Асҭанда Арӡынԥҳа. Sputnik.
Аҟәа, Аҳәынҭқарратә культуратә ҵараиурҭаҟны ахәыҷқәа аԥсуа кәашарақәеи амилаҭтә инструментқәа рҟны ахәмарреи шыддырҵо зегьы ирдыруеит, аха иара уаҟа абалеттә студиа шыҟоу зегьы ирыздырам. Аԥсуа хәаԥшҩы абалет аганахьала имоу адыррақәа маҷуп. Ареспубликаҟны иҟам абалеттә труппақәа, "Аԥҟақәа рыӡиа" иахәаԥшырц агәаҳәара змоугьы алшара имам. Ахареограф иана Цәеиԥҳа, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә ҵараиурҭеи Краснодартәи акультура ауниверситети роушьҭымҭа, аашықәса ҵуеит аԥсуа ӡӷабцәа абалет агәыбылра дыркуа, аҟазара рылалааӡоижьҭеи.
Аџыреиԥш иӡрыжәу аҟазшьа
"Аҟәа абалеттә школ аартра сара сзы гәыӷра ссирын", — лҳәоит Иана Станислав-иԥҳа.
Лареи сареи аиҿцәажәаха аамҭа ҳауеит аҽазыҟаҵарақәа ирылагаанӡа, аӡӷабцәа рыҽдырхионаҵы, апианиноарҳәаҩы лнотақәа еиқәлыршәонаҵы. Иана адәахьтәи лыԥшрагьы абалет икәашо аԥҳәызба дыҟазаарц шахәҭоу еиԥш ауп ишыҟоу. Аха уи адәахьтәи лныԥшылароуп, ҩныҵҟала даара иӷәӷәоу, зҟазшьа аӡрыжәра иахысхьоу лакәны дыҟоуп. Лҵаҩцәагьы лыдҵақәа ирхымԥо инарыгӡалароуп.
"Бнапы шьҭых! Бхы бҩах! Иахьа ажурналистка даҳҭоуп, ишысҭаху сызшәықәымчуам", — лҳәоит Иана лнапаҵаҟа иҟоу рыгхақәа гәаҭо. Урҭ иреиҳабу 11 шықәса лхыҵуеит.
"Адисциплина ақәҿиара иабжоуп. Иаҳҳәап иахьа, ҩыџьа аӡӷабцәа аурок иагхеит. Ари зынӡа иҟало усым. Ахәыҷқәа ирхароузеи, аха аҭаацәа ирдыруазароуп уус иагумыжьыр шакәу", — лҳәоит лара.
Ахьанҭарақәа рҟынтәи абалеттә станок ашҟа
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Аҳәынҭқарратә ҵараиурҭа ауадақәа руак аҟны, иҭшәоу, имаҷу азал аҟны. Абалеттә студиаҟны ахәыҷқәа рацәаҩым. Уажәазы араҟа аҵара иаҿуп 20-ҩык рҟынӡа аӡӷабцәа. Иҟалап астудиахь адкылара уахысырц ауадаҩрақәагьы урхысыр ахьакәу акәзаргьы."Ҳара зегьы ҳрызхьаԥшуеит – ахәыҷы имаха-ишьаха аҿиашьа, амузыка идкылашьа. Ахәыҷқәа ракәым рҭаацәагьы ирыцу ирыгу ҳаназхьаԥшуа ыҟоуп. Абалерина дышқәыԥшу ажьы лкуа далагар иҟалҵо зегьы башахоит. Дрыцҳахоит", — лҳәоит ахореограф.
Астудиа аклассқәа рхыԥхьаӡалара қәрала акәымкәа заҟа аамҭа аҵара иаҿу ала имҩаԥыргоит. Аиҳабацәа рҟынтәи ԥшьышықәса рҟынӡа ари аҵара знапы алаку ыҟоуп. Гагрантәи иаауагьы дыҟоуп.
"Ҳәарада иуадаҩуп Гагрантәи аара, аха абалет ахь илымоу абзиабара иаԥнагоит", — лҳәоит арҵаҩы.
Иана Цәеиԥҳа лгәаанагарала абалет фышықәса инаркны нап аркра еиӷьуп. Ахәыҷы идуҵогьы еиликаауазароуп.
Ашьҭыԥраара аҵара
Астудиаҟны иҟоу зегьы неиԥынкыланы иӡӷабцәоуп. Урҭ мчыбжьык ахь хынтә аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит. Ҽазыҟаҵара цыԥхьаӡа сааҭк рҟынӡа ицоит. Иахьа дара аимаа татақәа (абалеткақәа) рышьан аԥхьа, нас — апуантақәа. Дара зегьы ирҵахьеит ршьацәа ду иқәгыланы, адгьыл рҽаҟәырыҭхома уҳәо агылара.
Абалерина хәыҷқәеи ахареографи еицынарыгӡоит аллонже, амбуате, ан деор. Акәашара умчқәа зегьы аҭахуп, иулымшашагьы улуршароуп. Уи маӡас иаҵоугьы абзиабареи аҭахреи, агәазыҳәареи роуп.
Абалет адунеи ду ашҟа
Абалеттә студиаҟны хәышықәса аҵара ашьҭахь иара ааӡаҩцәа ироуеит адиплом. Ԥхьаҟатәи рԥеиԥш усҟак еилкаам ареспубликаҟны абалеттә ансамбльқәа ахьыҟам азы. Реиҳа иҟазоу урыстәылатәи абалеттә школқәа рахь рхы дырхоит.
Иана даара длықәгәыӷуеит Кристина Чкотуаԥҳа. Аӡӷаб абалет лыԥхыӡ иалоуп, бзиа илбоит. Лҭаацәагьы лыдгылоит. Лара москватәи абалеттә школақәа руак дҭаларц лҽазылшәахьеит аха баллқәак роуп илзымхаз. Сынтәа Санкт-Петербург ацара лгәы иҭоуп.
Иана Цәеиԥҳа агәыӷра лымоуп аԥсуа балеринацәа адунеи иреиӷьу атеатрқәа рҟны икәашартә еиԥш алшареи аҭагылазаашьеи роуп ҳәа.