Аҩӡба: ҳара ҳусураҟны ақыҭатәи аҿар еснагь аԥыжәара раҳҭоит

© Sputnik Рада АжьиԥҳаАԥсны аҿар рполитиказы аҳәынҭқарратә еилакы Алиас Аҩыӡба.
Аԥсны аҿар рполитиказы аҳәынҭқарратә еилакы Алиас Аҩыӡба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы хәажәкырамза 30 аҽны шықәсык ахыҵит. Ари ашықәс иалагӡаны аилак имҩаԥнагаз ауснагӡатәқәеи, раԥхьаҟатәи рыгәҭакқәеи ртәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит аилак ахантәаҩы Алиас Аҩӡба.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгон Рада Ажьиԥҳа

- Аԥсны аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахырхарҭа хада арбан? Изакузеи аҿартә политика?

— Аҳәынҭқарра ахада иусԥҟа инақәыршәаны шықәсык уажәаԥхьа, Аԥсны аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы еиҿкаан. Хықәкы хадасгьы иҳамоу ҳзакәан инақәыршәаны ганрацәала аҿар рыԥсҭазаара алахәхароуп, 14 шықәса зхыҵуа инадыркны 30 шықәсанӡа, дара рхаҭарнакцәа ирызцәырҵуа еиуеиԥшым азҵаарақәа рҟны аус рыцура, аус рыдулара, аҳәынҭқарра аганахьала ахылаԥшра арыҭара. Уи инаҷыданы ҳусура аҟны хықәкы хадас иҳамоу аҿар аԥсҭазаараҟны аҭагылазаашьа бзиақәа рзаԥҵара, аҿар ирылоу аҷыдарақәа, агәырҵҟәыл, абаҩхатәра раарԥшра азыҳәан, аԥсҭазаараҿы дара ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари ирыхәаны рыҟаҵара ауп. Рҭаацәа инарҷыданы аҳәынҭқарра аҟнытә ахылаԥшра рыҭаны инраамҭоу, зааӡара ҳараку, здырра ҵаулоу, аԥстазаараҟны априоритет бзиақәа змоу атәылауаҩны ҳажәлар инаганы рыларгылара — абри ауп ҳықәкы хадас иамоу ҳусбарҭа.

Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟә ҿыц "Алыԥшаахқәа" захьӡу ӡырылгеит

Аҿар рҵаратә процесс, ргәабзиарахьчара, аусурала реиқәыршәара абарҭ рыҟны џьара акала ацхыраара ҳзыҟаҵозар ҳәа ауп аилакгьы зеиҿкаау. Аҿартә политика ҳәа анырҳәо иара аамҭа аҭахрақәа иҳазцәырнагеит аҿар ҳаԥсҭазаараҟны иааныркало аҭыԥ асоциалтә гәыԥ реиԥш урыхәаԥшуазар еиҳа ихьчам, иуашәшәыру асоциалтә гәыԥқәа ирхыԥхьаӡалоуп, избанзар шамахамзар ихьыԥшым аҿар рыбжьара имаҷуп, иара аԥсҭазаараҟны имҩаԥысуа апроцессқәа идкьыслоит, аҳәынҭқарраҟны имҩаԥысуа аусқәа зегьы саркьаҵас аҿар ирныԥшуеит. Убри аҟнытә ахынҭаҩынҭара аныҟоу аҿар игәыгәҭыжьны иаанхоит, уи иахылҿиаауа апроблемақәа рацәоуп, ианыԥшуеит анаҩсан акреминогентә ҭагылазаашьа, ҳдемографиа, аҿар ргәабзиара. Абри зегьы еидҳәалоуп, убри аҟнытә аҳәынҭқарра ахада аҿар ирымоу апроблемақәа алкаа рзуны, хаз игоу ҷыдала аҿартә политиказы ҳәа аилак шаԥиҵаз. Аԥсны аҿар рахь иаҵанакуа рхыԥхьаӡара наӡоит 55 нызқь-ҩык рҟынӡа.

- Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи аҿари шәареи шәеимадара шԥаҟоу?

