Аси аӡмахқәеи ирылсуа аныҟәага аԥҵоуп

© Foto / Курганмашзаводаси аӡмахқәеи ирылсуа аныҟәага ТМ-140
аси аӡмахқәеи ирылсуа аныҟәага ТМ-140 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Курганмашзавод" аусзуҩцәа урыстәылатәи арратә мчрақәа рзы иаԥырҵеит аси аӡмахқәеи ирылсуа аныҟәага.

АҞӘА, нанҳәа 13 – Sputnik. Аҳәынҭкорпорациа Ростех иалахәу "Курганмашзавод" аҟазауаа иаԥырҵеит аси аӡмахқәеи ирылсуа аныҟәага амодификациа ҿыц. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, аҳәыҭкорпорациа аиндустриалтә директор Сергеи Абрамов иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Арныҟәага ТМ-140 "Курганмашзавод" иҭнажьуеит. Иара амашьына еиуеиԥшым амодульқәеи атехникатә хархәагақәеи рақәыргылара алнаршоит. Уажәы аус адулара иаҿуп апулемиот зықәдыргылаша амодуль. Иара арратә мчрақәа рҿы ахархәара аиулоит", - иҳәеит Абрамов.

"Курганмашзавод" иаҭыжьымҭоуп иара убасгьы акәылӡтәы транспортиор БТ-3Ф; атанк лас БМП-3 иақәгыло; атанк иаҿагыло ахаланыҟәага бзарбзан "Спрут-СДМ1".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0