АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Урыстәыла АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә ҟәша аусуҩ, акиниологиатә маҵзура аексперт Андреи Кузнецов Аԥсны АҶА акинологцәа дрыцхраауеит.
Ҳкорреспондент даниҿцәажәоз иар иҳәеит уажәтәи аамҭазы аԥшааратә усурақәа шракәу изызхьаԥшуа.
"Еиҳарак ҳара ихаданы иаабо аԥшаартә усурақәа роуп. Алақәа ашьхаҭыԥқәа, аӡиасшьҭрақәа уҳәа Аԥсны еиуеиԥшым аландшафтқәа рҟны иазыҟаҳҵоит. Ҳәарада иалаҳхуа аҭыԥқәа аусураз иуадаҩуп", — иҳәеит акинолог.
Асценари инақәыршәаны аԥшаарақәа, абнараҟны иӡыз, зымч злыӡаан иҟоу ауаҩы иԥшаарақәа шымҩаԥыргоз атәы иҳәеит.
"Алақәа ирзықәыргылаз адҵақәа даара ибзианы ирхысит. Алақәа зхысыз аҭыԥ жәаҩык ауаа ахысыр акәын. Алақәа еиҳагьы ирласны рыдҵа нарыгӡеит. Убас иҟаларц ауп ҳаргьы азыҟаҵарақәа ҳзырҿу", — иҳәеит урыстәылатәи акинолог.
Аԥсуа кинологцәа Сандро Џьынџьали Наур Марганиеи иазгәарҭоит урыстәылатәи аиқәырхаҩ имҩаԥиго арҵарақәа алҵшәа бзиа шаарышьҭуа.
"Имҩаԥааго арҵарақәа алҵшәа бзиа аарышьҭуеит. Алажәлақәа лабрадор-ретривер Аскольди Амперикеи еиҳа еиӷьны аус руа иалагеит. Мчыбжьык аԥхьа, аҽазыҟаҵарақәа ҳанрылагаз дара ираҳҭоз адҵақәа еиҳа ирцәыуадаҩын рынагӡара. Ихьа акырӡа еиӷьуп", — иҳәеит Наур Марганиа.
Аԥсуа кинологцәа дырҵара ахԥатәи аетап абри амчыбжь анҵәамҭаз ихыркәшахоит. Наҟ-наҟтәи аҵаразы аԥсуа кинологцәа шьҭхоит Урыстәыла АҶА иатәу иҷыдоу ҟәшак ахь.