Аснаипер Едики авинтовка "Ажәҵыси"

© Фото : предоставлено Эдуардом АршбаАршба Едуард
Аршба Едуард - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Иҭыхым аибашьцәа" инанагӡоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Едуард Аршба иҭоурых.

Асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа хынҩажәа иаҳдырбоит Аԥсны ахьчаҩцәа рҟазшьа, рҭагылазаашьа, ргәыҵха. Аинформациатә агентра Sputnik Абхазиа апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны адаҟьақәа рҟны ицәыргахоит аибашьра аамҭазтәи асахьақәа, аочеркқәа.

Инна Џьениаԥҳа, Sputnik.

Раԥхьатәи "Ажәҵыс"

— Абџьар укхьомаҟ – дсазҵааит Мушьни Хәарцкьиа.

— Ааи – сҳәеит сара.

— Иззы?

— Схысуан – аҭак ҟасҵеит.

— Уақәшәоу? – деиҭаҵааит.

— Иҟалап.

"Авинтовка насиркит. Аибашьра аҩбатәи амш аҽны акәын. Иахьанӡагьы ишсымац исымоуп Мушьнии сареи ҳаиҩызареи аибашьреи иршьананы, иргәаларшәаганы", — иҳәоит аветеран.

Адгәыр Џьениа. - Sputnik Аҧсны
Адгәыр Џьениа: аибашьреи аиумори

Абџьаргьы ауаатәыҩса реиԥш ахатә лахьынҵа амоуп. Аибашьҩы Едуард Аршба иҭоурых, аснаипери авинтовка "Ажәҵыси" рҭоурых ауп.

Драгунов иснаипертә винтовка мамзаргьы "Ажәҵыс" — Мушьни Хәарцкьиа иҳамҭоуп. Едик ишаҳзеиҭеиҳәаз ала дарбанызаалак ахысыҩ иабџьар ахьӡ ҷыда аиҭоит. Иара иабџьар "Ажәҵыс" ахьӡитәит. Фынтә ахы ақәшәеит. Иҟалап ахқәа иара иадкыланы аԥшәма деиқәнархазаргьы.

Едуард, мамзаргьы Едик хәышықәса анихыҵ аахыс ахысшьа идыруеит. Раԥхьа авинтовка ТОЗ-8 ауп инапаҿы иикыз.

"Саныхәыҷыз ахәырмаҵла саҵагылан абаӷырқәа сырехсуан", — иҳәоит Едик Аршба.

Аибашьраан Едик аԥсуа ар рыштаб хада аиҳабы Владимир Аршба инапаҵаҟа иҟаз аҟәша ҷыда далахәын. Дыснаиперын.

"Ҳкоманда иалахәыз рацәамызт", игәалаиршәоит иара.

Аснаипер ихысра – аҟазара ду аҭахуп. Аснаиперҵәҟьа – иумбо, иумаҳауа еибашьҩуп. Аветеран иажәақәа рыла ахысра инанагӡо 10 процентктәи аус ауп, 90 процент иаҵанакуеит акәама-ҵама ҷыдақәа: аҭыԥ маншәала алхра, аҽыҵәахышьа, ачҳара уҳәа убас егьырҭгьы.

Иара ишеиҭеиҳәо ала аибашьраан ирацәаҩын иара иикыз авинтовка аҩыза змазаарц зҭахыз, аха нас "мап, автомат еиӷьуп" зҳәоз.

"Аснаипертә еибашьра, аҽакуп. Иарбанзаалак абиԥара иамоуп ахатәы еибашьра хкы. Аԥхьара шуҵо еиԥшны иуҵароуп аибашьышьагьы. Аибашьра иамоуп зегь зқәымныҟәо ԥҟаррак – угыгшәыгымхароуп. Аснаипер нцәаны ихы иԥхьаӡар илшоит: иҭахума аԥсҭазаара уиҭоит, иҭахума – иумихуеит", — иҳәоит иара.

Аснаипер ихымҭақәа зегьы иԥхьаӡоит.

