Аԥсны жәлар рартист, актиор Шьалуа Гыцба 81 шықәса иихыҵит

© Sputnik / Илона ХварцкияШалва Гицба.
Шалва Гицба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атеатри иареи реибадырреи, уи ахь агәыбылра шизцәырҵыз атәи, атеатр иԥсҭазаараҿ ианнакыло аҭыԥи ртәы дазааҭгылеит Аԥсны жәлар рартист, актиор Шьалуа Гыцба.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгон Рада Ажьиԥҳа.

- Аҟазара ахкқәа рацәоуп, иаҳҳәап: асахьаҭыхра, ашәаҳәара, акәашара, избан шәара актиорра залышәкааз, шәҭаацәара аҟазара злаз ҭаацәароума? Атеатр ахь агәыбылра шԥашьҭышәкааи?

— Уи аҭоурых ду амоуп, актиоррахь сымҩахыҵра. Санхәыҷыз, саб иаҳәшьа лыҷкәын ирратә форма анызбалак, арра маҵура сахысроуп, сфицархароуп сҳәон, сан уи илцәымӷан, илҭахӡамызт. Сара исҭахын иара даар арра ахысраз аиацәажәара, аха сан раԥхьа иалҳәеит, арра данца ҟалашьа амаӡам. Ус аамҭа цон, ашкол алгара аамҭа анааи араион акультура аҟәша аҟны аус иуан Иасон Гыцба, иара Лида Гыцбеи сареи иҳабжьеигеит актиортә институт ахь шәҭал ҳәа. Ажәакала ҳазыҟаиҵеит, усҟантәи акультура аминистр Владимир Кәарҷелиа, атеатр ада ԥсыхәа ыҟам ҳәа зыԥхьаӡоз аӡәы иакәын, аҳәынҭқарра аргылареи абызшәа аиқәырхареи рыҟны ишыцхыраагӡаз аҳасаб азуны иҳадигалеит Қарҭтәи атеатралтә институт аҭалара. Ҳара ҳагруппа ԥшь-ҩык ҳаҟан: сара, Софа Агумаа, Сергеи Чуаз, Лида Гыцба, ҳазыҟаҵаны ҳаидкыланы аҵарахьы ҳрышьҭит, аҵара ҳалганы ҳааит 60-тәи ашықәсқәа рзы, нанҳәа 1 азы, абра аԥсуа театр аҟны аусура ҳрыдыркылеит. Абас ауп атеатр ахь агәыбылра шсызцәырҵыз.

Кясоу Хагба. - Sputnik Аҧсны
Кьасоу Ҳагба: Аԥсны – аҩбатәи Голливуд ауп

- Аԥсуа театри шәареи шәеибадырра шәазааҭгыл. Раԥхьаӡа аԥсуа ахәаԥшҩы иҿаԥхьа шәанаақәгыл цәаныррас ишәызцәырҵи, шәдебиут шәгәалашәараҿ ишԥаанхеи?

