-напык" зқәырҵо аҭыҧ заҵәык ауп, иара урҭгьы ианныҳәо уахь иназго маҷуп. Шьашәы ихьӡгьы уаанӡеиҧш иргәалашәом, ианныҳәо ихьӡ зҳәо рацәам. Аха ихадароу изыхныҳәо: ашьтәеи Шьашәы рбаӷьи мырӡкәа иааргоит.

Ажьырныхуа в селе Эшера. - Sputnik Аҧсны
Аҵарауаҩ: Ажьира Анцәахәы зегь зылшо ҳәа дыԥхьаӡан

Хьычхәама

Ҳаамҭазы Ажьырныҳәа ныҳәа дуны иахьаҧыло аиҳарак бзыҧаа рҿоуп. Урҭ рҿы ажәа "хьычхәама" иаҳа ахархәара амоуп "ажьырныҳәа" аасҭа. Ари ажәа иазкны иакыу аетимологиа ыҟаӡам (иҟалоит ахьы аҟынтәи иаауазаргьы?). Ҳәарада жәлантәыцыҧхьаӡа, ҭаацәацыҧхьаӡа еиуеиҧшымкәа иныҳәоит, досу ишҳақәу ала иҟаҳҵоит рҳәоит. Џьоукы ныҳәоит шәахьеи ҧшьашалеи, аҽа џьоукы иара ианақәшәо амш азы.

"Ҳара ҳныҳәоит шәахьеи ҧшьашеи. Аҧхьа ақыжә ҳшьуеит. Нас зегь рыцҧхьаӡа арбаӷьқәа ҳшьуеит. Ашьжьымҭан аҧхьа рызегь нсыдыргыланы сныҳәоит "уажәы абзара усырбоит, нас агәыи агәаҵәеи шусырбо" ҳәа ҳәаны исшьуеит. Уаха ажьирахь ҳаннеиуа арбаӷьқәа агәи, агәаҵәеи, ахқәеи досу иаратәы мырҩашьакәа еибыҭаны, ачашә, аӡәыцыҧхьаӡа хҧа-хҧа кәакәар, ацәашьқәа ҟаҵаны инаҳгоит", - ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит Оҭҳара ақыҭа инхо Енвер Аиба.

Оҭҳара ақыҭа инхо Енвер Аиба.
Афырхы анапахьы аагара: Ажьырныҳәа ашьаҭақәа рызхьаԥшреи иахьатәи уи аҵаки - Sputnik Аҧсны
Оҭҳара ақыҭа инхо Енвер Аиба.

Иара иҭаацәараҿы иҟоуп ҩыџьа арҧарцәеи, хҩык аҧҳацәеи. Хаҵа ицахьо урҭ иаҿыргеит, иахьнанагаз хазы аҩны аганахь ҵлак ашьапаҿы игыланы иныҳәоит ҳәа ҳаиҳәеит. Иара иҩны иҟоу иҭацагьы иҧшәмаҧҳәысгьы убасҵәҟьа ажьирахь имнеикәа хазы иныҳәоит рарбаӷьи, рцәашьи, рчашәи, акәакәарқәа нрыцҵаны. Аҩы адгаланы.

"Хымҧадакәны Ачбеи Чачбеи ҟасҵоит санныҳәо: рызегь хәыҷык-хәыҷык намхны, аџьыкхыш лақәырҳәҳәны, аҩы нақәҭәаны уа иныҟасҵоит. Ачбеи Чачбеи абри ала исырчаанӡа, абри дсыржәаанӡа цәгьара Анцәа иаҳзааумган" ҳәа, - иҳәоит иара.

Бзыҧаа рҟны ажьира змамгьы шамахамзар акы агмыжькәа ажьира змоу реиҧш иныҳәоит. Ауаа рыхдырраҿы ишьақәгылеит ажьира иазку аныҳәара мҩаҧугар, уусқәа зегь аманшәалара ацзаауеит ҳәа.

Ажьырныҳәа

Абжьыуаа имҩаҧырго аныҳәара иаҳа даҽакала иаарҧшуп. Иазгәаҭатәуп иара ажьира змоугьы рхыҧхьаӡара иаҳа ишмаҷу, ажьира змам ус ашықәс ҿыц иаԥылоит, акы иамҵаныҳәо акәымкәа. Ҳа ҳзыҿцәажәаз Џьал ақыҭа инхо Виталик Ҭыжәба ишиҳәаз ала ажьира иазку аҳаҧшьа рзыҵоуп иара аныҳәазы иаадыртуа. Ажьирагьы иара иаҿыганы ауп ишигаз.

© Фото : предоставлено Есмой ТодуаЏьал ақыҭа инхо Виталик Ҭыжәба
Афырхы анапахьы аагара: Ажьырныҳәа ашьаҭақәа рызхьаԥшреи иахьатәи уи аҵаки - Sputnik Аҧсны
Џьал ақыҭа инхо Виталик Ҭыжәба

"Саб 73 ихыҵуан даныҧсуаз, 38-ҩык амоҭацәа иман. Анцәа иҳәааит абас еиҧш аизҳарақәа зегьы ироуа, ҳанеизҳа сабду иаҿигеит аныҳәаҩ дааганы. Арбаӷь шьны диныҳәеит, "ихы дақәиҭуп" ҳәа саб ижәҩа аашьышьны аҩныҟа иааигеит, арагьы убас арбаӷь шьны диныҳәеит", - ҳәа Ҭыжәаа рыҩнаҭаҿы ишныҳәо атәы ҳацеиҩишеит аҧшәма.

