АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрреи рнапы зҵарҩыз, еидҵоу ар ргәыԥ аиҿкааразы Аиқәшаҳаҭра мышқәак рышьҭахь Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизарахь инашьҭхоит аратификациазы иҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә Хеилак Амаӡаныҟәгаҩ Муҳаммед Кьылба ажурналистцәа дрыҿцәажәо.
"Иахьазы ҳара ҳазыхиоуп аусбарҭабжьаратә еиқәышаҳаҭрақәа анап рыҵаҩра. Урыстәыла Ашәарҭадаратә Хеилак Амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиевгьы абрахь дзааз урҭ азҵаарақәа рыӡбра иарбан ҭагылазаашьоу аилкааразы ауп", — иҳәеит Кьылба.
Нургалиев иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапхгара, Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадареи рнапхгара имҩаԥыргаз аусутә азы.
"Ҳара ишьақәыргылан иҳамаз аамҭа ҳаҽҳазҭамыгӡеит, аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩзар акәын цәыббрамзазы, аха уажәы ахыркәшаратә усурақәа ҳарҿуп", — иҳәеит Кьылба.
Кьылба иҭабуп ҳәа реиҳәеит урыстәылатәи аган, имҩаԥыргаз аусутә ази аимак зызрымаз азҵаарақәа рҟны иаадырԥшыз аилкаара ази.
Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа 2014 шықәса абҵара 24 рзы анапы зҵарҩыз аиҩызареи астратегиатә еидгылареи рзы Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит адәныҟатәи аполитикаҟны аусеицура, иаку атәылахьчаратәи ашәарҭадаратәи ҵакыра аԥҵара. Аԥсны Атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа инапы аҵеиҩит Аԥсни Урыстәылеи рыр иаку ргәыԥ аԥҵаразы Аиқәшаҳаҭра абҵара 26 рзы.