Агәыҳалалратә концертқәа Аԥсны имҩаԥгазаауеит

© Sputnik Томас ТхайцукАфиша
Афиша - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны амузыкантцәеи, зхы иамыхәо ахәыҷқәа рзы ацхырааратә фонд "Вереск " еицхырааны Аԥсны еиҿыркаауеит агәыҳалалратә концертқәа рсериа "Агәыҳалалратә нотақәа", аконцерт иаанаго аԥарақәа зегьы ахәыҷтәы баҳчахәыҷқәа реиҿкаара иахҭынҵазаауеит.

АҞӘА, рашә 22 – Sputnik, Анжелика Бениа. Аҟәеи Пицундеи рашәара 23 инаркны 26-нӡа имҩаԥгазаауеит агәыҳалалратә концертқәа, абри атәы агәыҳалалратә фонд "Вереск" аиҳабы Викториа Думаа Sputnik акорреспондент иалҳәеит.

Агәыҳаларатә концертқәа афонд "Вереск" апроект иацхыраагӡахоит,  иаанаго аԥарақәа зегьы ахәыҷтәы баҳча ҷыда иахҭынҵазаауеит.

Думаа иаҳзеиҭалҳәеит апроект "Ахәыҷтәы баҳча" аиҿкаара аидеиа.

"Ҳазҭагылоу аамҭазы аинклиузивтә знеишьа аҽаԥсахиит. Зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа ашколқәа рзеиԥштә ҵараиуреи, ахәыҷбаҳчақәеи рахь егьырҭ ахәыҷқәа реиԥш иадырԥхьало иалагеит. Ҳҳәынҭқарраҟны ишаҭаху афизикатә ҿиара змауа ахәыҷқәа рацәаҩуп. Иҟалап уи зыхҟьаз 1992-93 ашықәсқәа рзы иаҳхаҳгаз аибашьра акәзаргьы. Урҭ ахәыҷқәа ацхыраара рҭахуп", – лҳәеит Думаа.

Лара лажәақәа рыла апроект "Ахәыҷтәы баҳчақәа" абзоурала Аԥсны ахәыҷқәа зегьы ирымазаауеит еиҟароу алшарақәа. Урҭ аҭыԥқәа рыбзоурала зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа ишаҭаху изҳалоит.

"Ахәыҷтәы баҳча ҷыда" – агәыҳалалратә фонд  "Вереск" апроектқәа ируакуп. Уи апроект ахәыҷқәа зегьы ирынаҭоит алшара аицыхәмарра, ауаажәлар агәҭан азҳара, зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа ишымчыдам арбара", – иазгәалҭеит Думаа.

Думаа иаалыцҳаит лаҵара 3 Америка ишымаҩԥгаз ас еиԥш иҟоу агәыҳалалратә концерт, иара мҩаԥылгеит амузыкант Ольга Дашевскаиа. Америка имҩаԥгаз аконцерт аԥарақәа иаанагаз маҷзаргьы ахәыҷқәа рыпроект иацхыраагӡахеит. Агәыҳалалратә концертқәа аиҿкааҩцәа руак Ольга Дашевскаиа аҳәынҭқарратә филармониа аҟны рашәара 23 имҩаԥысраны иҟоу аконцерт  апрограмма ҳлырдырит. 

"Уаҵәы афилармониа асценаҟны ҩыџьа-ҩыџьа ҳахәмарлоит. Уи сазхәыцны иҟасҵеит. Избанзар ҩыџьа аус анеицыруа, рхәыцрақәа, рбаҩхатәра анеицыло иалҵоит ассир",  – лҳәеит Дашевскаиа.

Рашәара 23 Рожден Гәымба ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә филармониа асценаҟны Гендель, Моцарт, Бетховен уҳәа егьырҭ амузыкантцәа  раԥҵамҭақәа идырхәмаруеит, аконцерт асааҭ 18:00 рзы иалагоит.

© Фото : БФ "Вереск " Ахәыҷтәы баҳча ҷыдақәа рмакет
1/2
Ахәыҷтәы баҳча ҷыдақәа рмакет
© Фото : БФ "Вереск " Ахәыҷтәы баҳча ҷыдақәа рмакет
2/2
Ахәыҷтәы баҳча ҷыдақәа рмакет
1/2
Ахәыҷтәы баҳча ҷыдақәа рмакет
2/2
Ахәыҷтәы баҳча ҷыдақәа рмакет

Ажәабжьқәа зегьы
0