Гәынба: ахәыҷы иааӡараҿы агәамҵра аҭыԥ амамзар ауп

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәМгәыӡырхәатәи абжьаратә школ адиректор Саид Виктор-иԥа Гәынба.
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ адиректор Саид Виктор-иԥа Гәынба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион аҵара-ааӡара знапы алаку арҵаҩцәа рхыԥхьаӡараҟны ирацәоуп арҵаҩцәа ҿарацәа, уимоу абжьаратә школқәа напхгара анарҭогьы ыҟоуп, урҭ даарылукааратәы дыҟоуп Уасил Агрба ихьӡ зху Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ адиректор Саид Виктор-иԥа Гәынба.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Раԥхьатәи  арҵаҩратә  шьаҿақәа…

Ашкол ашҭа иҭымсуа ауаҩы шамахамзар дуԥылом, арҵаҩы инапы иҵымҵуа, ашколтә ԥсҭазаара згәаҵа иԥхаӡа иҭам. Аҵарадыррамҩа анысра зегьы ируалуп. Арҵаҩы иааԥсара ахә ашьара уадаҩуп. Абиԥара ҿа рааӡараҿы арҵаҩы имоу алшареи, иду аҭакԥхықәреи алкаа ҟаҵаны иуысура ҳаҭырла дазнеиуеит Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ адиректор Саид Гәынба.

Гәдоуҭа араион иахьа аус руоит 30 школ. Урҭ напхгара рызҭо адиректорцәа даарылукааратәы дыҟоуп иқәыԥшу, аха аҭакԥхықәра ду зцу амаҵура ныҟәызго, аҭоурых ду змоу Мгәыӡырхәатәи ашкол анапхгаҩы Саид Гәынба.

Хана Гәынԥҳа - Sputnik Аҧсны
Гәынԥҳа: Сыԥсҭазаара рҵаҩыс дамоуп сан

2004 шықәсазы Саид Гәынба далгеит Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ, иара уи ашықәсан дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, аҭоурыхтә факультет. Иҵара хирқәшаанӡа ашкол аҟны аҭоурых рҵаҩыс аусура далагоит.

 "Ашкол саналга сҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, аҭоурыхтә факультет. Ауниверситет салгаанӡа, сышкол гәакьахь аҭоурых рҵаҩыс сааит аусура. Аиашазы, сыԥсҭазаара зегьы арҵаҩра иадысҳәалоит ҳәа сыгәгьы иҭамызт, шықәсык ҩы-шықәса аус аауны саҟәыҵуеит ҳәа стәан, аха самҽханакит арҵаҩра, шықәсыктәи сусура анаҩсан схәыцрақәа даҽакхеит, арҵаҩы изанааҭ даҽакала сахәаԥшуа салагеит, абар шьҭа аа-шықәса ҵуеит сара сзааӡаз арҵаҩцәеи сареи ҳаивагыланы аус аауеишьҭеи", — ҳәа раԥхьатәи ирҵаҩратә шьаҿақәа игәалаиршәоит Саид Гәынба.

Арҵаҩы ихьӡ иарбан ҳәынҭқарразалак аҟны иҳаракызар ауп, арҵаҩы иџьабаа аларҟәреи агәыҵасреи иашам.

"Иахьа, дсыздырам ауаҩы, арҵаҩы инапы иҵымҵыз. Аҭаацәа рнаҩсан ахәыҷы дахьышьақәгыло ашкол аҟны ауп, иара дзааӡо, аҩышьа-аԥхьашьа изырҵо, ихшыҩ аизырҳаразы аус ду назыгӡо арҵаҩцәа роуп, урҭ рџьабаа пату ақәҵалатәуп. Сара еиҳа еилыскаауа салагеит сырҵаҩцәа рџьабаа", — ҳәа иҳәеит ашкол адиректор.

Сымҩақәызҵо сырцаҩцәа роуп…

Ари аҵараиурҭа ахыбраҟны рыжәҩахыр еибыҭаны, рԥышәа еимадо, дымҩақәырҵо аус ицыруеит Саид раԥхьатәи ирҵаҩы Нанули Цкуаԥҳаи, иара адиректорра ззымидаз, ари ашкол зџьабаа аду, шықәсы рацәала напхгара азҭоз Емма Гәымԥҳаи, аԥсуа бызшәеи алитературеи рзы ирҵаҩы Клава Хәытԥҳаи.

Ҭарԥҳа Есма: уус бзиа ибаны уаназнеи, алҵшәа маиурц залшом

"Ҳара уаҳарԥхьон, иахьа уара напхгара ҳауҭоит ҳәа рҳәоит сырҵаҩцәа. Дара рахь исымоу абзиабареи, агәыбылреи есааира еизҳауеит, избанзар зҵаарак сусураҟны иансызцәырҵлак сзызҵаауа сымҩақәызҵо дара роуп, рԥышәа даара исыхәоит. Раԥхьатәи сырҵаҩы Нанули Цкәуԥҳаи аҭоурых ахь агәыбылра сзыркыз сыкласс анапхгаҩы Наида Леиԥҳаи, ашкол адиректор Емма Гәымԥҳаи, аԥсуа бызшәеи алитературеи рзы сырҵаҩы Клава Хәытԥҳаи рџьабаа рацәаны исыдуп. Сара сымацара сакәӡам, дара рнапы иҵыҵхьо, Мгәыӡырхәа ашкол ахьыӡ ҭызго ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара рацәоуп. Ирацәаҩуп ҳазхыҽхәо ҳашкол аушьҭымҭацәа", — инаҵшьны иазгәеиҭеит анапхгаҩ қәыԥш.

