Глебова: Урыстәыла хәыда-ԥсада аҵаразы 15 000-ҩык рзы аҭыԥ ыҟоуп

© Sputnik / Руслан Кривобок / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАусбарҭа аиҳабы Лиубов Глебова.
Аусбарҭа аиҳабы Лиубов Глебова. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Россотрудничество алаҳәара ҟанаҵеит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟны хәыда-ԥсада атәымтәылауаа аҵара дырҵаразы. Аусбарҭа аиҳабы Лиубов Глебова инарҭбааны далацәажәеит иреиҳау аҵараиурҭа адиплом аиуразы уахь инеир зылшо ртәы.

 — Лиубов Николаи-иԥҳа, заҟаҩ тәымтәылауаа есышықәса Урыстәылаҟа иаауазеи хәыда-ԥсада иреиҳау аҵара аиуразы?

 — Аҵыхәтәантәи ахышықәса Урыстәылатәи Афедерациа иаанаԥхьоит 15-15 нызқьҩык аҳәаанырцәтәи атәылауаа ҳҵараиурҭақәа рҟны хәыда-ԥсада аҵара рҵаразы. Абри апроцесс иалахәуп 400 рҟынӡа аҵаратә усҳәарҭа. 2016 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны адкылара аартны имҩаԥаагеит. Егьырҭ атәылақәа рҟны ишыҟоу ҭҵааны ҳара сынтәа арзаҳалқәа аелектронтә ԥошьҭала ҳадкылара ҳалагеит. Адкылара апроцедураҟны ԥсахра дук ҟамлазаргьы еиҳа имариахеит. Аинформациатә портал иалнаршоит уаанӡа абри апроцесс зҽалазырхәуаз абжьацәажәаҩцәа рхыԥхьаӡара аларҟәра. 198 тәыла ртәылауаа ирылшоит урыстәылатәи ауниверситетқәа рҟны еиуеиԥшым азанааҭқәа рыла (амедицинатә инаркны атехникатәқәа рҟынӡа) аҵараҵаразы арзаҳалқәа аарышьҭыр. Хазтәи ахырхарҭа алкаауп аурыс бызшәа иадҳәало алингвистцәеи афилологцәеи рзы. Иахьатәи аамҭазы аҳәаанырцә аурыс бызшәа акыр ирҭахны иҟоуп.

 — Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә квота даҵанакырц азы аҳәаанырцәтәи атәылауаҩ иҟаиҵараны ихәҭозеи?

 — www.russia.study апортал аҟны иҽҭаиҩыроуп. Уи 20 минуҭ аамҭа агоит. Атәымтәылауаҩ убри азы ихаҭара шьақәирӷәӷәоит нас – аелектронтә ԥошьҭа аԥиҵоит. Иаразнак ашьақәырӷәӷәара иоуеит. Аԥошьҭа аҭахуп ԥхьаҟа арзаҳал аазышьҭыз абитуриент аҽидҳәалараз. Аҭак заҟа ирласны иҟаиҵо, уи иара иоуп изыбзурахо. Аверификациа ашьҭахь акандидат анкета ахарҭәаара азин иоуеит. Анкетаҿ иаирбоит ихаҿразы адыррақәа, иҵаразы адыррақәа, иаирбоит иалихуа азанааҭ. Анкета, атәыла азеиԥш сиахь инашьҭхоит. Атәыла аоператор (атәылақәа зегьы рхатәы операторцәа рымоуп) заанаҵтәи алхрақәа мҩаԥигоит.

 — Рацәак здырра ыҟам атәымтәылауаа аԥеиԥш бзиа заур алшо урыстәылатәи абитуриентцәа рҭыԥқәа ааныркыло иҟамлаӡои? Аконкурстә алхра ҳәа акыр азыԥхьагәаҭоума?

 — Атәылақәа реиҳарак рҟны Россотрудничество ахаҭарнакрақәа ыҟоуп – Урыстәылатәи анаукеи акультуреи рцентрқәа. Урҭ русзуҩцәа аттестати, аолимпиадақәа рҟны ахалархәреи егьырҭ адыррақәеи рышьаҭала апретиндентцәа ранкетақәа ахәшьарақәа рырҭоит. Еиҳа еиӷьны, аҟыбаҩ зланы иҟоу аҿар аарыԥхьоит бламбарыла мамзаргьы бламбарыда аиҿцәажәарахь. Иаҳҳәап Шьамтәылатәи аҿар рганахьала иалшо бламбарадатәи аиҿцәажәара мацароуп. Иара убри аан ҳара ҳарзыԥшуп ҳҵараиурҭақәа рҟны Шьамтәылатәи абитуриентцәа. Ахыршәаратә лыҟәшәаара мҩаԥнагоит анаукеи акультуреи Урыстәылатәи рцентрқәеи, Ацҳаражәҳәарҭақәеи, аҭыԥантәи аҵара аминистррақәеи, ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа. Уажәы ауниверситетқәа рхаҭарнакцәагьы акомиссиа иалахәхарц азы аиҿцәажәарақәа мҩаԥаагоит. Сынтәа алхра апроцедура еиҿцәажәарыла мамзаргьы атестқәа рымҩаԥгарала еиҿкаахоит. Ҽааназы иаҳгәиҭоуп аолимпиадақәеи аттестқәеи рсистема ашьаҭахь аиасра. Тәыла-цыԥхьаӡа ахатәы реитинг аиуеит.