— Даараӡа иуадаҩуп араионқәеи ҳареи ҳаимадарра. Араионқәа рыҟны аҿартә политиказы хаз игоу хеилак ыҟаӡам, насгьы ҳаидызкыло концепциак ҳамаӡам, уи инашьашәаланы апрограммақәа ыҟаӡам, уҳәаақәызҵо аԥҟарақәа аныҟамла иуадаҩуп аусура, аха ҳара "Аԥсны аҿартә политиказы" ҳәа азакәан инақәыршәаны аус аауеит, аха уи азакәангьы аԥсахрақәа алагалатәуп, иагәылоу ахәҭаҷқәа зегьы аус руӡом, уи зыхьҟьогьы амзызқәа ахьырацәоу ауп. Араионқәа рыҟны иҟоуп аҿари аспорти рзы аилакқәа, аҳәынҭқарраҟны еидаҳгазар араионқәа рыҟны арҭ аилакқәа еидҳәалоуп макьаназ. Арҭ азҵаарақәа реидҳәалара аҟны еиҳа аԥыжәара зырҭо аспорт ауп, аспортсмен бзиаӡақәа ҳамоуп, уи хымԥадатәиуп, аха аҿартә политиказы иҟаҵо маҷхоит.

Алиас Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Абҵара 6-8 рзы имҩаԥысраны иҟоуп аҿар рфорум "Аԥсны-2015"

Аҿартә политика закуи ҳәа уразҵаар шьоукы, ус ргәы иаанагоит уи еиуеиԥшым аныҳәқәа рымҩаԥгара ауп ҳәа. Аҿартә политика ари аныҳәеи-аныҳәеи рыбжьара аҿар акгьы ианазкым абзиарахь рхьарԥшра, раамҭа баша амырӡра ауп. Араионқәа зегьы рыҟны иҟоуп аҟәшақәа, аха аспорт афинанс еиҳа иазоурыжьоит. Аспорт ус иҟоуп, аспортсменцәа аџьабаа ирыдубало алҵшәа иаразнак иубоит. Аха аҿар зегьы аспорт ахь иҳазхьарԥшӡом, аӡәы дҵарауҩхар итахыуп, егьы дбизнесменхар, аҽаӡәы аҟазара ихы азикыр, абарҭ зегьы рыҟны араионқәа рыҟны иҟоу аилак иҳәаақәнаҵозар ауп, ақыҭақәеи дареи аимадара ӷәӷәа рыбжьазар ауп. Араионқәеи ҳареи ҳаиҟәыганы ҳаҟоуп, аӡәи аӡәи ҳаизымҵааӡақәа абиуџьет азышьҭаҳҵоит, имҩаԥаагаран иҟоу ауснагӡатәқәа аплан шьықәҳаргылоит, убысҟак ҳаидҳәалаӡам, убысҟак ҳусура еицәыхароуп уаархәыцратә еиԥш.

Сара уи ус сахәаԥшоит, системак иаҳзеиԥшу анаԥаҳамҵа, иаҳзеиԥшу планк, программак анышьықәҳмаргыла алҵшәақәа есааира еицәахалоит. Аҿартә политиказы аилак ианакәзаалак, аӡәгьы игәы иаламсааит, цәынхак принципк аҳасабала иазныҟәон. Аспорт аԥхьа идыргылон, атәанчаҩцәа, асоциалтә ҭагылазаашьа, аҿар шәара шәаангыл, шәааԥшы, шәхәыҷқәоуп, шәаамҭа ҟалап ҳәа рарҳәон, убас иахьынӡарҳәоз иҿиаз апроблемақәа иахьагьы иаабоит, убас иҟамларц азы аҿар рхаҭарнакцәа ианаамҭоу ргәы ктәуп, рҩызцәа ирыларгылатәуп, адунеи дырбалатәуп, ихәарҭам ахь иианамгарц азы. Ахәыҷы иниаамҭоу ашкол ахь дцароуп, астуденттә ԥсҭазаара ибароуп, иуалԥшьа наигӡароуп, урҭ иусқәа инарҷыданы активла ихы ааирԥшыроуп аԥсҭазаараҟны, иҩызцәа-иқәлацәа дрылагылазар ауп, азенџьыр шеибарку еиԥш абас аки-аки еибаркуп.

