Амреи Амзеи реиԥш еидажәлааит, ма ачара шчароу злаудыруа

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа чара
Аԥсуа чара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа чара традициала амҩаԥгашьа зеиԥшразеи? Иахьатәи аамҭа уахәаԥшуазар, зҽеиҭазкыз арбану? Абарҭ азҵаарақәеи егьырҭ аԥсуа чара аҷыдарақәаки дрыхцәажәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

"Ачара анчароу, ишчароу ицароуп, ишгәырӷьароу рдыруазароуп", - рҳәоит аԥсуаа. Аха агәырӷьарақәагьы зегьы еиԥшым, еиԥшым урҭ рымҩаԥгашьақәа.

Обручальные кольца - Sputnik Аҧсны
Ахкаршәра, агараҿаҟәара: аԥсуаа ржәытә ҭаацәараԥҵара иазку згәаҭақәак

Иахьатәи аԥсуа чареи даҽа гәырӷьараки (иаҳҳәап: аиааира амш аныҳәа, абираҟ амш уҳәа) злеиҩудыраауа аҭаца ҵкы заҵәык ала ауп. Егьыс, ахысроума, кәашароума, цәамаҭәала аилаҳәашьалоума, ирҳәо (ма иадырҳәо) ашәақәа роума, аихатәы уардынқәа ықәырхысаа, иркьыкьуа рнеишьалоума – зехьынџьара акоуп уажә ҳала иабо. Аха ишԥаҟаз уаанӡа? Абри ауп аԥсуа чара ҳәа ззуҳәо арбану?

"Ахы рхьыгӡареи" "Радедабжьи"

Хымҧада, ажәытәра узыргьежьуам: аҭаца лдәылгашьоума, лаагашьоума (аҽқәа ирықәтәаны), уи леихраҵашьа (лқәаб, лырхышьна, лыбҩамаҭәа, лцәарҭамаҭәа, лҽы-лкәадыр). Иахьа урҭ зегьы аԥсахит ҳаԥсҭазаара иаланагалаз аҿыцрақәа рыла.

Сангәлиаԥҳа: аргама аҭацаагараан иахьа агхақәа аныҟарҵо ыҟоуп>>

Уи акгьы аурымызт, маҭәарқәак ҽа маҭәарқәак рыла рҽырыԥсахит ҳәа, амаҭәарқәа рыԥшӡара ушрышьҭоу, агәыцә хаҭа уханамыршҭуазар…

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсуа ҭацаагара / Афестиваль "Аԥсны"
Амреи Амзеи реиԥш еидажәлааит, ма ачара шчароу злаудыруа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа ҭацаагара / Афестиваль "Аԥсны"

Ажәытә аҭаца дшааргоз злардыруаз ихадараз ҩ-қьабзк ыҟан: ахысреи аҭацаагарашәеи.

"Уаа-ҩажәаҩык рҟынӡа ҽыжәлон, инеимда-ааимдо "Аҭацаагарашәа" ҳәо, аҭаца дааргон. Сашьеиҳаб ԥҳәыс данааигоз, Ҷубырхьынџьынтәи дааигеит, уаҟагьы ачара ыҟан. Уаа-ҩажәаҩык ҳҽыжәын – хҩык аҳәса, жәибжьҩык аҷкәынцәа лыҧшаахқәа. Бедиантәи Ҷубырхьынџь ҳцеит ҽыла, Гал ҳалсны. Хҩы-хҩыла еидгылан ахацәа, аҳәса аԥхьа ҳнадыргылт. Гал ахаҟны ашәаҳәара иалагеит. Ашәа инеимда-ааимдо иҳәо ицон. Гал ҳахьалалаз ирылаҩит Џьынџьал Ахлоу иԥа Кәаҵиа Ҟалӷьы иԥҳа дигоит ҳәа. Абас еигәныҩит – абрахьгьы ихысит, арирахьҟагьы ихысит. Ахы рхьаҳагӡеит рҳәеит. Убас пату ақәын ари ажәытә. Абарҭ агәырӷьарахь ицоит ҳәа ирыххысаауан", - ҳәа еиҭалҳәон Буца Аџьынџьал-Кәаӷәаниа 1996 шықәсазы (аҵарауаҩ Валентин Кәаӷәаниа ианҵамҭақәа рахьтә).