© Фото : предоставлено Есмой ТодуаАжьырныҳәа
Афырхы анапахьы аагара: Ажьырныҳәа ашьаҭақәа рызхьаԥшреи иахьатәи уи аҵаки - Sputnik Аҧсны
Ажьырныҳәа

Уи ишҳаиҳәаз алагьы Ҭыжәаа рбаӷьла мацароуп ишрықәу, ашьтәа ршьӡом. 21 цыра акәакәарқәеи, ачашәи, ацәашьқәеи адыргалоит. Аҭаацәара иалалахьоу иҧҳа лакәзар, дахьнанагазгьы ажьира шрымоугьы, лмарҭхәқәа лаб иҩнрахьы лыхьӡала иаалышьҭуеит лара дзымаакәа, ианымҩаҧырго амш еиқәшәазар. Иара иҩны иҟоу иҭаца лакәзар, ажьирахь лнеира ахьыҟамло адагьы хазгьы дырныҳәаӡом зынӡаск.

Ажьырныҳәа
Афырхы анапахьы аагара: Ажьырныҳәа ашьаҭақәа рызхьаԥшреи иахьатәи уи аҵаки - Sputnik Аҧсны
Ажьырныҳәа

Виталик Ҭыжәба иара убас иалкааны иазгәаиҭеит ахәыҷқәа хышықәса рхыҵаанӡа ажьирахь ишнаимго атәы. Ажьира иныҳәаны ианаҧырҵуа аҧараҿырп нықәыҧсан ицоит "абарақьаҭра ҟало" ҳәа, ибзиоуп ҳәа иазшьаны.

© Foto / предоставлено Есмой ТодуаАжьырныҳәа
Афырхы анапахьы аагара: Ажьырныҳәа ашьаҭақәа рызхьаԥшреи иахьатәи уи аҵаки - Sputnik Аҧсны
Ажьырныҳәа

Афырхы

Уамашәа ибатәым Афырхы, Афцырҟьа, аныха иахьадыркыло, иагьраҳны иахьырбо ажьира аҧсуаа. Ажьи аус здиуло аиха амца шацрыддуа еиҧшуп аныха амца шацрыддуагьы урҭ рдоуҳатә культураҿы.

Аҭоурыхҭҵааҩ, ахеттолог Владислав Арӡынба ажьира акульт дахцәажәо ҳаҭҭааи аҧсуа-адыгаа ржәытә хылҵшьҭрақәа, рбызшәа реиҿырҧшрала реизааигәара дазнеиуеит иара Анцәахәы ихьӡ аҳәашьеи аиха ахаҭа аҳәашьеи рҿы, иагьадигалоит имаҷымкәа аҿырҧштәқәа. Иара иусумҭаҿы ажьира акульт далацәажәо иҩуеит: "Ари азҵаара ишақәнаго ахцәажәаразы иудыруазароуп иара ахаҳә аус адулара изнысыз амҩеи акульт аҿиашьеи (иазгәарҭоз ақьабзқәа уи аус анадырулоз) ртәы. Аха арҭ рыҩбагь реиҭашьақәыргылара уадаҩуп. Избанзар типологиала уахәаҧшуазар, аиха аҭҟараан оума, ианырӡрыжәуаз оума имҩаҧыргоз ақьабзқәа ыҟазар акәын, аетнографцәа зыхцәажәан иаанрыжьыз аусумҭақәа рҟны ус еиҧш џьаргьы иарбаӡам", - ҳәа.

Иҳәатәуп ажьира акульт Анцәақәа шрымоу Бырзентәыла – Гефест ихаҿала, римлианаа – Олимп иқәтәаз аџьаус ахаҿра аазырҧшуа Вулкан, афинцәа рҟны – Ильмаринен, агерманцәа рҿы – Виланд, аурысцәа – Сворог уҳәа ажәларқәа рацәаҩны. Аҧсуаа иаҳзааигәоу адыгаа рҟны акәзар, уи Тлепш иоуп, Аинар-жьи еипш Сасрыҟәа дызӡрыжәыз.

Уанка Џьапуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьопуа: ауаҩы аиха анцәырҵ нахыс Ажьира дамҵаныҳәоит

"Изыхҟьозеи, насгьы уасхырс иаҵоузеи Кавказ ажәларқәа зегьы рҟны аиҳа аҧсуаа рыҩныҵҟа аметаллургиеи, ажьиреи, аихаҧсыхәи ркульт аиқәхара? Машәырла иҟалаз акоума абри аҭагылазаашьа! Аҧсуаа ирыдыркылоз адунеитә динхаҵарақәа – ақьырсианреи аҧсылманреи изрылымшазеи абри анцәахә рыҵарӡра?", - ҳәа иқәиргилоит азҵаара аетногроф Иура Аргәын. Иҟалап иара иҵаулаӡоу архаикатә шьаҭақәа ракәзар еиқәзырхо ҳәа дазхәыцуан аҵарауаҩ. Иахьагьы ари азҵаараҿы узлацәажәаша азҵаарақәа имаҷымкәа иаартны иаанхоит.

Ажәала салагеит, зегь зымчу ажәала ихсыркәшар сҭахуп: "Шьашәы – Ахьаҳ Ду, абжьныха! Зҳәа неиуа, зуы ылҵуа! Шаҟа хәыӡи шылеи еилоу аҟара мши, насыҧи, гәабзиареи Шьашәы ишәиҭааит!".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0