Аҭаҭынахара аҿагылара аҿар рыла иалагатәуп

© Sputnik Роберт ДжопуаШьазина Хәырхәмал.
Шьазина Хәырхәмал. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭаҭынахара мап ацәкра жәларбжьаратәи амш азы аҳақьым-апульмонолог (арыԥҳаи аԥсыԥ-лагаҩагара аорганқәеи рҳақьым) Шьазина Хәырхәмалԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит ари ашьцылара бааԥсы ҿагылашьас иамоуи ахылҟьақәеи ртәы.

АҞӘА, абҵара 19 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Ҳреспубликаҟны аԥсыԥ-лагаҩагаратә органқәа рчымазара агәы апатологиа аасҭа еиҵам лҳәеит Аҭаҭынахара мап ацәкра жәларбжьаратәи амш азы аҳақьым-апульмонолог (арыԥҳаи аԥсыԥ-лагаҩагара аорганқәеи рҳақьым) Шьазина Хәырхәмалԥҳа. Лара лажәақәа рыла аиҳарак арыԥҳачымазара цәырызго аҭаҭынахароуп.

"Аҭаҭынахара маҷ-маҷ арыԥҳачымазарахь унанагоит, агәыхь арҵысуеит. Ачымазаратә процессқәа адашәпақәеи адассақәеи рахь ианиаслак ахәышәтәра уадаҩуп" — лҳәоит Хәырхәмалԥҳа.

Лара иазылыԥхьаӡоит акраамҭа аҭаҭын иахо ауаҩы уи акажьра ицәыуадаҩуп ҳәа, убри азы аус зыдулатәны иҟоу аҿар роуп.

"Иаԥҵатәуп асоциалтә программақәа. Аҭаҭынахара укылнагар ахьауа атәы еиҭаҳәалатәуп, аинформациа аларҵәалатәуп. Макьаназы згәабзиара ӷәӷәоу абиԥара-ҿа рҟны ихацырктәуп аусурақәа. Егьырҭ, акыршықәса абри аҟазшьа бааԥс зызкамыжьыз аԥсихолог ицхыраара рымазар бзиоуп", — лҳәоит аҳақьым.

Аҳақьым-апульмонолог Шьазина Хәырхәмалԥҳа аҭаҭынахара аԥырҟәҟәааразы ауснагӡатәқәа инарываргыланы, адунеи зегь аҟны ишыҟарҵо еиԥш, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҟны азин ҟаҵатәым ҳәа илыԥхьаӡоит.

Есышықәса, абҵара ахԥатәи аԥшьашазы иазгәарҭоит Аҭаҭынахара мап ацәкра жәларбжьаратәи амш. Ари амш шьақәыргылан Америкатәи акьыбачымазаратә еилазаара (American Cancer Society) аӡбрала 1970-тәи ашықәсқәа рзы. Сынтәи абри амш абҵара 19 иақәшәеит. Иара иахықәкы хаданы иҟоуп ауаажәларра аҭаҭынахара ахылҿиаақәа дырдырра.

Ажәабжьқәа зегьы
0