— Аҵара ҳалганы ҳанааиҵәҟа атеатр аҟны реижиссиорс дыҟан Азиз Агрба. Иқәиргылоз аспектакль арольқәа руак насыгӡарцаз сыхҭеикит, смадаҟьаӡа саниба, хар сымамкәа сҵарагьы хсырқәшеит, сигәаԥхеит. Ара уааи дад иҳәан, убас сеиҳәеит, асезон ааҳартуеит иуысҭо ароль Михаил Лакрба иҩымҭа-апиеса, аԥсуа драматургиа "Данаҟаи" аҟнытә ауп, уи ароль назыгӡоз ԥсшьара дцан дахьӡаӡом, убри аҟнытә уара аамҭа хәымш-фымш умоуп иҳәеит. Шәазхәыц аинститут саалган сааит, абас еиԥш иҟаз ароль сыдыргалеит, уи сагьацәшәеит, иагьысцәымыӷахеит, аха аиҳабы уаԥсоуп аниҳәа мап сзымкит, ажәакала, арепитициақәа ҳрылагеит. Асезон аартра амш ааит, азал ҭәын, сгәы хыҭҳытуан, аҩбатәи ароль акәын исыдыз, ус иҳәо сышнеиуаз, аҵыхәтәантәи амонолог аҟны исҳәараны иҟаз ажәақәа схашҭит, исывагылаз актиор Валери Ақаҩба сгачамкны сшықәхаз аниба, сыжәҩа аанкыланы ҿааиҭит, уи уаҳа илшаӡом, аха иҳәар ииҭахыз абри акәын иҳәан смонолог ҳәаны даалгеит, азанавесгьы адаркит, иҭабуп сҿыухит сҳәеит, ари ахҭыс есымша исгәалашәоит. Абри акәын раԥхьатәи сшьаҿа ахәаԥшҩы иаԥхьа сцәырҵра, гхак сыхьзаргьы. Уи ашьҭахь, арежиссиор Габуниа апиеса "Смырба" иқәиргылон, уаҟа Алиас Смырба ироль сыхәмарит, аклассик Гарсиа Лорка иҟынтәи "Аӷа ичара", уи ишьаарҵәыраз пиесан, иара ароль даҽа лшарак снаҭеит, ҩыџьа ӡӷабк бзиа деицырбон уи илыхҟьаны иҭахоит, еибашьоит дара, арижессиор илшеит убысҟак иаԥсыуатәны аҟаҵара, избанзар аиспанеццәеи ҳареи ҟазшьала еиԥшу ҳауми, иқәзыргылоз арежиссиор ду Хәыта Џьопуа иакәын, иара идипломтә усымҭагьы акәын, уи убриаҟара аԥсуара иазааигәаитәит.

- Шәрепертуар аҟны ирацәоуп инашәыгӡахьо арольқәа, урҭ рҟынтә еиҳа ишәзааигәои, иалышәкаауеи?

— Гарсиа Лорка ипиеса "Аԥҳәыс ҳәаҩ" захьӡу аҟнытә инасыгӡоз ароль алоуп, анаџьалбеит, абри аҟазара илазар ҟалап ҳәа агәаанагара роуыртә еиԥш ианыҟала зегьы, абри ала иаатит сактиортә мҩа. Нелли Ешба лхаан

Константин Ченгелия - Sputnik Аҧсны
Ченгьелиа: иаԥысҵарц исҭаху рацәаӡоуп, уи сыԥсы ахьынӡаҭоу саҿызаауеит
 актиорцәеи ахәаԥшцәеи рзы аконференциақәа ҟалҵон, уи гәахәара дуун ҳара ҳзыҳәан, аинтиллегенциа иугыу-иубзоу ануҵарҳәо еиҳау насыԥ ыҟам. Валентина Амҷԥҳа, ҳапрофессор ду, усҟан дқәыԥшӡа дҳалатәаны дахцәажәон илгәаԥҳаз-илгәамԥхаз, ус хаҭала лхы аасықәылкын ус лҳәеит, Шьалуа зегьы рыла иунаалоит абри ахаҿсахьа, унагӡашьа, ухәмаршьа зегьы иаарылукаартә иҟоуп, амала енагь убызшәа уацклаԥшла, еиҳәшьак леиԥш суҳәоит, ҳәа лҳәеит. Убри аахыс, ианакәызаалакгьы, арепетициа аҟны аума, асценаҟны аума, лажәақәа еснагь исыцуп, сбызшәа сацклаԥшуеит, избанзар, асцена абызшәа уи раӡатәуп, ахәыԥшҩы игәаҟынӡа инеиртә еиԥш.

