Акаба: Аԥсны иҟам иаку аорган ма аинститут, аҭаацәа рпроблема зыӡбо

© Sputnik / Томас ТхайцукНаҭелла Акаба.
Наҭелла Акаба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент ааигәа иаднакылаз аԥҳәыс лҽырбгара азин аанызкыло Азакәан далацәажәоит Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Наҭелла Акаԥҳа.

Наҭелла Акаԥҳа, Sputnik

Ааигәа Апарламент аҟны бжьеиҳала ирыдыркылаз аԥҳәыс лҽырбгара азин аанызкыло Азакәан Аԥснытәи аҳәсақәа ашықәс ҿыц азы ирзыҟарҵаз "ҳамҭак" акәны иԥхьаӡазар ҟалап. Убри азакәхап адепутатцәа аҳәса роума, урҭ ргәабзиара знапы иану аҳақьымцәа-агинекологцәа роума аӡәгьы иазҵаара аҭахны изырымԥхьаӡаз. Усеиԥш рхы аџьабаа адырбазҭгьы, ҳәарада атәылаҟны адемографиа аизырҳара аҽа мҩақәак аманы ишыҟоугьы еилыркаарын.

Аԥсҭазаараҟны зегь иаҳа имарианы иҟоуп: аҭаацәарақәа рҟны ахәыҷы рацәа ииларц азы урҭ ирзаԥҵатәуп аекономикатәи аморалтәи ҭагылазаашьа маншәала. Уаҳа акгьы. Иахьа Аԥсны аус ауеит апринцип: аҭаацәа рҟны ахәыҷқәа заҟа ирацәоу аҟара иуадаҩуп урҭ рматериалтә ҭагылазаашьа. Ари иаанагоит: афатә амаџьанара, ишахәҭоу еиԥш ашкол ахь ахәыҷқәа разыҟаҵара ауадаҩра, ианаамҭоу иҳараку амедицинатә цхыраара амоура уҳәа убас ирацәаны. Иахьазы аҳәынҭқарра есымза 500 мааҭ рзашәоит хҩык инадыркны хәҩык рҟынӡа змоу аҭаацәарақәа, 700 мааҭ рзашәоит – фҩык-жәҩык змоу аҭаацәарақәа, 1000 мааҭ рзашәоит жәаҩыки инареиҳани ахәыҷқә змоу. Ахәыҷқәа ишақәнагоу еиԥш рныҟәгаразы арҭ аԥарақәа ҳәарада зынӡаск иазхоны ҳәа иҟаӡам. Агәрагара уадаҩуп ҳдепутатцәа рхәыҷқәа рааӡаразы арҭ аԥарақәа рыздырхоит ҳәа.

Апарламент адепутатцәа аԥҳәыс лҽырбгара азин аԥырхит

Ахәыҷырацәа-бзиоуп.

Адемографиа анырра ду азҭоны иҟоу факторны ишьоуп иара убасгьы ақыҭаҟынтәи ақалақь ахь имҩаԥысуа амиграциатә процесс. Традициала ақыҭаҟны еснагь ахәыҷы рацәа рыман аҭаацәарақәа рҟны. Дара ракәын ауааԥсыра реизырҳараҟны ишьаҭаны иҟазгьы. Ус анакәха, адепутатцәа реиԥш атәыла анапхгарагьы ибзианы иазхәыцроуп ақыҭа асоциал-економикатә ҿиара ацхраашьас иҟоу. Излауала ақыҭанхамҩа аинвестициа азутәуп, аинфраструктура еиҭашьақәыргылатәуп. Ақыҭаҟны абзазара маншәалан иҟалар, ауаа аанхоит, адемографиатә ҭагылазаашьагьы еиӷьхоит.

Аԥсны иҟам иаку аорган мамзаргьы аинститут, аҭаацәа рпроблема зыӡбо, ани ахәыҷи рыхьчара зуалԥшьоу. Ус анакәха, аҭаацәа рхала рхы рбароуп, рыпроблемақәагьы рхала ирыӡбалароуп. Аҳәынҭқарра акәзар ахы ԥхьанакуеит абри аус аҟынтә. Аԥснытәи акьыԥхь аҟны џьарамзар-џьаргьы иуԥылаӡом насыԥ змоу ахәыҷы рацәа ҭаацәа рыӡбахә. Ажәытә еиԥш анацәа рџьабаагьы ахә ҳаракны аӡәгьы ишьом. Ан лаҳаҭыр, аҭаацәа раҳаҭыр уаҵамгылакәа адемографиа азҵаара узыӡбаӡом.

Иқәыԥшу аҭаацәарақәа ирыцхраатәуп

Аԥсны иқәыԥшу аҭаацәарақәагьы рхала рхы иазныжьуп. Урҭ ранацәеи рабацәеи рыцхраартә еиԥш иҟазар даара ибзиоуп, аха усеиԥш изықәгәыӷуа аӡәгьы дрымамзар? Еиҳа еиӷьӡамыз ҳдемографиа иахӡыӡаауа ҳдепутатцәа абри апроблема иазхәыцызҭгьы, ирыӡбазҭгьы. Аԥара ыҟам ҳәагьы рымҳәааит. Иҟоупеи аԥара адепутаттә корпус 35-ҩык рҟынтәи 55-ҩык рҟынӡа ашьҭыхразы. Урҭ аԥарақәа еиҳа ихәарҭоу аус, аҭаацәа рыдгыларахь инашьҭызар, алҵшәа аанамышьҭӡози.

Ҳәарада, иааинырслан "аԥҳәыс лыҽлырбгар азин лымам" аҳәара мариоуп. Аԥарагь аҭахым, ахәыцрагь аҭахым. Рыбжьы рҭиит. Иазхеит. Аха нас иҟалаша атәы рус алаӡам. Уи еиҭах изусхо дара аҭаацәарақәа ракәхоит. Уигьы аамҭа иаҳнарбап…

Ажәабжьқәа зегьы
0