 — Иалрымхыз абитуриентцәа иҟарҵар акәхои?

 — 15 000-ҩык абитуриентцәа ралхра аҳәаақәа ирҭагӡаны аквота змоуз аҳәаанырцәтәи абитуриент идгалахоит еилаӡарыла урыстәылатәи ауниверситетқәа рҟны аҵараҵара. Ҳҵараиурҭақәа рҟны аҵара ахәԥса зынӡаск иҳаракуп ҳәа ахьузымҳәо азы (1000-15000 нызқь евро) ирацәаҩхоит ари аформат здызкыло.

 — Дара ауниверситетқәа апроцесс ианбалахәхо? Дышԥақәшәо акандидат аҵараиурҭа?

 — Атәымтәылауаҩ аҵаразы аквота аҳәаақәа ирҭагӡаны далырхзар иара иалихуеит аҵараиурҭақәа фба, зыҟны аҵара иҵар иҭаху. Абри ашьҭахь арҭ ауниверситетқәа иаадыртуеит рхатәы "електронтә кабинет", актәи далнахуеит апретиндентцәа руаӡәк, егьырҭ рдыррақәа аҩбатәи ауниверситет ахь ииасуеит. Убас иалшоит абитуриент афбатәи ауниверситет аҟынӡа днеиргьы. Иарбанызаалак университетк иалнамхыз абитуриент Урыстәыла Аҵара аминистрра иднагалоит аҽа университетк. Агәра жәга, аӡәгьы дшыбжьамхо.

 — Ахәшьара шԥашәҭо урыстәылатәи аҵараиура? Урыстәылаҟа аҵара аҵаразы иаауа иарбан мотивқәоу ирымоу?

 — Раԥхьа иргылан Урыстәыла зхаҭабзиара ҳараку аҵара унаҭоит анџьныр занааҭ аҟны, аматематикатәи, афилологиатәи хырхарҭақәа рҟны, амедицинаҟны. Ҳмедицинатә ҵара аҳәаанырцә даара аҳаҭыр ҳаракуп. Урыстәылатәи аҵара иуадаҩыз аамҭақәа шамазгьы адунеи зегь аҟны ахәшьара ду амоуп. Раԥхьа иргылан аратәи аҵара ахәԥса ҳаракым, иаҳҳәап, Европа аасҭа илаҟәуп. Нас, Урыстәыла атәылақәа жәпак рзы аԥыжәара змоу акәны иԥхьаӡоуп. Ирацәоуп атәылақәа, зхадараҟны анкьа зны Урыстәыла аҵара зҵоз ауаа. Иахьа, урҭ рыхшара иреиҳау аҵара роуртә ианрызҳа, ирҭахыуп уаҟа аҵара роурц. Избанзар ибзианы ирдыруеит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа урҭ рлаԥшҳәаа ахьынӡадырҭбаауа. Арахь иаҵанакуеит ИАР атәылақәа рыдагьы Азиеи Африкеи ртәылақәа, европатәи атәылақәа, латынтәи Америка атәылақәа.

 — Апроект урыстәылатәи аган феидас ианаҭои?

 — Иалнаршоит ауниверситетқәеи Урыстәылеи аинвестициа иашақәа рыҭара. Араҟа аҵара зауз астудентцәа ртәылақәа рахь ианыхынҳәлакгьы Урыстәылатәи афедерациа агәыблыра шрымоу иаанхоит. Рнапы зларкуа аусқәа рҟынгьы урыстәылатәи аҵаратәи анаукатәи еиҿкаарақәа ирнырлоит. Еиҳа еиӷьу астудентцәа рҵара аныхдыркәшалак араҟа иаанхар рылшоит. Уи адагьы аквота ала акәымкәа еилаӡарыла аҵарахь иаауа иршәо рҵара ахәԥсагьы абиуџьет ахь инеиуеит.

 — Урыстәыла аҵара аҵаразы аурыс бызшәа аҭахыуп. Атәымтәылатә студентцәа абызшәа дырҵара аус шԥеиҿкаахо?

 — Еиуеиԥшым ауниверситетқәа рҟны аус руеит аҽазыҟаҵаратә факультетқәа. Аурыс бызшәа зынӡаск иззымдыруа астудентцәа шықәсынаҟьак абызшәа иазыҟарҵоит. Аха асеиԥш аан ауаа аамҭа рцәыӡуеит, аҳәынҭқарра – аԥара (шықәсык астудент иазыҟаҵара 100 000 мааҭ артәоит). Убри инадҳәаланы ажәалагалақәа ҟаҳҵоит еиуеиԥшым атәылақәа рҟны аурыс бызшәа ахьырҵаша ацентрқәа аартызарц.

 — Ирацәаҩума урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟны аҵара зҭахны иҟоу?

 — Даара. Ирацәаҩуп аҭел иасуа, асоциалтә ҳақәа рыла азҵаарақәа ҳазҭо, апортал аҟны зыҽҭазыҩуа. Аиҳарак ИАР атәылақәа рҟынтәи ирацәаҩуп, избанзар аинформациа ирласны ирылаҵәеит.

Хәыда-ԥсада урыстәылатәи аҵаратә усҳәарҭақәа рҟны аҵара аҵара апроект есышықәсатәиуп. Хра змоу адәныҟаполитикатә инструментк акәны ишьаны аквотақәа рхыԥхьаӡара иҵегь ирҭбаазар ҳҭахыуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0