Асоциалтә ҳа ахархәаҩ украинатәи алаинер акаҳара ҭихит

© AFP 2023 / ISNA / Rouhollah VahdatiСпасатели на месте крушения самолета в Иране
Спасатели на месте крушения самолета в Иране - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 8 рзы икажьыз украинатәи аҳаирплан иҭаз 176-ҩык зегь ҭахеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. Агазеҭ New York Times иакьыԥхьит авидео, уаҟа ажурналистцәа ишырҳәо ала иарбоуп ирантәи аракета украинатәи Boeing 737-800 ишақәшәоз.

Акадрқәа рҿы иубарҭоуп аҳаирплан иақәкны ҩ-ракетак шоушьҭыз, аԥхьа акы, нас – аҩбатәи.

Агазеҭ иазгәанаҭеит авидео YouTube аҿы ажьырныҳәа 14 руха ишцәыригаз ирантәи асоциалтә ҳақәа рхархәаҩ.

Киевҟа ацаразы Тегеран ишьҭыԥрааз "Международные авиалиний Украины" иатәыз аҳаирплан ажьырныҳәа ааба рзы икажьын. Аҳаирплан иҭан 167-ҩык апассаџьырцәа: Иран, Украина, Канада, Германиа, Швециа, Афганистан ртәылауаа.

Ажьырныҳәа 11 рзы ирантәи аруаа ахҭыс рхахьы иргеит, аҳаирплан машәырны икаҳажьит ҳәа рҳәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0