Алиас Аҩӡба: нанҳәамза 17-25 рзы имҩаҧгахоит аҧхынтәи алагер

- Ақыҭаҿы инхо аҿари шәареи аимадара шԥашәыбжьоу?

— Хара имгаӡакәа аконкурс рылаҳҳәоит ақыта аҟны инхо аҿар рзы, ақыҭа иахьаҵанакуа аҿар аус руртә еиԥш акы рзеиҿкаауазар авагылареи ацхыраареи раҳҭоит, уи азы сынтәатәи ашықәстәи ҳбиуџьет аҟны иазалхуп аԥара. Апроект аиқәыршәараан ацхыраара раҳҭоит. Иаиааиз апроект аԥара азоужьны хылаԥшрадагьы иаанҳажьӡом, уи аус шьаҿа-шьаҿала ҳалаԥш ахызаауеит. Ҳара ҳусураҟны ақыҭатәи аҿар еснагь аԥыжәара раҳҭоит.

- Еиуеиԥшым апроектқәа рыла аҿар авагылара рышәҭоит, инарҭбаан шәырзааҭгыл шәыпроектқәа.

— Имҩаԥааго апроектқәа рҿынтә иҳақәҿиаз ҳәа исыԥхьаӡоит, ҿыц еиднагалаз ауаа ачара аныруа ԥарала ацхыраара рыҭара, ачарақәа зуа аҭаацәарақәа рзы уи ацхыраара дуӡӡан. Иара иазыԥҵәаны ҷыдала аԥара ҳәа акгьы ыҟаӡамызт, аха егьырҭ ашықәсқәа рзы ҳаилак аҟнытә акредитқәа змаз идыргьежьқәаз ирыбзоураны ацхыраара раҳҭартә еиԥш алшара ҳауит. Ари аҩыза апроект уаанӡагьы иҟан, аха иззоурыжьыз аԥара дмыргьежьӡит, убри аҟынтә ҿыц алагалара игәаӷьыуацәан. Шықәсык иалагӡаны, ачара асезон азы ҳрыцхрааит 53 ҭаацәара.

Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ачара зуаз аҿар рҭаацәеи дареи аԥара ианаамҭаз иахьдыргьежьоз, ҳаилибакааны ари аус анагӡара ахьҳалшаз, иҳабжьалаз агәреибагара иабзоураны, ари аус сынтәагьы иацаҳҵоит. Аԥхын "арҵаратә лагерь" ҳәа имҩаԥаагон, ари апроект аҩнуҵҟа аус руит 200-ҩык рҟынӡа аҿар, даҽа проектк ҳаман "арратә-патриоттә" лагерь 100-ҩык инареиҳаны арԥарцәа. Иазгәасҭарц сҭахуп аҿар рхыԥхьаӡареи рырзаҳалқәеи шырацәаз, мап зцәаҳкыз рацәахеит, избан акәзар еиҳа ахшыҩзышьҭра раҳҭон ақыҭа аҿар. Аҿар иҳадыргало апроектқәа зегьы авагылара раҳҭоит, избан акәзар аҿар бзиаӡа ҳамоуп, аҿар ирымоу амчхара ахамырхәара аҳәынҭқарра азыҳәан итрагедиоуп. Ҳаилак аҟны имҩаԥаагоз апроектқәа иааидкылан хә-нызқь рҟынӡа аҿар рхы аладырхәит, урҭ рхыԥхьаӡара сынтәа еиҳа еиҳахоит.

- Аԥснытәи аҿари егьырҭ амилаҭкәа рхаҭарнакцәеи рыбжьара имҩаԥыжәгоит еиуеиԥшым афорумқәа, хықәкыс ирымои дара?