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсуа чара / Афестиваль "Аԥсны"
Амреи Амзеи реиԥш еидажәлааит, ма ачара шчароу злаудыруа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чара / Афестиваль "Аԥсны"

Анҵамҭа ишунарбо ала, ахысрагьы иара аамҭа аман, аҭыԥгьы аман. Иахьеиԥш амҩан зегь аҟәҟәаҳәа ихысуа иқәмызт, иара ачара ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҩнуҵҟагьы, ҳәарада, уи аҩыза ҟарҵомызт. Актәи ахысра – аҭаца дахьдәылыргаз аҟынтәи ԥыҭк ианыласкьалак акәын (маӡала дыргозаргьы, аргама акәзаргьы – "агәырӷьара ргеит" аанарго. Ччархәс ишьҭухыртә иҟоуп иахьа аргама аҭаца данырго, дахьынтәирго ашҭа ианҭахысуа. Ус еиԥш рхаҿгьы ирзаагарымызт ҳабдуцәа, ҳандуцәа.).

Аԥсуа чара: атрадициақәеи иахьатәи аамҭеи реиҿыбаара>>

Аҩбатәи ахысра – ачара ахьыруа, аҭаца дызланагало аҭаацәа рыҩны ианазааигәахо ауп. Абри иахьӡын "Ахы рхьырыгӡеит". Иахьатәи ҳчарақәа ажәа "ирыххысааит" аасҭа "ирықәхысит" ауп ирнаало, раԥхьа игыланы ишхысуа ала. Хымԥада, амдырра акәхоит уи зыхҟьо, ақьабз аҵакы здыруа ауаҩы ус еиҧш ихы мҩаԥигарым.

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсуа ҭацаагара / Афестиваль "Аԥсны"
Амреи Амзеи реиԥш еидажәлааит, ма ачара шчароу злаудыруа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа ҭацаагара / Афестиваль "Аԥсны"

Ахысра анеиҩс, ихадароу ачара ақьабзқәа иреиуоуп аҭацаагарашәа. Иахьа ҳчарақәа рҿы ашәас иумаҳауа иҟоузеи, "Радеда" ада. Убри аан аԥсуаа рҭацаагарашәа "Радеда" ауп. Аҭаца дшааргозгьы злардыруаз - "Радедабжь" го ираҳауан. (Егьырҭ ашәақәа ачараҿы мацароума егьаџьара игап.) "Радедабжьы геит, аҭацаагацәа аауеит, абысҭа анҵара шәалага" рҳәон. Абасала, ачара анчароу, ишчароу ицароуп.

Ачарақәа зырԥшӡо амузыкантцәа Вианор Аибеи Кадыр Барцыци>>

Еиднагалаз рныҳәара

Ачараҿы саси ҧшәымеи анынатәалак, аԥхьа иршьыз ацә агәаҵәа аҵәы иахаҵаны аиҳабы инаидыркуеит – уи ачара зуа рыжәлантә аҟынтәи еиҳабык иоуп издыркуагьы. Иазгәаҭатәуп, агәи агәаҵәеи зларкуа арасатәы лаба егьырҭ аныҳәарақәа раан ирку еиҧшӡам. Аныҳәарақәа рҿы ирку х-цык амазар, ачараҿы ирку – ҩ-цык змоу ауп. Рыцҳароуп, иара абри азҵаара аҟынгьы ҳаамҭазы аилагарақәа убо иахьалагаз. Амдырра аасҭагьы, "зегь акоуми" ҳәа ахәаԥшра акәзар ҟалап еиҳагьы уи зыхҟьо.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа чара
Амреи Амзеи реиԥш еидажәлааит, ма ачара шчароу злаудыруа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чара

