Китаи акоронавирус иахҟьаны рыԥсҭазаара иалҵхьеит 425-ҩык

Анапаҵаҩра
Китаитәи Жәлар рреспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала коронавирус иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара еиҳа еиҵоуп атипичнаиа пневмониа ҳәа изышьҭаз ачымазареи (SARS) алихорадка Еболеи ирыхҟьаны иҭахаз раасҭа ҳәа адырра ҟанаҵеит.

АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Китаи ачымазараҿкы рымоуп 20438-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 425-ҩык, ахәышәтәырҭаҟынтәи илырҩаахьеит 328-ҩык. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

ВОЗ акоронавирус адунеи азы иҭагылазаашьа шәарҭоуп ҳәа ахырҳәааит - Sputnik Аҧсны
ВОЗ акоронавирус адунеи азы иҭагылазаашьа шәарҭоуп ҳәа ахырҳәааит

Китаитәи Жәлар рреспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Хуа Чуньин иажәақәа рыла коронавирус иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара еиҳа еиҵоуп атипичнаиа пневмониа ҳәа изышьҭаз ачымазареи (SARS) алихорадка Еболеи ирыхҟьаны иҭахаз раасҭа. Ачымазара змоу рҟынтәи зыԥсҭазаара иалҵыз рхыԥхьаӡара 2,1% ауп ишьақәнаргыло иҳәеит иара.

Урыстәыла аиҳабыра коронавирус 2019-nCoV ишәарҭоу чмазароуп ҳәа рыланаҳәеит.

Авирус цәырҵит апровинциа Хубеи ақалақь Ухань аҟны ԥхынҷкәын анҵәамҭазы. Иара зырҿио акоронавирус хкҿыц - 2019-nCoV ауп. Китаи анҭыҵ авирус азгәаҭоуп: Гонконг, Макао, Таивань, Таиланд, Иапониа, Аладатәи Кореиа, ЕАА, Канада, Вьетнам, Сингапур, Непал, Франциа, Австралиа, Малаизиа, Германиа, Финлиандиа.

Аҭагылазаашьа зегь раасҭа иуадаҩуп Китаи.

Борьба с новым коронавирусом в Китае - Sputnik Аҧсны
Акоронавирус уаҩы ишимбац еиԥш Китаи ауааԥсыра ирылаҵәоит

Китаи акоронавирус ацәырҵреи алаҵәареи дунеитә рыцҳароуп иҳәеит Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) адиректор хада Тедрос Адханом Гебреиесус. Убри аан иара иазгәеиҭеит авирус аанкылара рылшап ҳәа агәаанагара шрымоу.

Акоронавирус Китаи ацәырҵра иахҟьаны Урыстәыла ажьырныҳәа 30 инаркны КЖәР атәылауаа рвизақәа рыдкылара иаҟәыҵит.

Адәныҟаполитикатә усбарҭа атәылауаа ирабжьнагеит Китаиҟа ацара рҽацәхьаркырц. Уи адагьы атәыла аиҳабыра ирыӡбеит Мрагылара Хараҟны аҳәаа аркра. Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин.

Иара ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова лнапы ианиҵеит есыҽны ауаа иҟоу аҭагылазаашьази авирус аҽацәыхьчашьази адырра рылҭаларц.

Ажьырныҳәа 30 рзы Китаи иаанымхеит провинциак авирус ахы ахьцәырнамгаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0