Бриуссель иҟалаз атеракт аԥсыҭбарақәа ацуп

© AFP 2023 / MARC GYSENS / BELGAАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳаиртә баӷәаза Завентем ахыбраҟны аԥжәарақәа ҩбеи бриуссельтәи аметро аҩныҵҟа аԥжәарақәа ҩбеи рҟны аԥсыҭбарақәа ҟалеит. Ишазгәаҭоу ала аҳаир баӷәаза ахыбраҟны иҭахеит 14-ҩык, аметро аҟны 10-ҩык, ахәрақәа роуит 35-ҩык.

АҞӘА, хәажәкыра 22 — Sputnik. Аҳаиртә баӷәаза Завентем ахыбраҟны аԥжәарақәа ҩбеи бриуссельтәи аметро аҩныҵҟа аԥжәарақәа ҩбеи рҟны аԥсыҭбарақәа ҟалеит. Ишазгәаҭоу ала аҳаир баӷәаза ахыбраҟны иҭахеит 14-ҩык, аметро аҟны 10-ҩык, ахәрақәа роуит 35-ҩык.

АИХ (СМИ) адыррақәа рыла аҳаир баӷәазаҟны аԥжәарақәа мҩаԥигеит атерорист-аҽшьҩы.

Аҳаир баӷәаза ахаҭарнак ишьақәирӷәӷәеит азыԥшратә зал аҟны, ауаа аҽҭаҩра иахьахысуаз атҟәацыбжьқәа ҩба шгаз.

Иҟалаз збаз ԥҳәыск лдырраҭара ала "зехьынџьара алҩа хатәалоуп, атерминал еилаҟәыбоуп. Аҳақьымцәеи амцарцәаҩцәеи рацәаҩуп. Азыԥшратә зал аҟны иҟаз ауаа дәылыргеит", — лҳәоит лара.

Апассаџьырцәа адәахьы рдәылгареи реидкылареи ҭынчрыла имҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ателеканал Sky News, иара убри аан иазгәанаҭоит "даара имаҷуп иҟаҵатәу здыруа амчра ахаҭарнакцәа" ҳәа.

Аҳаиртә баӷәаза аркуп. Ареисқәа зегьы аанкылоуп. Бриуссельҟа инеиран иҟаз аҳаирпланқәа егьырҭ аҳаир баӷәазақәа рахь рхы рхоуп. Аихамҩатә еимадара аусурагьы аамҭала иаанкылоуп.

Бриуссель аполициа аԥжәара шыҟалаз атәы рҳәоит аха аҷыдарақәа инарҭбааны ирылацәажәом.

Бельгиа анапхгара арҭ аԥжәарақәа террористтә актуп ҳәа азырҳәеит. Ашәарҭара аԥшьбатәи аҩаӡараҟынӡа инаӡоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ателеканал RTL.

Иара убасгьы адыррақәа ыҟоуп бриуссельтәи аметро аҟынгьы аԥжәарақәа ҟалеит ҳәа — аангыларҭа Мальбек аҟни аангыларҭа Шуман аҟни.

Аметро астанциақәагьы аркуп. Ақалақь агәҭа ауаажәларратә транспорт аусура аанкылоуп.

Бельгиа иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа адырра шыҟанаҵо ала иҭахази ааха заузи рыгәҭа Урыстәыла атәылауаа ыҟам.

Урыстәыла Ахада Владимир Путин ақәӡбара ӷәӷәа азиуит ауаатәыҩса ирҿагыланы имҩаԥго ацәгьоура. Иазгәеиҭеит абарҭ ихьанҭаӡоу аамҭақәа рзы бельгиатәи ажәлар ишрывагылоу, ргәырҩа шрыцеиҩыршо Урыстәыла ауаажәларгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0