АҞӘА, жьҭ 19 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Адәныҟатәи анаԥшыҩцәа аԥсуа-аурыс еиқәшаҳаҭра аинтерес ркит, амала уи аиқәшаҳаҭра ишазыҟоу еиуеиԥшым, еиҳарак ганк ауп изызхьаԥшуа, убри азы ихәарҭан европатәи аудиториа иақәнаго аиаша рызнагара, иҳәеит Аԥсны ахадара Аексперттә усбарҭа ахантәаҩы Иракли Хынҭәба Бриуссель аконференциа иалахәыз.
Аконференциа хықәкы хадас иамаз европатәи аекспертцәеи аофициалтә хаҿқәеи рҟынӡа ииашоу аинформациа анагара акәын.
"Аиқәшаҳаҭра аус аҟны Аԥсны аҭакзыԥхықәу хәмарҩык аҳасаб ала ишықәгылоу, уи аиқәшаҳаҭра Аԥсни Урыстәылеи ринтересҽқәа шаадырԥшо, Аԥсны асуверенитет аркьаҿрахь ахы шхам, изызку ҳҳәынҭқарра арҿыцреи, арҿиареи шракәу атәы дсырбар сҭахын", – иҳәеит Хынҭәба.
Адипломат игәаанагарала, европатәи аилазаараҿ иҟоу Аԥсны иадҳәалоу амифқәеи, имцу астереотипқәа раԥыхра азы аусура ацҵара аҭахуп.
"Ҳара ҳамшәалароуп еиуеиԥшым аудиториақәа рҟны ҳгәаанагара, ҳара ҳиаша аҳәара. Ҳара иҳамҳәар ҳара ҳзы ирҳәалоит", – иҳәеит Хынҭәба.
Бриуссель ажьырныҳәа 16 рзы имҩаԥысыз аексперттә конференциа еиҿыркааит жәларбжьаратәи иҳәынҭқарратәым ахеилак International Alert. Британиатәи иҳәынҭқарратәым ахеилак еицырдыруа азинхьчаҩ Мартин Инолсом еиҿкааит 1989 шықәсазы, кавказтәи арегион апроблемақәа рыӡбара рнапы алакуп.