АҞӘА, жәабран 16 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара иазку Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ажәахә азин еилкаара акәымкәа аполитикатә цәажәароуп изызку, пиар-акциоуп, ҳәа азгәеиҭеит атәыла Ахада Иусбарҭаҟны иҟоу аексперттә усбарҭа аиҳабы Иракли Хынҭәба.
"Ари Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥшьбатәи ажәахә, пиар-акциан иҟоу акоуп", — иҳәеит Хынҭәба.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ажәахә мцԥаршеила ишхацыркыз, иагьхыркәшахеит – ауаҩытәыҩса изинқәа ирызку жәларбжьаратәи адокументқәа рыстатиақәак ринтерпритациала.
Ажәахә ҵаҵӷәны иарҭеит "Аԥсны иалцоу анапхгара" ринтернет-саит аматериалқәеи (abkhazeti.info) ишьақәырӷәӷәам жәабыжьқәаки.
Хынҭәба иажәақәа рыла Гал араион аҟны азинхьчаратә органқәа имҩаԥырго ауснагӡатәқәа зегьы ажәахә авторцәа ауаҩытәыҩса изинқәа еилазго ракәны ахәшьара рырҭоит. Абасала, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ажәахә азин еилкаара акәымкәа аполитикатә цәажәароуп изызку, пиар-акциоуп ҳәа азгәеиҭеит атәыла Ахада Иусбарҭаҟны иҟоу аексперттә усбарҭа аиҳабы Иракли Хынҭәба.
Иара игәаанагарала Қырҭтәыла Аԥсны ауааԥсыра рыгәхьаа ркӡоушәа адунеитә уаажәларра ирызнаргоит, урыстәыла иаҿагылогьы ргәаӷ иҵегьы идырӷьашкуеит.
"Апропаганда амҩаԥгара аасҭа қарҭтәи ҳколлегацәа азхәыцыр еиӷьын аԥсуа-қырҭуа еизыҟазаашьақәа еиӷьыртәыр зылшо ажәалагалақәа, хаҭала ҳтәылақәа рыбжьара агәреибагара цәырызгар алшо", — иҳәеит иара.
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара иазкуп ааигәа икьыԥхьу Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ажәахә.
Ажәахә аҟны иалацәажәоит 2015 шықәса жьҭаара-ԥхынҷкәын ирыҵаркуа аамҭазы аҭыԥ зманы ирыԥхьаӡаз ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара.