Урыстәыла аладатәи арратә Округ изаамҭанытәиу азыҟаҵарақәа мҩаҧнагоит

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аладатәи арратә Округ арратә база Нагвалоу аҿы изаамҭанытәиу азыҟаҵарақәа мҩаҧысуеит. Ахысгатә бџьар, БТР-82АМ ҳәа изышьҭоу акәылӡтранспортиорқәеи, КамАЗ "Мустанг" ҳәа изышьҭоу акәылӡмашьынақәеи ахархәара рыҭоуп.

АҞӘА, хәажәкыра 2— Sputnik. Урыстәыла аладатәи арратә Округ арратә база аҿы изаамҭанытәиу азыҟаҵарақәа мҩаҧысуеит. Ахысгатә бџьар, БТР-82АМ ҳәа изышьҭоу акәылӡтранспортиорқәеи, КамАЗ "Мустанг" ҳәа изышьҭоу акәылӡмашьынақәеи ахархәара рыҭоуп. Абри атәы ҳзаанацҳаит Аокруг апресс-маҵзура.

Аруаа разыҟаҵарақәа рзы, иара убас ахархәара рыман 20 цыра инареиҳаны ИМ-120 ҳәа хыс измоу аимитациатә рҭҟәацгақәеи, ардырратә ракетақәа жәабеи, 3 нызықь инареиҳаны ахы зҭам апатронқәеи.

Аусбарҭа иҟанаҵо аинформациала ауснагӡатәқәа рымҩаԥгараан аус рыдулан ихәу аибашьцәа актәи амедицинатә цхыраара рыҭара аԥҟаррақәа. Иара убасгьы аҽазыҟаҵарақәа раан "атеррористцәа" иқәдыргылаз арԥжәагақәа ықәган.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит аамҭа-аамҭала, аруаа рдыррақәа реизырҳаразы, рԥышәа амырӡразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0