Аԥсны афымцамч иахьатәи аамҭазы иақәу аидара хьанҭа еиҳарак изыхҟьо акриптовалиута аиуразы амаининг аус ахьауа ауп, убри аан ари аусхкы амҩаԥгаразы азин ыҟам 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа даҭааит Гәылрыԥшь араион, жәабран 26 рзы, хаҭала игәеиҭеит акриптофермақәа раарԥшреи раҿыхра аус шымҩаԥысуа.
Жәабранмзазы Аԥсны афымцамчхархәара 100 мегаваттк рыла еиҳахеит. Арҭ арбагақәа ааган Аминистрцәа реилазаара инарҭбаау аилатәараҿы.
Акриптовалиута амаининг Аԥсны иахьаҵанакуа азин ыҟам 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа.
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит афымцамч аганахьала аҳҭнықалақь аҿы аҭагылазаашьа аҽшеиҭанакыз атәы.
Аԥсны ахада Аекономика аминистр лнапы ианиҵеит азакәанԥҵара иазыԥхьагәанаҭо административтә нырраз ауснагӡатәқәа зхы иазырхәо аҳәынҭусбарҭақәа русураҿы реинырра еиҿылкаарц.
Аслан Бжьаниа Апарламент ахь инеишьҭыз акриптовалиута аиуразы изакәаным аусурақәа мҩаԥызго рҭакԥхықәра арӷәӷәаразы азакәанқәа рыпроектқәа ахҳәаа риҭеит азиндырыҩ Гиви Габниа арадио Sputnik аефир аҿы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы адҵа ҟаиҵеит амчыбжь нҵәаанӡа афымцамчхара ахархәара еиҵартәырц, уи азы араионқәа зегьы рҿы аштабқәа еиҿкаазарц амаининг фермақәа ахьыҟоу аарԥшрази раҿыхрази.
Аҟәа араион Аҩада Ешыра ақыҭа ахада Наҭбеи Хәарцкьиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит амаинингқәа рҿыхразы ақыҭаҿы имҩаԥгаз аусура атәы.
Иацы араионқәа зегьы рхадацәа Аԥсны ахада иҿаԥхьа афымцамч изакәанымкәа ахархәара ахылаԥшразы иаԥҵаз аоперштабқәа русура алҵшәақәа еихыршьалеит.
Иҳаҩсыз ахәаша ажьырныҳәа 22 рзы атәыла ахада араионқәа рҿы изакәанымкәа афымцалашара ахархәара аанкыларазы аоперативтә штабқәа аԥҵазарц адҵа ҟаиҵеит, уи азы алҵшәақәа ртәы мчыбжьык иалагӡаны иҟалароуп ҳәагьы реиҳәеит.
Аԥсны ахада Апарламент ахь инеишьҭит амаининг хархәагақәа рымхреи, закәаншьаҭада рхархәараз ашьаус аартреи рзы азакәан апроект. Иазыхиоума уи адкылара, аус ауны иҟалома, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит Жәлар реизара адепутат Илиа Гәниа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала Аԥсны араионқәа рҿы аоперативтә штабқәа аԥҵоуп афымцамчхара ахархәара аиҵатәразы.
Гәылрыԥшь араион аҟны инхо Адгәыр Гамгьиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны игәаанагара иҳәеит амаинингтә фермақәа рҿыхра ироуа афымцамч ахаҭабзиара ишаныԥшыз атәы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуеи аилацәажәара рыман закәаншьаҭада афымцамч ахархәареи, ареспубликаҿы амаинингтә фермақәа рзакәаншьаҭада русуреи рзы.
Аԥсны ахада инапынҵала ареспублика араионқәа рҿы иаԥҵоуп аштабқәа, дара русура азырхоуп афымцамчхара ахархәара аиҵатәра 2019 шықәсазтәи арбагақәа рҟынӡа, хә-процентк ацҵаны.
Хара имгақәа Апарламент ахь инашьҭхоит азакәанԥҵаратә ԥшьгамҭа: закәаншьаҭада мегаваттк афымцамч ахархәаразы миллионки бжаки ахараԥса ашәаразы.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ииасыз амчыбжь азы иналукаашаз ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа.
Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит амаинингқәа рҿыхразы ицо аусуреи, уи алҵшәа аманы иҟаларцаз иҟаҵатәуи ртәы иҳәеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы аилацәажәара мҩаԥигеит ареспубликаҿы иҟоу аенергетикатә кризис иазкны.
Атәыла ахада араионқәа реиҳабацәа дҵаны рҿаԥхьа иқәиргылеит мчыбжьык иалагӡаны афымцалашара ахархәара аларҟәразы иҟоу апроблема ӡбахарц.