Анхара аамҭа иадҳәалоу ацәаӷәара иахьа ишыҟоу

Анапаҵаҩра
Бармышь ақыҭаҿы ицәаӷәо реиҳараҩык хәажәкырамза инаркны ацәаӷәара напы адыркуеит. Анхаҩы Анзор Аиба иҭаацәараҿы есшықәса ауҭраҭыхи аџьықәреи ахьыҟарҵо аҭыԥ ацәқәа рыла ирцәаӷәоит.

"Наџьнатә аахыс, ақәаҭана скыртә сҟалеижьҭеи ацәқәа рыла сцәаӷәоит, ақәаҭана иацәаӷәои атрактор иацәаӷәои узеидкылаӡом. Қәаҭанала сара изысҭаху еивҵаԥсаны исцәаӷәоит, инысҭаху адгьыл стыхоит, аџьықәреи ласҵоит", — ҳәа иҳәоит Анзор Аиба.

Атракторлеи ақәаҭаналеи иуцәаӷәо адгьыл еиԥшӡам. Аџьықәреи ахаҭабзиареи аҽаҩреи анырра анаҭоит атракторла ианыцәаӷәо, адгьыл атрактор ианацәаӷәо абзиара зегьы аҵаҟа иагоит хыхьҟа  ацәгьара ханагалоит, иара уаауп аџьықәреи аԥашәгьы ахьакуа, убри аҟынтә қәаҭанала иуцәаӷәази илауҵази ауп ибзиоу.

Иахьа ацәқәа рыла ицәаӷәо рхыԥхьаӡара маҷзаргьы Гәдоуҭа араион иахьаҵанакуа Џьырхәеи, Бармышьи, Ҟәланырхәеи, Абгархықәи реиԥш иҟоу ақыҭақәа рҿы адгьыл ахьиашам, атехника неиртә еиԥш иахьыҟам анкьа еиԥш ицәаӷәоит.

Ацәаӷәара иазку аҭоурых инарҭбааны шәаԥхьар ҟалоит абра

Ацәаӷәара авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра


© Sputnik / Томас ТхайцукГәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан инхо анхаҩы Анзор Аиба иҭаацәараҿы есшықәса ауҭраҭыхи аџьықәреи ахьыҟарҵо аҭыԥ ацәқәа рыла ирцәаӷәоит.
Ааԥынтәи ацәаӷәара. - Sputnik Аҧсны
1/8
Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан инхо анхаҩы Анзор Аиба иҭаацәараҿы есшықәса ауҭраҭыхи аџьықәреи ахьыҟарҵо аҭыԥ ацәқәа рыла ирцәаӷәоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукГәдоуҭа араион иахьаҵанакуа Џьырхәеи, Бармышьи, Ҟәланырхәеи, Абгархықәи реиԥш иҟоу ақыҭақәа рыҟны анкьа еиԥш ицәаӷәоит.
Ааԥынтәи ацәаӷәара. - Sputnik Аҧсны
2/8
Гәдоуҭа араион иахьаҵанакуа Џьырхәеи, Бармышьи, Ҟәланырхәеи, Абгархықәи реиԥш иҟоу ақыҭақәа рыҟны анкьа еиԥш ицәаӷәоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАтракторлеи қәаҭаналеи иуцәаӷәо адгьыл узеидкылаӡом.
Ааԥынтәи ацәаӷәара. - Sputnik Аҧсны
3/8
Атракторлеи қәаҭаналеи иуцәаӷәо адгьыл узеидкылаӡом.
© Sputnik / Томас ТхайцукАкәаҭана адгьыл еивҵаԥсаны иацәаӷәоит, анаҩсан аҳәҳәага хыршьоит нас иларҵоит.
Ааԥынтәи ацәаӷәара. - Sputnik Аҧсны
4/8
Акәаҭана адгьыл еивҵаԥсаны иацәаӷәоит, анаҩсан аҳәҳәага хыршьоит нас иларҵоит.
© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАқәаҭана ахәҭақәа зегьы абас ишьақәгылоуп: аԥыза, ацәеиха, ацәмаҭәа, ацәшьхәа.
Традиционная пахота в с.Бармыш - Sputnik Аҧсны
5/8
Ақәаҭана ахәҭақәа зегьы абас ишьақәгылоуп: аԥыза, ацәеиха, ацәмаҭәа, ацәшьхәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАцәаӷәара иазку ақәаҭана ибзианы иныҟәгатәуп, ацәмаҭәеи, ацәеихеи ианаамҭоу иӡрыжәзароуп, ауӷә иаҵаукуа ацәқәа ибзианы ибжьатәуп, иааӡатәуп.
Ааԥынтәи ацәаӷәара. - Sputnik Аҧсны
6/8
Ацәаӷәара иазку ақәаҭана ибзианы иныҟәгатәуп, ацәмаҭәеи, ацәеихеи ианаамҭоу иӡрыжәзароуп, ауӷә иаҵаукуа ацәқәа ибзианы ибжьатәуп, иааӡатәуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукБармышь ақыҭа адгьыл ацәаӷәаразы қәаҭанада иауам, араҟа ацәқәа рыла еиҳа иманшәалоуп.
Ааԥынтәи ацәаӷәара. - Sputnik Аҧсны
7/8
Бармышь ақыҭа адгьыл ацәаӷәаразы қәаҭанада иауам, араҟа ацәқәа рыла еиҳа иманшәалоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукБармышь ақыҭаҿы ицәаӷәо реиҳараҩык хәажәкырамза инаркны ацәаӷәара напы адыркуеит.
Ааԥынтәи ацәаӷәара. - Sputnik Аҧсны
8/8
Бармышь ақыҭаҿы ицәаӷәо реиҳараҩык хәажәкырамза инаркны ацәаӷәара напы адыркуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0