- Шәара аспектакльқәа рҟны еиԥш акино аҟынгьы ахәмарра аԥышәа шәымоуп. Издыруеит ирацәаны исахьарку афильмқәа: "Время счастливых находок", "Война еще не кончилась", "Робинзон Крузо", "В ночь на новолуние", уҳәа рҟны арольқәа нашәыгӡон, акино аҟны шәԥышәа шәазааҭгыл, насгьы акино аҟны аку, мамзаргьы атеатр аҟны аку ахәмарра абамариоу?

— Акино аҟны сара ус аразҟы смоуит Сергеи Габниеи, Томас Куакуасқьыри реиԥш ароль дуқәа насыгӡартә еиԥш изыҟамлеит, аха аибашьра ашьҭахьтәи аамҭаз Михаил Мархолиа ибзоурала, Аԥснытәи акиностудиа аҟны акымкәа-ҩбамкәа ахаҿсахьақәа сыхәмарит. Акинои, атеатри еилых сымам, рыҩбагьы бзиоуп. Шьоукы ус рҳәоит акино мариоуп, атеатр цәгьоуп ҳәа, сгәаанагарала урҭ аҩбагьы имариоу усӡам. Акино аҟны удыргәамҵо аҟынӡа унаргоит, убри аҟнытә атеатр аԥсҭазаареи акино аԥсҭазаареи зынӡа еиԥшӡам, атеатр аҟны итынчроуп, араҟа арежиссиоры, адраматурги, актиори рбызшәа анеиқәшәалак, ианеилибакаа, егьа аџьабаа убаргьы, ахәаԥшҩы ианидикыла, иизаигәаханы ианыҟала, убри иԥшӡоу игәызырҳагоу ԥсҭазаароуп.

- Иҟазма шәырҿиараҿы ишәцәыуадаҩыз, шәара хараӡа ишәыцәтәымыз ароль, мамзаргьы шәроль шәышьҭыԥааны шәанамыз?

— Александр Грибоедов ипиеса "Зыхшыҩ зызрыцҳароу" аҟынтә Фамусов ироль анагӡаразы Заур Ақаҩба исыдигалеит, аха усҟан сқәыԥшцәан, уажәы акәзар сагьызхьаԥшӡомызт, аха Фамусов ироль ишысцәыуадаҩхоз сдыруан азы мап ацәыскит, аха уаҳа даасҟәамҵит, сара актиор Арзаабеи Агрба дисырбеит, иара ахаҿсахьа ианаалоз, аха уаҳа даасҟәамҵит, аҵыхәтәан иара даиааит, ус аус еицура ҳалагеит, аџьабаа сыдибалеит, аха иаадырҽхәо аҟынӡа иҟалеит ҳаспектакль. Сзыргәырӷьоз ароль аҟынтәи, апиеса "Дон Карлос" аҟны инасыгӡоз ароль ауп, иара апиеса ахаҭа дууп, иқәзыргылозгьы Нелли Ешба лоуп. Ус иҟалеит ҳаспектакль дахәаԥшуан американтә ҵарауаҩык, уи лажәақәа абас иҟан, ари аспектакль Америка зегьы акәым — адунеи зегьы ирбароуп ҳәа, ус иҟаларгьы ҟаларын, аха ҳҟазара еиҵыҵыр зҭахымыз ауаа уи аус иаԥырхагахеит. Убри ароль сыԥҭазаараҿы раԥхьа игылоу арольқәа ҳәа исыԥхьаӡоит.

Гагратәи ақәыԥштә акәашаратә коллектив Нарҭи уи анапхгаҩи Асҭамыр Малиеи. - Sputnik Аҧсны
Асҭамыр Малиа: Сыԥсҭазаара аҟазара иазкуп

- Дзеиԥшразар акәи актиор, ҟазшьақәас имазар иахәҭеи?

— Актиор раԥхьаӡа иргыланы дуаҩызар ауп, аилибакаара илазар ауп, акулисатә цәажәарақәа актиор ианилала, егьа дҟазазаргьы уи иҟазара башахоит.

