Шувалов: Ҭырқәтәылаҟа атуристтә путиовкақәа рыҭира азин аанкылоуп

© Sputnik / Сергей Субботин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИгор Шувалов. Архивтә фото
Игор Шувалов. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла аганахьала аркьаҿратә уснагӡатәқәа ауаажәларра ирызцәырыргараны иҟоуп аиҳабыратә проект анапы анаҵаҩхалак ашьҭахь. Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рыбжьара авизатә режим алагалара анырра анаҭом Ҭырқәтәыла ауааԥсыра Урыстәылаҟа раара.

АҞӘА, абҵара 30 — Sputnik. Ҭырқәтәыла аганахьала аркьаҿратә уснагӡатәқәа рзы Урыстәыла анапхгара рпроект анапаҵаҩра иазыхиоуп, ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит ашәахьаҽны Урыстәылатәи Афедерациа Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Игор Шувалов.

"Ақәҵара апроект анапаҵаҩра иазырхиоуп. Анапаҵаҩра шымҩаԥгахалак ауаажәларра идырдырхоит", — иҳәеит Аԥыза-министр иҟны имҩаԥысуаз аилацәажәараҿы Игор Шувалов.

Уаанӡа, Шьамтәылан урыстәылатәи СУ-24 анкарыжь ашьҭахь, Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин инапы аҵаиҩит амилаҭтә шәарҭадареи Ҭырқәтәыла аганахьала аекономикатә уснагӡатә ҷыдақәеи реиқәыршәаразы Адҵа.

Анапы зҵаҩыз Адҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра азин ҟарҵом атуристтә путиовкақәа рыҭиреи ачартертә реисқәа рымҩаԥгареи. Аҳаиртә еимадара акәзар ахылаԥшра ҷыда аҭахоит, ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Игор Шувалов.

"Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит Ҭырқәтәылатәи ареспубликахь ацаразы апутиовкақәа рыҭира шаанкылахоу. Ачартертә реисқәа макьаназы ҳтәылауаа Ҭырқәтәыла аҵакырадгьыл ахьынтәи иааргалоит", — иҳәеит Шувалов аиԥылараҟны.

Иара убасгьы иҳәеит еиԥҟьарадатәи аҳаиртә еимадара ахылаԥшра ҷыда шаиуа ашәарҭадара аиқәыршәаразы.

Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рыбжьара авизатә режим ҭырқәтәылатәи атәылауаа Урыстәылатәи Афедерациа аҵакырадгьыл ралалара аԥҟара анырра анаҭом. Урыстәыла аҵакырадгьыл алаларазы авиза аиуроуп иахәҭоу, ҳәа азгәеиҭеит Игор Шувалов.

"Иалагалоуп авизатә ԥҟара, аха убри аан Урыстәылатәи Афедерациа аҵакырадгьыл алалара ркьаҿхом. Урыстәылатәи Афедерациа аҭааразы авиза уоуроуп", — иҳәеит Шувалов.

Урыстәылатәи арратә ҳаирплан Су-24 Сириа иахьаҵанакуаз аракета "аҳауа-аҳауа" ала иаехсны икажьын. Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа атеррористцәа рыдгылаҩцәа рганахьала имҩаԥгоу шьапҿаршәуп иҳәеит.

Президент России В.Путин. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Путин: алаинер аҭахаразы ахара зду ахьыҟазаалакгьы иҳаԥшаауеит

Асабша, абҵара 28 рзы Владимир Путин инапы аҵаиҩит амилаҭтә шәарҭадара аиқәыршәареи ҭырқәтәыла аганахьала иҷыдоу аекономикатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгареи рзы Адҵа. Хаҭала арахь иаҵанакуеит ачартертә реисқәа раанкылара, 2016 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны Ҭырқәтәыла атәылауаа аусурахь рыдымкылара, ҭырқәтәыла аиурисдикциа аҵаҟа иҟоу аиҿкаарақәа русура аанкылара мамзаргьы аркьаҿра иара убасгьы ҭырқәтәылатәи атауарқәак ралагалара мап ацәкра ма аркьаҿра.

Убри аан Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра рнапы ианҵоуп арҭ аркьаҿрақәа ирыҵаркуа аусурақәеи амаҵзурақәеи рсиеи Урыстәыла залагалара ҟамло атауарқәа рсиеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0