Ердоган: ҳара иҟаҳҵаша ҳаҳәара аҭахӡам

© REUTERS / Yasin Bulbul/Presidential Palace Президент Турции Реджеп Тайип Эрдоган
Президент Турции Реджеп Тайип Эрдоган - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Европеи Евразиеи русқәа рзы ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ Уесс Митчелл игәаанагарала урыстәылатәи акомплексқәа С-400 раахәара Вашингтони Анкареи рыбжьара аибарххара арҿиоит.

АҞӘА, цәыббра 3— Sputnik. Анкара аӡәгьы иазҵаара агәы иҭаӡам, азенит-ракетатә комплекс С-400 аахәаразы иҳәеит Ҭырқәтәыла Ахада Таип Ердоган Бишкек имҩаԥысуаз абизнес-форум аҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Анкара аӡәгьы иазҵаара агәы иҭаӡам, азенит-ракетатә комплекс С-400 аахәаразы. Урыстәылеи ҳареи аилаӡара ҳабжьаҳҵеит. Зегь ӡбоуп", — ҳәа Ердоган иажәақәа аанагоит аҭыжьымҭа Milliyet.

Анкара С-400 ахьаанахәо инадҳәаланы ЕАШ аконгресс иааннакылеит Ҭырқәтәылаҟа F-35 анашьҭра. Пентагон уи ахылҿиаақәа ҭнаҵаауеит.

Пентагон ахада Джим Меттис F-35 аҭира аанкылара дақәшаҳаҭым.

С-400 "Триумф" — иҿыцӡоу зенит-ракетатә системоуп.

Европеи Евразиеи русқәа рзы ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ Уесс Митчелл игәаанагарала урыстәылатәи акомплексқәа С-400 раахәара Вашингтони Анкареи рыбжьара аибарххара арҿиоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0