- Ишәымоума шәара егьырҭ актиорцәа ирзымдыро амаӡа?

— Актиор, мамзар ауаҩы иизымдыро амаӡа ҳәа, акгьы сымам, исыздыруам. Дарбанызаалак димоуп ихатәы ԥааимбар, иара уи дымҩақәиҵоит.

- Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ишәыман еиҿкааны адраматә кружок, насгьы акыр шықәса инеиԥанкыланы напхгара ашәҭон Шә.Ԥачалиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи акомедиатә театр, абарҭ ашықәсқәа рзы шәырҿиаратә период шәаҳзалацәажәа.

— Ахореограф Шамил Аҩардан ҳәа дыҟан, иара арҿиаратә ҩны еиҳабыс даман, уаҟа адраматә кружок еиҿкааны иман, зны аусуразы ааԥхьара усҭоит унеи иҳәан, уамак ишысҭахымызгьы сизнеит, ус сгәы иҭакны шықәсык аҟара аус аауны саҟәыҵоит ҳәа, аха убас аусқәа цеит шықәсык акәым 17 шықәса аус зуан убраҟа, аибашьра алагаанӡа. Сактиорцәеи сареи аспектакльқәа ықәҳаргылон, нас ақыҭақәа рахь ҳцон, дара уԥсы иузалымхоз ҷкәынцәан, еснагь ирҳәоз акы акәын иахьа иҟаҳҵаз бзиоуп, аха уаҵәы еиҳа еиӷьхоит ҳәа. Ҳхаԥшьгаратә коллектив Жәлар ртеатрны иҟаҳҵар рҭаххеит, уи алҳаршеит, анаҩсан Иван Ҭаркьыли, Виктор Тәанбеи, Константин Озгани ирылдыршеит абри атеатр ашьақәыргылара, иагьахьӡын Гәдоуҭатәи араионтә театр. 1991 шықәсазы Алықьса Аргәыни Шәарах Ԥачалиеи ирылдыршеи Гәдоуҭатәи Ҭҟәарчалтәи араионтә театрқәа Аҳәынҭқарратә театр аҟынӡа аҳаракыра ашьҭыхра. Абри атеатр иалаз хә-ҩык актиорцәа: Саида Делԥҳа, Руслан Лагәлаа, Миро Адлеиба, Борис Инаԥшьба, Едик Касланӡиа марттәи ажәылараан иҭахеит, дара рашьҭахь уи акружок уаҳа напы асаркрытә агәаҳәара смоуит, убри аус аӡәыр иациҵар иҭахызар сыԥсы ахьынӡаҭоу сицхраауеит.

- Ишдыру еиԥш атеатр енагь ианыԥшуан аԥсҭазаара ацәырҵрақәа. Шәгәаанагарала, атеатр ианыԥшуама иахьатәи ҳаԥсҭазаара?

Танцоры ансамбля Шаратын - Sputnik Аҧсны
Ажәлар рдоуҳатә психологиеи, абызшәеи, амилаҭтә хдырреи

— Иахьатәи атеатри сара схаантәи атеатри хәыки цҳаки рыбжьоуп. Ҳабиԥареи, ажәытә корифеицәеи ирыбзоураны аԥсуа театр аиҭарҿиара амҩа ианылеит, 60-тәи ашықәсқәа рзы ашәҟәыҩҩцәеи артистцәеи ирыбзоураны акультура аԥсы даҽакала иахалеит. "Шестидесятники" ҳәа изышьҭаз, убри ашықәсқәа иалҵыз артистцәа рымчала аԥсуа театр иреиӷьу атеатр ҳәа ахьыӡны иҟоуп. Иахьа актиорцәа дуӡӡақәа, ҳрежиссиор дуӡӡакәа рыԥсҭазаара иалҵит, насгьы аибашьра амшала атеатр иахьа алшарақәа маҷуп, уаанӡа иамаз ахьӡ-аԥша аҟынӡа макьана ҳазхамлацт. Аха агәыӷра сымоуп, иахьа аҿар бзиа иҳаҵагыло ирыбзоураны атеатр аҳаракыра шьҭыҵып ҳәа. Амыҟәмабарақәа ыҟоуп, ҳәара аҭахыума аус бзиа иаԥырхагоу абга ссақәа рацәахеит, аха абгалаџқәа еиҳа еиҳауп, амшәқәа ыҟоуп, ауаа ахатәрақәа ыҟоуп.