— Аҿар рдырра аизырҳаразы, аҳаракыразы, ацҵаразы еиуеиԥшым асеминарқәеи, атренингқәеи, афорумқәеи зегьы ҳхы рылаҳархәуеит. Егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҿы иҟоуп хаз игоу аинститутқәа аҿар аус рыдызуло, аспециалистцәа иахьазыҟарҵо, ҳара ус аспециалистцәа ҳамаӡам, убри аҟнытә иахьҳалшо зегьы ҳхы рылаҳархәуеит. Ҳара ҳаилак аҟны аус зуа рԥышәа аизырҳаразы Урыстәылаҟа иҳашьҭоит. Сынтәа 500-600-ҩык рҟынӡа аҿар аԥхынтәи апериод иалагӡаны еиуеиԥшым асеминарқәеи, афорумқәеи, атренингқәеи ирхысыр ҳҭахуп Аԥсни уи анҭыҵи. Ҵыԥхтәи ашықәс иалагӡаны еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рыҟни ҳаешьаратә республикақәа рыҟны имҩаԥаагаз ауснагӡатәқәеи, аиԥыларақәеи, иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭрақәеи ирыбзоураны сынтәа аҿар рхы ԥыршәарц, ирымоу адыррақәа реизарҳаразы алшара роуеит.

Оксана Ԥачлиаԥҳа: Аҿартә политика Аԥсны ахырхарҭа хадақәа ируакхароуп

- Шәара ааигәа шәхынҳәит Аахыҵ Уаԥстәылантәи, шәусуратә визит ахықәки алыҵшәақәеи ртәы шәазааҭгыл?

— Аахыҵ Уаԥстәыла ҳцара иабзоурахеит, мызқәак раԥхьа имҩаԥаагоз аҿар рфорум аҟны иҳадаагалыз ақәҵара иабзоураны. Уи афорум аҩаӡара ҳаракын, зхы алазырхәыз рхыԥхьаӡара даара ирацәан. Урыстәылантә иааз иџьаршьон шықәсык ала иҳалҳаршоит ҳәа ҳазҿыз ауснагӡатәқәа. Иахьа, ҳара аамҭа иҳанаҭаӡом аҿар ауз анрыдаауло агхақәа рыҟаҵара, убри аҟынтә ҳнапы зҳарко зегьы рынагӡараҿ ҳҽазаҳшәоит ишахәҭоу рымҩаԥгара. Аахыҵ Уаԥстәыла аиԥыларақәа рацәаны имҩаԥаагеит, атәыла ахада иҟны, ацҳаражәҳәарҭаҟны, аҿартә политиказы аилак аҟны. Иҳалшаз, лыҵшәас иҳамоу ҳаҩ-республикақәа имҩаԥаагоит аҿар рфорум "Аланиа 2016" захьӡу. Ари афорум алшара ҳанаҭоит иҵегь иааигәаны аҩызара ҳабжьҵара, уаҟа инхо Аԥсны бзиа ирбоит, ргәы азыбылует, аҿар еибабар рҭахуп. Агеографиала хәыҷык ҳахеицәыхаро иахҟьаны лассы-лассы ҳзеиҭанаиааиӡом. Хара имгаӡакәа ихаҵҳаркоит еицаҳзеиԥшу хәба фба проект, аҿар рԥышәа аимадара абри ауп ҳхықәкы хада. Иара убас ҳгәы иҭоуп Ҟабардеи Чечентәылеи ареспубликақәа рахь ацара.

- Шықәсыктәи шәусура аихшьаала ҟаҵо, аилак анаԥышәҵоз ишәымаз шәыгәҭакқәа нашәыгӡеит ҳәа шәзыҳәоума?

— Ари аилак анаԥаҳҵа инаркны шықәсыктәи ҳусура иаԥышәаган, сзыцәшәоз аҭагылазаашьқәа рацәан, иҳадыз аҭакԥхықәра еилыскаауан, аха иҳалшо зегьы ҟаҳҵон, ақәҿиарақәа ҳаман ҳәагьы сҳәарц сылшоит. Шықәсыктәи ҳусура алкаа ҟаҵо иҳамаз алшареи иҳауыз алҵшәақәеи еиҿҳарԥшуазар ҳагәҭакқәа наӡеит, ҳапхьаҟагьы иҵегь аус аауыртә еиԥш амч ҳауит.

Ажәабжьқәа зегьы
0