Аԥсны Жәлар рпоет, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Рушьбеи Ҳазараҭ-иԥа Смыр диит жәабранмза 13, 1950 шықәсазы, Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан. Апоет даныхәыҷыз аахыс иблақәа ддыргәамҵуа иалагеит аҟнытә, аамҭак азы Одесса ақалақь аҟны Филатов ихьӡ зху ахәышәтәырҭаҿы иҽихәышәтәуан. Игәабзиара еиҳа ианеиӷьха, иҵареи ирҿиареи дырзыхынҳәит.
Рушьбеи Смыр акьыԥхь аҟны дцәырҵит 1965 шықәса инаркны. Апоет зааӡатәи иаԥҵамҭақәа агазеҭ "Бзыԥ" адаҟьақәа ирнылоит. 1973 шықәсазы иҭыҵуеит апоет раԥхьаӡатәи иажәеинраалақәа реизга "Аеҵәақәа рыкәашара". Ари аизга ала апоет данылоит хьӡи-ԥшеи згымыз ирҿиаратә мҩаду.
Рушьбеи Смыр есқьынагьы далагылан амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара. 1977-1979, 1989 ашықәсқәа рзы Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа раан аԥсуа милаҭ ринтересқәа ахьчаразы игылаз дреиуан. 1989 шықәсазы еиҿкааз афорум "Аидгылара" Гәдоуҭатәи аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан.
Рушьбеи Смыр ипоезиа зегьы тема хаданы иамоуп иԥсадгьыл азхәыцра, ижәлар рдоуҳатә беиара абзиабара. Иара иажәеинраалақәа рҟны хыԥхьаӡара рацәала иуԥылоит аепитетқәа, аметафорақәа, аиҿырԥшрақәа, асимволизм.
Апоет иажәеинраалақәа еидызкыло аизгақәа 16 ҭыҵхьеит. Урҭ иреиуоуп: "Аеҵәақәа рыкәашара" (1973), "Ашьанҵа" (1976), "Ахҿа" (1979), "Сышьхақәа" (1981), "Ашыцқәа рашәа" (1985), "Акәукәуқәа еиқәҿырҭуеит" (1988), "Сҽыласқәа" (1990), "Рада гәышьа" (1994), "Аҳаҳаира" (1998), "Рарира" (2003), "Абжьы" (2005), "Слабашьа" (2008), ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа реизгақәа: "Арҵу" (2000), "Аҵыс иаҵәа" (2011). Иара убас, иҭыҵхьеит х-томкны иҟоу "Иалкаау иҩымҭақәа" реизга (2010, 2011, 2013).
Рушьбеи Смыр иархив аҟынтәи афотосахьақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра>>
XIX ашәышықәсазы Кавказ имҩаԥысуаз, аублаа жәлар рықәӡаара аазгаз атрагедиатә хҭысқәа ирызку Рушьбеи Смыр иҭоурыхтә поема "Семра" 2016 шықәсазы иҭыжьын.
Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр 2004 шықәсазы ихҵан Адыга ареспублика Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара.
Рушьбеи Смыр Sputnik Аԥсны 2014 шықәсазы иеиҭаз аинтервиу шәаԥхьар ҟалоит абра>>