Имариам усуп ашкол анапхгара…

Саид Гәынба арҵаҩра шықәсы рацәала инапы алакымзаргьы иус ҭакԥхықәрала дазнеиуеит, иԥышәа аизырҳара дашьҭоуп.

"Аганала иахәаԥшуа изыҳәан имариазар ҟалап анапхгара аныҟәгара, аха ари иуадаҩу маҵуроуп. Аамҭа аҽеиҭанакит, ахәыҷкәа даҽакала иҟоуп, ицәгьоуп ахәыҷқәа рааӡара. Аҭаацәараҟны аӡәы, ҩыџьа, хҩык ахәыҷқәа рааӡоит, ани аби рхәыҷқәа рҟазшьа иақәшәоит, аха зегьы еидкыланы ианыуааӡо, ашьыжь инаркны хәылбыҽханӡа ахәыҷы рацәа унапы ианану – иуадаҩуп. Доусы рызнеишьа уақәшәароуп, аӡәы узизнеиз еиԥш даҽаӡәы уизнеир иҟазшьа уақәымшәар ауеит, уизеилибамкаар алшоит. Арҵаҩцәа зҵаарак рывсыргьы, ашкол адиректор зегьы илаԥш рхызар ауп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Арҵаҩы иус ззынархоу ахәыҷқәа роуп. Убри аҟынтә, аҵаҩы егьа ииашамкәа ихы мҩаԥигаргьы аилабжьара иҽақәиршәароуп.

"Арҵаҩы ачҳара имазар ауп, ахәыҷы иааӡараҿы агәамҵра аҭыԥ амамзар ауп. Ахәыҷи арҵаҩи аилибакаареи ҳаҭыр еиқәҵареи рыбжьазар ауп, ус ианыҟамла аус аҭыԥ изықәлаӡом, избан акәзар, ахәыҷы иӷәӷәаны уиацәҳаны, угәамҵны, ирӷьеҩны аиацәажәара иаԥсам, уи еиҳа иара дарласыр алшоит, ахәыҷы иргәабзыӷшьа уақәшәароуп. Ажәакала, ҳаиҳабацәа ишыҟарцоз еиԥш, аҵаҩы ԥсуаҵас уизнеир ауп аҵараҟны аума, егьыс иааӡарҿы аума, иҟаиҵаз, ииҳәаз зиашам ихы иҭагалатәуп, иеилыркаатәуп", — ҳәа азыиԥхьаӡоит Гәынба.

Арҵаҩцәа ҿарацәа рыжәҩахыр анеиду…

Анапхгара знапы иану иус иқәҿиуам дызлоу аколлектив ивагыламзар, уи ҩбангьы иҭакԥхықәроуп, агәырӷьарагьы иатәуп дара реиҳарак аҿар анраку.

"Аԥсуаа ражәа иалоуп, аиҳабы дыҟамкәа аиҵбы дзыҟалом, ахәыҷы дыҟамкәа аиҳабгьы дҟалом ҳәа, ус иаԥуп иара, рҽеиҭнырыԥсахлоит аиҳабыратәи абиԥареи аҿари. Иахьа, Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ аҟны арҵаҩратә еилазаара аҿар роуп еиҳарак, ирацәаҩуп иара ари ашкол иалганы араҟа аус зуагьы. Ҳазҿу аус акоуп, ҳзышьҭоу алҵшәагьы акоуп, убри аҟнытә ҳаизыӡырҩны аус еицааур, ашколи ҳқыҭеи ахьыӡ ҭаагоит, ҳаиҳабацәа — арҵаҩцәа ахатәрақәа ихацдыркыз атрадициа бзиақәа ныҟәаҳгалоит", — ҳәа иҳәеит ашкол адиректор.

Уасил Агрба ихьӡ ӡху Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ иахыҵит 110 шықәса - Sputnik Аҧсны
Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ иахьа иахыҵит 110 шықәса

Иахьа, Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ аибашьра ашықәсқәа ашьҭахьтәи аамҭа уадаҩ ианысны, аҿиарамҩа иануп, арҵаҩцәа рыла еиқәшәоуп, ашкол ахыбраҟны имҩаԥгоуп аиҭарҿыцрақәа, ҳаамҭа иашьашәало арҵаҩцәа аҭагылазаашьа рзаԥҵоуп. Араҟа адырра амҩа иануп 60-ҩык ашколхәыҷқәа.

Иҵаулоу анапхгаҩы…

Ашкол анапхгаҩы хара ихәыцуа, здунеихәаԥшышьа ҵаулоу, зеилкаара ҳараку, иду аҭакԥхықәра аилкаара иақәшәо иҟоу уаҩызар ауп, абарҭ аҟазшьақәа зегьы илоуп, абас ала деибыҭоуп адиректор қәыԥш Саид Гәынба. Жәытәнатә аахыс Мгәыӡырхәатәи ашкол иамоу анарха иациҵап ҳәа агәыӷра аадырԥшуеит дызлоу аколлективи, ахәыҷқәеи, аҭаацәеи.

Иахьа, Саид Гәынба 29 шықәса дырҭагылоуп, иара ашкол анапхгареи, ахаланапхгарҭатә усбарҭа аҟны адепутатреи еихьигӡоит. Иуҳәар ауеит иара акырӡа заԥхьаҟа ақәҿиарақәеи, аихьӡарақәеи ззыԥшу, аҭаацәара ԥшӡа аԥызҵараны иҟоу дҵеи лашаны аԥсадгьыл дазгылеит ҳәа. 


Ажәабжьқәа зегьы
0