АҞӘА, хәжәк 3 – Sputnik. Асабшаҽны иршьыз аоппозиционер Борис Немцов аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара ацеремониа иалагеит Москва ақалақь агәҭаны Сахаровтәи ацентр аҟны. Уи анынҵәалак ашьҭахь аполитик анышә дамардоит Троекуровтәи анышәынҭраҿы.
Немцов аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагаразы иааит уи иҭынхацәеи, иҩызцәеи, идгылаҩцәеи.
Арахь иааит Урыстәыла аԥза-министр ихаҭыԥуаҩ Аркади Дворкович, уи аҭоубыҭ ахьықәгылаз азал ахь дыҩналан аԥсы аҳалал ииҭеит. Уахь инарышьҭуа иааигәоу ауаа ажурналистцәеи роуп.
Ацеремониа даҭааит Урыстәыла аԥыза-министр ипресс-маӡаныҟәгаҩ Наталиа Тимакова, "Эхо Москвы" аредактор хада Алексеи Венедиктов, РПР-Парнас алахәыла Илиа Иашин.