Таиланд ахәыҷқәа еиқәзырхоз адраивер дҭахеит

© AP Photo Sakchai LalitПещера Тхам Луанг в провинции Чиангмай, Таиланд. 4 июля 2018 года
Пещера Тхам Луанг в провинции Чиангмай, Таиланд. 4 июля 2018 года - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы ақәыԥшцәа ркоманда алахәылацәеи урҭ разыҟаҵаҩи рашәара 23 рзы рышьҭамҭа ыӡит Таиланд. Дара 7 километрак иҟоу аҳаԥы Тхам Луанг ианҭала ашьҭахь иаалырҟьан аӡы халеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 6— Sputnik. Аҳаԥы иҭахаз реиқәырхараз хатәгәаԥхарала инеиз, уаанӡатәи амшынррамаҵзуҩ Тхам Луанг аҳаԥы данҭыҵуаз дҭахеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости. Аҟәша акапитан Апхакон Иунгкео иажәақәа шьаҭас иганы.

МЧС России. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла АҶА Таиландҟа цхыраара инеиуеит

"Иҭахаз адраивер амшын аҟны аррамаҵзура дахысуан. Аоперациа хатәгәаԥхарала далахәын. Иара иакваланг аҟны аҳауазымхара иахҟьаны дҭахеит", — иҳәеит иара.

Апхакон Иунгкео иазгәеиҭеит аоперациа ԥхьаҟагьы ишацҵахо, ахәыҷқәа реиқәырхаразы иалшо зегь шыҟаҵахо.

12-ҩык ашколхәыҷқәа 10-мш рыҩныҵҟа Аԥшаара-еиқәырхаратә операциа алахәылацәа рыԥшаара иаҿын. Аҵыхәтәаны дара ахьыҟаз шьақәыргылан.

Урҭ хыхьҟа рхагаларазы аоперациа иалагараны иҟоуп. Аԥхьа ихаргалоит зҭагылазаашьа хә-километрак амҩа анысра алзыршо ахәыҷқәа. Урҭ ӡыла иҭәыз аҳаԥы рхала иҭыҵыр егьырҭгьы харгалоит.

Ашьапылампыл азы ақәыԥшцәа ркоманда алахәылацәеи урҭ разыҟаҵаҩи рашәара 23 рзы рышьҭамҭа ыӡит Таиланд. Дара 7 километрак иҟоу аҳаԥы Тхам Луанг ианҭала ашьҭахь иаалырҟьан аӡы халеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0