Агәаҵәа кны абырг данынагылак, амҵ ԥыруазар иуаҳаратәы аӡырыҩра ҟарҵон. "Агәаҵәа зку шәизыӡырҩы" ҳәа аӡәы ҿиҭуан, нас зегь ааӡырыҩуан. Абырг агәаҵәа данахныҳәалак, ивагылоу агьама дирбар ауп. Иныҳәаз мпахьшь бзиакгьы ҳамҭас ирҭон. Иныҳәаз ак иумыркыр, "ҵасым" ҳәа иԥхьаӡоуп, аныҳәара аритуалқәа зегьы рҟнеиԥш ачараҟны ианныҳәогьы. Ҳаамҭазтәи ачарақәа рҿы имҩаԥырго агәаҵәа ахныҳәара ажәытә иамаз асакралтә ҟазшьа аҵаны иубом (уи унарбоит аныҳәаҩ аҳамҭа ахьирымҭо ахьуԥылогьы), ԥҟарак аҳасабала ишьақәгылаз ак акәны иаауеит.

Аҿыхтыга, ма "арҳәацәара": аҭацаагара иацу акәамаҵама>>

Иалкааны иҳәатәуп иара убас, ашәаҳәареи акәашареи рыдагьы, ажәалагьы ачараҿы агәырӷьара шаадырԥшуаз. Ражәа гәамҵхамҵрак аламҵакәа, акы иалацәажәозаргьы, излацәажәоз гәырӷьа жәабжьын, лафын, ҵәыцала иныҳәогьы иныҳәашьа дацклаԥшны иаҳа еиӷьны зажәаҳәатә ҟазара аазырҧшуа далагәарҭон. Ажәагьы зегьы ирҿам ҳәа, ачара мҩаԥызго ҳәа зажәаҳәа бзиоу ауаҩы иоуп иалырхуа, иахьа иаҳа изыцклаҧшуа реиҳа зжәуа ҳәа ауп, аха ажәра аасҭа амҩаԥгаҩ изы ихадароу ажәа ииҳәо ауп.

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсуа чараҟны аныҳәара / Афестиваль "Аԥсны"
Амреи Амзеи реиԥш еидажәлааит, ма ачара шчароу злаудыруа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чараҟны аныҳәара / Афестиваль "Аԥсны"

"Амреи Амзеи реиԥш шәеидажәлааит"

Агәаҵәа зку данныҳәо абас еиҧш ажәақәа иҳәоит:

"Иахьа гәырӷьароуп, аԥсыуа гәырӷьароуп. Еизазгьы ари агәырӷьара иацныҟәо уаауп. Аҭаца иаанагаз дымшны, дыҵхны, лхылҵ-ԥылҵ рацәаны, Амреи Амзеи реиҧш еидажәло, абзиара рықәны, рхазыҳәан заҟа иаԥсоу аҟара ҩба ажәлар шәзыҳәан иаԥсаны Анцәа иҟаиҵаразы, Анцәа суҳәоит!..." (Валентин Кәаӷәаниа ианҵамҭақәа рахьтә.)

Логәуа: ажәытәан избахьаз аҭацаагара иадҳәалоу ақьабзқәа уамакала иԥшӡан>>

Досу иара иимпровизациатә ҟазара ацҵаны дныҳәоит, аха формулак аҳасабала ишьақәгылаз ачараҿы аныҳәара иатәу ажәақәа ыҟоуп. Урҭ иреиуоуп аԥсуаа рмифологиатә дунеихәаԥшышьаҟынтәи иаауа аформула "Амреи Амзеи реиԥш шәеидажәлааит". Уи амифтә шьаҭа ззымдыруа ихы аҟынгьы ицәырҵуеит ари ацәаҳәа еиднагалаз ирызку ныҳәаратә формуланы.

Ажәабжьқәа зегьы
0