- Еиԥшымзаарақәас ирымоуи иахьатәи, уаанӡатәи атеатр ахәаԥшҩы? Иҽиԥсахма?

— Иҟоуп аҽыԥсахрақәа, аха ҳаԥсуа хәыԥшыҩцәа, даҽа хәаԥшҩык еиԥшӡам, уаанӡа ақыҭақәа ҳрылсон, ҳҟазара дмырбакәа џьаргьы ҳцаӡомызт, дара аҟазара ҳаракыла иазнеиуан, ҳаԥсуа хәаԥшҩы иаҟара згәы былуа, ҳаҭыр ақәҵаны издызкыло хәаԥшҩык дсымбаӡацт. Ари ажәақәа наскьоит ашьҭахьҟа, иҳаҩсхьо аамҭахь. Иахьа ишԥаҟоу? Хдырралеи, адкылашьалеи иахьеи уаанӡа иҟази еицәыхароуп сызҳәаӡом, иахьагьы уамашәа иубаратәы ахәаԥшҩы бзиа дҳамоуп, аха иаҳԥырхагогьы акы ыҟоуп иҳалсыз ацивилизациа ауп. Адунеи аҟны еиуеиԥшым аконцертқәа анцо арҵәаа-сырҵәаа ҳәа иҳәҳәо, атрышә иасо иҟоу ахымҩаԥгашьа абри аҩыза ҳара ҳҿынӡа иааӡеит. Абри сара сымацара сакәым, ҳкультура аиӷьхара зҭаху зегьы ирыԥхьаӡоит ари аҩыза ахымҩаԥгашьа ихәарҭамкәа иҳаланагалеит ҳәа. Анцәеи иџьшьаны, аспектакльқәа анҳамоу аамҭаз уи аҩыза рыдсымбылацт ахәыԥшцәа, уи збар ацкьыс сыԥсыр еиҳа еиӷьуп. Атеатр аҟны атрышә уасыр актиор иоума, ма аспектакль ицо аума ибзиаӡам, иугәамԥхеит ауп иаанаго, ус ауп атеатр аҟны ишырыԥхьаӡо.

- Актиорра акәымзар, даҽа занааҭс иалышәхуаз?

— Алықьса Аргәын абри сыхҭыс иазкны абас еиԥш иҩхьан "Шьалуа даныҷкәыназ атеатр ахь ихы ирхаанӡа арра маҵурахьы ацара игәы иҭан, аха иԥсҭазаара убас иааҳәит, асценаҟны аофицарцәеи, аполковникцәеи, аинралцәеи ррольқәа дыхәмарратә еиԥш. Даныҷкәыназ ихы зқәикыз аус аценаҟны иаарԥшит", ҳәа. Уаҳа еиӷьны ҳәашьа амам. Атеатр убысҟак сыԥсҭазаара иалаҵәеит, сакны самоу, аԥсра ансықәшәо аамҭа асценаҟны иҟалааит ҳәа сҳәоит еснагь.

- Актиор иԥсы шԥаишьои?

— Актиор ԥсшьара имаӡам. Артист ашьыжь инаркны уаха ацәа иааимнахаанӡа ирольқәа роуп дзызхәыцуа, ианакәызаалак актиор асценаҿы даныхәмаруа ауп иԥсы аныишьо.

Ажәабжьқәа зегьы
0