ЕАШ, Британиа, Франциа Шьамтәыла аганахь ала арезолиуциа нарышьҭит ООН АХ ахь

© МИД России / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГлава МИД РФ С.Лавров принял участие в министерских дебатах в СБ ООН
Глава МИД РФ С.Лавров принял участие в министерских дебатах в СБ ООН - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ООН Ашәарҭадаратә Хеилак Шьамтәыла иаҿагылан агрессиа амҩаԥгара аанкылараз Урыстәыла ирыднагалаз арезолиуциа аднамкылеит, иахәҭаны иҟаз абжьы ахьамоуз иахҟьаны. Абри арезолиуциаҿы Урыстәыла адҵа ҟанаҵон Арабтә республика аганахь ала агрессиа аанкылахарц азы.

АҞӘА, мшаԥы 16 — Sputnik. ЕАШ (США), Британиа, Франциа Шьамтәыла аганахь ала арезолиуциа нарышьҭит ООН АХ ахь, Шьамтәыла ахимиатә бџьар ахархәара аҭҵаара мҩаԥгахарц азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аҭыжьымҭа Liberation адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Дым над Восточной Гутой, Сирия - Sputnik Аҧсны
Лондон шьамтәылатәи акризис аҭышәныртәалашьа иалацәажәеит

Атәылақәа рыхԥа рпроект ҿыц ааԥхьара ҟанаҵоит ихьыԥшым аҭҵаарақәа рымҩаԥгара алыршахарц азы.

Уи адагьы адокумент аҟны иҳәоуп Арабтә республикаҿы аибашьра аанкыларазы арезолиуциа 2401 ахархәара аиурци, аофициалтә Дамаск аиҿцәажәарақәа ирылахәхарци.

ЕАШ (США), Британиа, Франциа асабша ашьыжь аракетақәа рыла Шьамтәыла аиҳабыратә хыбрақәа иреихсит. Асааҭ 3.42 инаркны асааҭ 5.10 рҟынӡа Шьамтәыла иалажьын 100 инарзынаԥшуа ракета.

Урыстәыла арратә мчрақәа аҭагылазаашьа рхы аларымгалеит. Урыстәыла Ахада Владимир Путин ахҭыс исуверентәу аҳәынҭқарра агрессиа азҭо хҭысуп ҳәа азиҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0