"200-нтә схысхьан. Аснаипер ма иԥсы ҭоуп, ма дыԥсуп. Иԥхьатәоу снаипер дыҟаӡам", — иҳәоит Аршба.

Едуарҭ ихатәы аасҭа иҩызцәа ртәы аиҭаҳәара игәаҳәоит.

"Снаиперҵәҟьаны исшьоны издыруаз Игор Пошкурлат иакәын. Ахысразы аспорт азҟаза ҳәа дыҟан", — иҳәоит Едик.

Мзия Абухба. - Sputnik Аҧсны
Ҩы-мцак рыбжьара. Мзиа Сохаӡе-Абыхәба леибашьратә ҭоурых

Аибашьраан аӷа иганахь иҟан аҳәса-снаиперцәа. Ахәы ҳаракырақәа рҟынтәи икылкааны ҳаҷкәынцәа иреихсуан. Дара ракәзар рбара узалыршомызт. Убарҭ ирҿагылоз дыруаӡәкын Игоргьы.

"Аибашьра ашьҭахь Аԥсныҟа иааит аҟәша ҷыдақәа "Вымпели" "Альфеи" рҟазауаа. Ҩба-ҩба ҵара змаз, зус бзиаӡаны издыруаз. Ҳара иаарласны аиҩызара ҳабжьалеит. Ҳаргьы идҳарбашаз ҳаман, ҳәарада. Ҩымз рҟынӡа иҟан. "Гелаевтәи" ахҭысқәа рышьҭахь ицеит", еиҭеиҳәоит Аршба.

"Шәара шәхатәык еиҭашәҳәар сҭахын" — сҳәоит сара.

"Исҳәои схазы. Сара аманшәалара зцу уаҩуп. Ауаа хазынақәа сыԥсҭазааратә мҩаҟны исԥылахьеит. Аибашьра ауаҩы даԥсахуеит. Аха, сҩыза бзиа, Мушьни Хәарцкьиа аибашьрагьы даԥсахны дсымбеит. Ихымҩаԥгашьа аҭынч ԥсҭазаара иақәшәон. "Амра" дтәаны акаҳуа даҿыхәозшәа акәын дҭынчны ихы шымҩаԥигоз. Иҭынчра иагәылыԥшуаз хаҵаран. Дфырхаҵоуп", — еиҭеиҳәоит Едик.

"Аԥҳәыси аибашьреи. Арҭ шԥеидкылатәу?", — сҵаауеит сара.

"Дыҟан медеҳәшьак – Лиалиа Паразиа ҳәа. Дхаҵан. Уаҳа аҽакала узлыхцәажәом. Ҟабардатә еибашьҩык исзеиҭеиҳәон: «адунеи ааҳәуама уҳәо иҟан аҭагылазаашьа. Анышә схәыҵалар моу смоуа сааҟалеит. Сыԥшызар, Лиалька дҩагылан, ашәа ҳә лҿыналхеит. Ҳаргьы ҳналышьҭалеит» ҳәа игәалаиршәоит Едик аибашьҩы иажәақәа.

Аҽеиқәырхараз аибашьра

Аибашьра аԥшьбатәи амш аҽны Едик дырхәит. Ивараҵәҟьа аснариад ԥжәеит. Аҷкәынцәа даашьҭԥааны аҽыҵәахра инашьҭалеит. Еиҳа ишәарҭамыз ҭыԥны ирбаз "Универсам" араион аҟны игылоу, жә-етажктәи аҩнеихагыла аҟьамсареизгарҭа иаартыз ашә акәхеит. Аҵыхәтәантәи аминуҭқәа аҟьамсареизгарҭаҿ ихигар ҳәа дшәаны Едик имч еизганы аҳәҳәара далагеит "Уахь сшәымган" ҳәа. Дызгозгьы рымҩа аадырҵәиит. Ареспубликатә хәышәтәырҭахь узнеиуамызт, аҿаԥхьа атанкқәа гылан. Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь ддәықәыргалеит, аха амҩан амашьына амца акит. Ус иаарыдгылаз машьынак ахь ииагара иалагеит.

