Аџьартә ныҟәара Виффагиа инаркны Иерусалимнӡа аԥсуаагьы имҩаԥыргеит

© Sputnik Роберт ДжопуаАԥснытәи Иерусалимҟа ицаз аныҟәаҩцәа асабша, Анцәа Иерусалимҟа инеира иазкыз ҩ-Џьартә ныҟәара мҩаԥыргеит
Аԥснытәи Иерусалимҟа ицаз аныҟәаҩцәа асабша, Анцәа Иерусалимҟа инеира иазкыз ҩ-Џьартә ныҟәара мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи Иерусалимҟа ицаз аныҟәаҩцәа асабша, Анцәа Иерусалимҟа инеира иазкыз ҩ-Џьартә ныҟәара мҩаԥыргеит.

АҞӘА, мшаԥымза 25 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥснытәи Иерусалимҟа ицаз аныҟәаҩцәа асабша, Анцәа Иерусалимҟа инеира иазкыз ҩ-Џьартә ныҟәара мҩаԥыргеит, Виффаги аҟынтәи ажәытә қалақь Иерусалимнӡа ҳәа ҳзааицҳаит ҳкорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

Аџьартә ныҟәара анцәахаҵаҩцәа еснагь имҩаԥыргоит амҽыша, Анцәа Иерусалимҟа инеира иазкны иҳәеит Агәыӡера аҳаблаҟны иҟоу ауахәама аиҳабы аиреи Далмаҭ (Гоԥиа).

"Иахьа, ауаа апальма махәҭақәа рыманы Виффагинии инаркны Иерусалимынӡа аныҟәара мҩаԥыргоит. Аевангелие ишаҳәо ала дарбанызаалак анцәахаҵаҩы Иаса Қьырса адгьыл аҟны дызнысыз имҩа данысроууп", — иҳәоит аиреи.

Асабша аԥхьатәи азыбжазы аԥснытәии урыстәылатәии аныҟәаҩцәа Марфеи Мариеи рберҭыԥ аҟынтәи Лазар дахьыкҿаз аҭыԥ ахь инеиит.

"Аберҭыԥ гылоуп ажәытә зны Марфа Лазар иԥсҭаҵаразы Вифаниаҟа инеиз Ҳаиқәырхаҩ дахьиԥылаз. Иерусалимтәи апатриарх Фиофил III имҩаԥигоз Анцәа имҵаныҳәара ду ашьҭахь ҳара ҳнеиит Лазар дахьыкҿаз ашҟа. Уи аҭыԥ аҟноуп Иаҳхылаԥшхәу иара иԥсы ахьҭеиҵаз. Анцәа дхазҵо зегьы ирыман алшара араҟа аматанеиразы, аныҳәа ргәаҵаҟынӡа инеиртә еиԥш адкыларазы", ҳәа еиҭеиҳәоит урыстәылатәи ауахәаманыҟәаҩцәа ргәыԥк еиҳабу аб Свиатослав.

© Sputnik Роберт ДжопуаКрестный ход из Виффагии в Иерусалим
Крестный ход из Виффагии в Иерусалим - Sputnik Аҧсны
Крестный ход из Виффагии в Иерусалим

Аҵх аҽеиҩшамҭаз анцәахаҵаҩцәа Аныҳәара ду рҽаладырхәуеит, иара Иерусалим инеира иазкны.

Аԥснынтәи ауахәаманыҟәаҩцәа Иерусалим инеиит ахәаша, мшаԥымза 22 рзы.

Аԥснынтәи аныҳәарҭақәа рахь аныҟәаҩцәа Иерусалимҟа амҩа иқәлеит Амшаԥ аламҭалазы амца ԥшьа аҟәырҷаха аагаразы. Абри аидеиа цәырыргеит Рауф Ҳаразиеи Леуан Адлеибеи.

Амца анҩеилак ашьҭахь Аԥснытәи аныҳәарҭақәа рахь аныҟәаҩцәа хәҩык Шәачаҟа ачартертә реис ала ихынҳәуеит Амшаԥ аламҭалазы Амца ԥшьа аҟәырҷаха рыманы.

Ажәабжьқәа зегьы
0