АҞӘА, ажь 30 — Sputnik, Анжелика Бениа. Ҩ-ныхак Гьаргь Ацқьеи, архангелцәеи, аҳцәа рыжәла Дадиани ахаҭарнакцәа руаӡәи зну аныхақәа ааигәа Москва зҽызшьыз Иван Дадиани Аԥсны иазаанижьит, ирлас иаагазаауеит, абри атәы Аԥсны акультуреи атоурых-культуратә ҭынха ахьчареи аминистр ихаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.
Аԥсны акультура аминистр иажәақәа рыла Шервашиӡе Аԥсны иазынижьыз аныхақәа қырҭшәала аҩыра рнуп, убри иахҟьаны ақырҭцәа дара руахәамахь иаҵанакуеит ҳәа ирыԥхьаӡоит.
"Аныхақәа қәырҭшәала аҩырақәа рнуп, уи аӡәгьы мап ацәикӡом, аха уи иаанагаӡом дара Қырҭтәыла иатәуп ҳәа. Иҟалап, аамҭа цацыԥхьаӡа, уи азҵаара аимак-аиҿак ахылҿиааларгьы. Иахьа ишәасҳәо убри ауп, арҭ аныхақәа изаҵәыку, қырҭшәала аҩыра зну, аха Аԥсны иаҵанакуа ныхақәоуп. Ирацәаны Пицундатәи амозаика, Бедиатәи ахҿа уҳәа иԥшьоу ҳмал, закәанла Аԥсны иатәыцҟьоу, макьана иҳазмырхынҳәӡацт", – инаҵшьны иазгәеиҭеит Кобахьиа.
Иара иажәақәа рыла, зыӡбахә аагоу ауахәама аԥсуа уасҭа инапы иҟанаҵа,з Аԥсны азы иҿыцым асиужет зну ачекантә усумҭоуп. Инықәырԥшшәа иуҳәозар, XVI—XIX ашәышықәсқәа рахь иаҵанакуеит. Иаҳа ииашаны аекспертиза ашьҭахь ауп ианеилкаахо.
"Аныхақәа усҟак ижәытәӡамзаргьы ҟалап, аха ҳара ҳзы аинтерес рыҵоуп. Аԥсны азы урҭ аныхақәа хәы змам ҳамҭоуп. Хара имгакәа инҭкааны иарбан шықәсқәоу иахьрыҵанакуа, ианбагаз Аԥснынтәи, изгаз уҳәа атәы зҳәо аинформациа ҳамазаауеит, аха уи азы аныхақәа ара иҟазароуп", – иҳәеит Кобахьиа.
Аԥсны ауахәама иахылаԥшуа аиереи Виссарион Аԥлиа иажәақәа рыла, Аԥсны аибашьра аламҭалаз ирацәаны арҳәрақәа ыҟан, аҳәынҭқарратә музеи блын, ауаухәаматә маҭәахәқәа рацәаны иӷьычын.
"Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы аныхақәа рацәаны иӷьычын, аԥсышәала иҟоу Аевангелиагьы уахь иналаҵаны. Иахьазы иарбан ныхақәоу иӷьычу рахь иԥхьаӡоу, урҭ ахьыҟоу идырны иҳамаӡам", – иҳәеит Алиа.
Баҭал Кобахьиа иажәақәа рыла, Аԥсны акультура аминистрра Аҳәынҭқарра музеи аҟны, аныхақәа ацәыӡқәа рсиа ианума ҳәа иазҵаахьан.
"Аныхақәа Аҳәынҭқарратә музеи аҟны иалгоу амаҭәахәқәа рсиа ианӡам. Уи ала алкаа ҟаҳҵар ҳалшоит, аибашьра аԥхьа Елыр ауахәама аҟны иҟан ҳәа", – игәаанагара иҳәеит Батал Кобахьиа.
Иахьатәи аамҭазы, аныхақәа Аԥсныҟа рырхынҳәра апроцесс иацхыраауа ақьаадқәа реиқәыршәара иаҿуп.
Ажәытә ныхақәа ааигәа Москва зҽызшьыз Иван Шервашиӡе имаҭәақәа ишрылаз ирԥшааит. Урҭ ирыцын ақьаад, уаҟа ианын акырзхыҵуа аныхақәа аибашьра аламҭалазы ишӷьычыз. Урҭ аныхақәа Шервашиӡе Аҟәатәи амузеи ахь аҭара гәҭакыс иман, аха игәахәтәы изынамыгӡеит.