"Амашьына зынӡа иҿыцын "исҟьышьуеит" сҳәеит. "Ухагоума?" — иҳәеит амашьына зтәыз. Ашьа сыҵыкәкәа сынҭарҵеит. Ааигәа издыруаз аӡә дсазҵааит "смашьына аҟьышьра шуҭахымыз угәалашәо" ҳәа", — дцәажәоит Едик.

Ари аҭоурых иацугьы ыҟоуп аибашьра ашьҭахь хәбаҟа шықәса ҵуаны Едик иҩызцәеи иареи тәаны аибашьра ргәаладыршәон.

"Сҩыза бзиа, Аԥсны Афырхаҵа Едик Пантиа иеиҭеиҳәоит аԥжәара иахҟьаны еибашьҩык идақәа шыԥжәаз. "Ҳара даҳзеиқәырхандаз ҳәа дҳаманы ҳцоит, иара "аҟьамсареизгарҭахь сшәымган" ҳәа аҳәҳәара даҿуп", — иҳәеит Пантиа.

— Ауниверсам аҿаԥхьами уи ахьыҟалаз? – сҵааит.

— Ааи – иҳәеит иара.

— Цқьа иныҭкааны усыхәаԥши – сҳәеит.

— Уара уоума?— иҳәеит.

— Ааи, сара – сааччеит.

"Аибашьраҟны зегь раасҭа еицәоузеи?" — сҵааит сара.

"Зегь раасҭа еицәоу уҩызцәа анҭахо ауп. Аибашьра абзиарагьы амоуп. Ухы ԥушәоит. Узакәыҵәҟьоу унардыруеит. Егьыс, Анцәа инапы уануп. Ахаан исхашҭуам аибашьратә мҩа исыцанысыз зегьы".

Родион Ҳагба - Sputnik Аҧсны
Родион Ҳагба: Аԥсны ахақәиҭра амш аҽны сагьхысуан сагьҵәыуон

Едик марттәи аоперациагьы далахәын. Владимир Аршба инапынҵала Аԥсны анҭыҵҟа дшыҟаз иаҳаит ажәылара аӡбахә. Дагьыхынҳәит.

"Ақырҭцәа хыԥхьаӡарала ишаҳаиҳазгьы ҳара агәрагара ҳаман аиааира аагоит ҳәа…"

Аҩыза ӷьеҩ

1993 шықәса ааԥынразы Едик деиҭархәит. Ишьапы иҵишьуан. Владимир Аршба идҵала ивинтовка приднестровиатәи аибашьҩы ииҭар акәын.

"Ишусҭаз еиԥш иургьыжьуеит. Анышә уҵазаргьы уҵысхуеит, — сҳәеит. – Иԥсы ҭаны деиқәхеит. "Уара усмықәмақарызҭгьы сзымхынҳәыргьы ҟаларын" — иҳәеит".

— "Ажәҵыс" убриаҟара ишәызгәакьоума?

"Аибашьраан уабџьар шуцу иуцзароуп. Исгәалашәоит кьынтыжәла иԥкаа-ԥкаауа ианысрыцқьоз, уԥҳәысгьы ариаҟара думшьышьыцзар ҟалап ҳәа исыхлафуан!" дыччоит Едик.

Тҟәарчалтәи ашкол даналга Едик дҭадоит МИСИ. Ауниверситет аҟны еиҿкааз аестрадатә миниатиурақәа ртеатр далахәхоит. Уаҟа драбадыруеит КВН алахәылацәа Андреи Локтев, Петр Подгородецки, Андреи Кнышев уҳәа ирацәаҩны.

Апатреҭ азы

Едуард Аршба ипатреҭ ҭыхын аибашьра ашьҭахь. Баҭал Џьапуагьы исахь ҭиххьан.

Едик ажәытә аԥсуаа рыԥшроуп имоу.

"Руслан сара дысҩызоуп. Ахаҿсахьақәа даара иқәманшәалахоит", — иҳәоит иара.

Ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭаз сҵаауеит:

Аибашьраҟны реиҳа амистика зҵозеи? ҳәа.

— Сыԥсы ҭоуп. Уи ауп амистикагьы – аҭак сиҭеит Едик.

Ажәабжьқәа зегьы
0