Апроект "Аиааира ду ҳзаазгаз" апрезентациа мҩаԥысит

© Sputnik Томас ТхайцукПрезентация проекта "Лица Победы".
Презентация проекта Лица Победы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа инаркны иалагоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәыз Аԥснытәи аветеранцәа зну абаннерқәа рышьақәыргылара.

АҞӘА, мшԥ 23 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥшьашаҽны асасааирҭа "Атриум Викториа" аконференц-зал аҟны имҩаԥысит апроект "Аиааира ду ҳзаазгаз" аиҿкааҩцәа рыпресс-конференциа.

Амультимедиатә хаб Sputnik Аԥсны аиҳабы Инал Лазба иажәақәа рыла, апроект "Аиааира ду ҳзаазгаз" аԥшьган, иагьынаӡан амаҵзура аресурсқәа рыла.

"Ишнеиуаз апроект авируалтә ҳәаақәа ирҭысит. Иахьа инаркны Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо амҩадуқәа рҟны ицәырҵуеит аветеранцәа рхаҿсахьақәа зну абаннерқәа", — иҳәеит Лазба.

Амультимедиатә хаб Sputnik Аԥсны аиҳабы Инал Лазба иазгәеиҭеит, апроект "Аиааира ду ҳзаазгаз" абиԥарақәа реимадареи, афашизм иаиааиз ажәларқәа реидгылареи рзы аҵак шдуу

Проект Лица победы - Sputnik Аҧсны
Апроект "Аиааира Ду ҳзаазгаз" Аԥсны амҩадуқәа рахь ицәырҵуеит

"Апроект "Аиааира ду ҳзаазгаз'' Sputnik аусзуҩцәа аус адулара иаҿын март акы инаркны иахьанӡа, уи еиднакылоит 52 мшы еиҧмырҟьаӡакәа аусура. Арҭ амшқәа ирылагӡаны Sputnik ажурналстцәа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветранцәа 80-ҩык ирԥылеит, ирыҿцәажәеит. Еизыргеит террабаитк афото, авидео-материалқәа, аветранцәа рыбжьы анырҵеит, иҭарҩит. Ари зегьы аизгареи аиқәыршәареи иақәырӡхаз аамҭа еидкыланы иуԥхьаӡар, 320 сааҭ ҟалоит. Иҳауз аматериалқә ҳаҧхьаҟа арадио ахь иҳашьҭырц ҳгәы иҭоуп. Аҧсны аветеранцәа реиҳараҩык ақалақь иацәыхараны инхоит, урҭ рҭаара мацара 6000 км Аҧсны қыҭацыҧхьаӡа ҳакәнаршеит. Ари апроект ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит, уи иалахәу зегьы ҳгәы рыладууп," — иҳәеит Лазба.

Апроект аус адулара активла иалахәын Адипломат ҿарацәа рхеилак. Ахеилак ахантәаҩы Амина Лазԥҳа лажәақәа рыла, иарбан жәларызаалак уаҵәтәи амш азы рԥеиԥш лашахарцаз изхысхьоу рҭоурых ииашаны аилкаашьа рымазароуп.

"Абри апроект иабзоураны адипломат ҿарацәа алшара рыман аветеранцәа рҭоурыхқәа дара рхаҭақәа ишеиҭарҳәо абара-аҳара. Уи шьҭа изҭаху зегьы ишәылшоит. Адипломат ҿарацәа абри еиԥш апроектқәа иахьрылахәу иабзоураны, ҳаԥхьаҟа урҭ афашисттә идеиақәа рыларҵәара алдыршаӡом. Ҳабдуцәа рфырхаҵара – ҿырԥшы бзиоуп, урҭ ргәымшәара ҳхаҿы иааганы Аԥсны амилаҭтә интересқәа рыхьчараҿы шьаҿакгьы ҳхьамҵыртә ҳҟалоит", — лҳәеит Амина Лазԥҳа лықәгылараҿы.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы Аиааира 70 шықса ахыҵра иазку апроект "Аиааира ду ҳзаазгаз" хацыркын хәажәкыра 30 рзы. Уи иалахәуп Аԥсны иқәынхо 80-ҩык аветеранцәа инареиҳаны. Апроект аиҿкааҩцәас иҟоуп аинформациатә маҵзура Sputnik, иара убас Адипломат ҿарацәа рхеилак, Аԥсны ахада иусбарҭа афинанстә цхыраареи, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адгыларарлеи, аилахәыра Аҟәафонии аинформациатә цхырааралеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0