00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Аенергетикатә ҿиара астратегиа: АП аилацәажәара аихшьаалақәа
13:04
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
12 мин
Аиҿцәажәара
Аԥсны аҵарауаа ҿарацәа рфорум аҟынтә алкаақәа: алахәыла лцәажәара
13:45
11 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аҿар ртеатр Урыстәылатәи афестиваль аҿы: актиорцәа рыҿцәажәара
13:56
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Главный четверг
Санитарная безопасность на минимуме штата: интервью с главврачом СЭС Гудауты
14:18
2 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
Музыка без границ: Алиса Гицба о триумфе V конкурса-лаборатории
14:44
26 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Такие обстоятельства
От эксперимента к реальному лесу: как спасти уязвимые породы деревьев в Абхазии
18:49
26 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны иаадыртит ацәыргақәҵа "Аҳәса аибашьраҟны"

Анапаҵаҩра
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеи аҟны иаадыртыз ацәыргақәҵа "Аҳәса аибашьраҟны", аус аулоит мызкы аҩныҵҟа.

АҞӘА, цәыббра 29 — Бадраҟ Аҩӡба. Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны аҩаша, цәыббра 29 рзы иаадыртит ацәыргақәҵа "Аҳәса аибашьраҟны".

"Аибашьра ҳгәашә ианҭала аҳәсагьы ахацәа инарывагыланы иқәгылеит. Рыжәҩа иқәырхит аибашьра иацыз ауадаҩрақәа зегьы. Убри азоуп еиҳаракгьы изаҳҭаху аибашьра адәаҟны иҭахази аибашьра ашьҭахьтәи аҭынчаамҭазы зыԥсҭазаара иалҵызи ргәаларшәара", — лҳәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи адиректор, Аԥсны Афырхаҵа Мзиа Беиаԥҳа.

Ацәыргақәҵаҟны иқәыргылоуп аибашьраҟны иҭахаз рфотосахьақәа, авидеориад, аслаид-шоу.

Аиааира ашәақәа рконцерт Пицунда имҩаԥысит

"Аматериалқәа ирныԥшуеит аҳәса аибашьра разыҟазаашьа. Аҳәса аԥсҭазаара ахьӡала ифырԥҳәысцәаны рхы аадырԥшит", — азгәалҭеит Беиаԥҳа.

Ацәыргақәҵа еиҿыркааит Рамин Қаџьаиа, Маиа Амҷыԥҳа, Марина Барцыцԥҳа, Баҭал Кәабахьиа, Олег Климов рҭыхымҭақәа рыла.

"Сара исыцәҭахеит аишьцәа ҩыџьеи аиҳәшьцәа ҩыџьеи. Саҳәшьа Раиса Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ԥшьа лыхҵоуп. Сгәы ҟанаҵоит ахацәа ирывагыланы еибашьуаз ҳаӡӷабцәа ахьыргәалашәо. Даара исцәыуадаҩуп аибашьра адәаҟны ҳаҳәса ирхыргаз атәы аиҭаҳәара", — лҳәеит Ира Кәыркьба.

1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын шәҩык инареиҳаны аҳәса. Ҩеижәаҩык аибашьра адәаҟны иҭахеит, ԥшьҩык – 1994 шықәсазы, рнапынҵақәа рынагӡараан, ҩеижәаҩык аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0