Акинотеатр "ВОЛНА" аҟны имҩаԥысит "Адунеитә кино аҵх"

© Sputnik Томас ТхайцукАкция "Ночь мирового кино". Фото с места события.
Акция Ночь мирового кино. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астратегиатә сессиа "Аԥсны акультура: актуалртәреи аиқәырхареи" аҳәаақәа ирҭагӡаны цәыббра 9 рзы имҩаԥысит акциа "Адунеитә кино аҵх".

АҞӘА, цәыббра 10 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Астратегиатә сессиа "Аԥсны акультура: актуалыртәреи аиқәырхареи" аҳәаақәа ирҭагӡаны цәыббра 9 рзы акультуратә ҭыԥ "ВОЛНА" аҟны имҩаԥысит "Адунеитә кино аҵх" акциа.

Астратегиатә сессиа аицеиҿкааҩ, аексперт Светлана Калашникова еизаз идлырдырит асессиа аусура атәы, илҳәеит агәрагара шлымоу аусеицура алҵшәа бзиақәа аԥеиԥшхап ҳәа.

"Ҳара ҳақәгәыӷуеит ҩымш рыҩныҵҟа ииз аидеақәа аларҵәара роуп ҳәа, ҳусура алҵшәақәагьы иаарласны ижәбап ҳәа", — лҳәеит Калашникова.

Апрограмма хацыркын 2015 шықәса цәыббра 9, асааҭ 19:00 рзы аҳәынҭқарратәи, ауаажәларратәи, ахазхатәи ҭыԥқәа 6 рҟны. Идырбан адунеитә зхаҵара зауз 4 инадыркны 6 рҟынӡа фильм.

Астратегиатә сессиа аусура хыркәшахеит

Акультуратә ҭыԥ "ВОЛНА" аиҿкааҩ Наста Агрба лгәаанагарақәа ҳацеиҩылшоит.

"Ҳара ҳаигәырӷьан иҳадаҳкылеит ари акциа. Ҳара даара иаҳҭахын зметраж кьаҿу аԥсуа режиссиорцәа рфильмқәа реиԥш аурыс режиссиорцәа рфильмқәагьы дырбара", — лҳәеит лара.

Акультуратә ҭыԥ "ВОЛНА" аҟны ахәаԥшыҩцәа идырбан зметраж кьаҿу Игор Сальникови, Ҭимур Ҭаниеи, Ҭимур Кәакәасқьыри рфильмқәа (Владимир Хотиненко иҟазарҭа); Амра Начҟьебиаԥҳа лфильм (Алексеи Учитель иҟазарҭа); аҟаза Џьаник Фазиев иусумҭақәа ҩба иара убасгьы аԥсуа режиссиор Илона Хәарцкьиаԥҳа лусумҭа "Зафар".

Идырбаз афильмқәа руак автор, ВГИК арежиссиортә факультет аушьҭымҭа Амра Начҟьабиаԥҳа лажәақәа рыла асеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа арежиссиорцәа ҿарацәа ирыцхраауеит.

Амра Начҟьебиаԥҳа Ельбрус ахыцәқәа ихалаз раԥхьатәи аԥсыуа ԥҳәызбоуп

"Ҳара ҳкиногьы адунеитә кино иахәҭакуп. Сара даара гәахәарыла исыдыскылеит адунеи аҟны еицырдыруа афильмқәа инарываргыланы ара иахьцәыргаз аԥсуа режиссиорцәа ҿарацәа рфильмқәагьы. Уи ҳара агәазыҟаҵара ду ҳнаҭоит. Сара сфильм "Абер" ирацәаны афестивальқәа рҟны аԥхьахәқәа анаршьахьеит аха Аԥсны, абри аҩыза аформат ала ахәаԥшцәа идыдмырбацызт", — ҳәа азгәалҭеит Начҟьебиаԥҳа.

Акиностудиа "Абаза-фильм" аҟны Амра Начҟьебиаԥҳа акинофильмқәа жәба ҭылххьеит урҭ Аԥсни анҭыҵи ахәаԥшыҩцәа гәахәарыла ирыдыркылахьеит.

Аԥсны иқәынхо ауааԥсыреи асасцәеи ирылшоит арҭ афильмқәа ирыхәаԥшуа раамҭа бзианы ирхыргар: Аҟәа – ажәҩан аҵаҟа иаарту акинотеатр "ВОЛНА", Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак Ацәыргақәҵатә зал хада, Очамчыратәи аҿар Рцентр "GUENOS", Гәдоуҭа Акультура ахан, Пицундеи ақыҭа Лӡааи рыҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0