12-тәи жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль хыркәшахеит

© flickr.comШахматы доска.
Шахматы доска. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 22 рзы Гагра ихыркәшахеит 12-тәи жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль "Абхазиа OPEN – 2015".

АҞӘА, нанҳәа 23 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Нанҳәа 22 рзы ихыркәшахеит 12-тәи жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль "Абхазиа OPEN – 2015" атурнирқәа рсериа иалаз жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль "Гагра OPEN".

Аицлабра иалахәын Аԥсны адагьы Урыстәыла арегионқәа рҟынтәи ашахматистцәа. Аиааиразы еиндаҭлон 70–ҩык аспортсменцәа. Атурнир аԥхьахәтә фонд иартәон 100 нызқь мааҭ.

"Иҭабуп, Аԥсны имҩаԥаагаз амш ссирқәа рзы. Зегьы иаҳгәаԥхеит атәылагьы, атурнир аиҿкаашьагьы" — иҳәеит афестиваль алахәыла.

Адуцәа рыбжьара аиааира игеит Роман Алькаев (Пенза), аҩбатәи аҭыԥ — Арсени Алавкин (Толиатти), ахԥатәи аҭыԥ Алексеи Смирнов (Ижевск). Ахәыҷқәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Краснодартәи Никита Севериухин, аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Москватәи Леонид Дмитриев, ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Кирилл Габдракипов (Королев).

Аиндаҭларақәа мҩаԥысуан Гагра араион Ахадара адгыларала.

Ажәабжьқәа зегьы
0