Доӷәузаа рҭаацәара "Аиааира"

© Sputnik / Томас ТхайцукАӷбаҟаҵаҩ Аӡҩыбжьа ақыҭан
Аӷбаҟаҵаҩ Аӡҩыбжьа ақыҭан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡҩыбжьа ақыҭан инхоит аӷбаҟаҵаҩ, Шьамтәылатәи арепатриант, ажәытә зны забдуцәа Мықә ақыҭа иалҵыз Ганди Доӷәуз иҭаацәара.

Sputnik, Астанда Арӡынԥҳа.

Аҟәантәи Очымчыраҟа ицо амҩа иаԥну Аӡҩыбжьа ақыҭаҟны, амҩа аҿықә аҟынҵәҟьа игылоу аҩны аҵыхәтәантәи аамҭазы шамахамзар зегь рылаԥш аздырхоит. Уи зыхҟьо аҩны ашҭа ду агәҭаҵәҟьа зыргылара иаҿу имҿлыху аԥрашхәоуп.

Абри аҩнаҟны, Аӡҩыбжьа ақыҭан дынхоит аӷбаҟаҵаҩ, Шьамтәылатәи арепатриант, ажәытә зны забдуцәа Мықә ақыҭа иалҵыз Ганди Доӷәуз.

Раԥхьаӡа акәны иибаз Аԥсадгьыл

Аҭаацәа Аԥсныҟа иааит хышықәса раԥхьа. Ани аби, хҩык рыхшара рыманы раԥхьаӡа акәны ршьапы ықәдыргылеит рҭоурых ԥсадгьыл. Аԥхьатәи аамҭақәа рзы егьырҭ Шьамтәылатәи арепатриантцәа реиԥш дара нхон асасааирҭа "Аиҭар" аҟны. Нас аҭаацәара ииасит Аӡҩыбжьа ақыҭахь нхара ҳәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукКораблестроитель в селе Адзюбжа
Кораблестроитель в селе Адзюбжа - Sputnik Аҧсны
Кораблестроитель в селе Адзюбжа

"Араҟа ақалақь аҟнаасҭа акыр иҭынчроуп. Икашшырроуп", — иҳәоит аҷкәын еиҳабы – Анзор.

Анзори иашьа Нарҭани иареи аурыс бызшәа бзианы ирдыруеит. Раҳәшьеиҵбы Ендера макьаназы абызшәа маҷк илцәыцәгьоуп. Ани аби аурысшәагьы аԥсшәагьы акыр ирцәыуадаҩхеит рҵара.

"Арҭ ушьҭа рықәра инықәсхьеит. Аҽеиҭакра рцәыуадаҩуп. Ҳаҳәшьа лакәзар ашкол ахь дныҟәоит. Ахәыҷқәеи лареи аиҩызара рыбжьоуп. Урҭ ирҿылҵаауеит аԥсшәагьы аурысшәагьы", ҳәа еиҭеиҳәоит Анзор.

© Sputnik / Томас ТхайцукКораблестроитель в селе Адзюбжа
Кораблестроитель в селе Адзюбжа - Sputnik Аҧсны
Кораблестроитель в селе Адзюбжа

Сара Шьамтәыла сазҵаауеит.

"Ҳәашьа змам ауп", — иҳәоит Анзор сажәа анагӡаха сымҭакәа.

Доӷәузаа рҭаацәара 2012 шықәсанӡа инхон Израильтәи аҳәаа ааигәара, Джоилан ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟны, Голантәи ашьхақәа рааигәара. Абарҭ аҭыԥқәа рҟноуп еиҳарак Кавказ иахыҵыз ахьеиланхоз. Шьамтәыла излагаз аибашьра ақалақьқәеи ақыҭақәеи рхәашаны иахысит. Аиҿагыларақәагьы еиҳарак абарҭ аҭыԥқәа рҟноуп иӷәӷәаны иахьымҩаԥысуаз. Аҭынч уааԥсыра аԥхьа Дамаскҟа ииасит, нас Иорданиа, Европа, Аԥсныҟа рхы дырхеит.

"Ҳара раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа ҳааит. Сара уаанӡагьы исҭахын сабдуцәа рыдгьыл ахь аара. Ирацәаҩын Европаҟа исыԥхьоз, аха ҳжәытә ԥсадгьыл ахь ҳхынҳәыртәеиԥш аҭагылазаашьа аныҟала, аҽаџьара ҳашԥацарыз", — иҳәоит Анзор.

Иашьа Нарҭан иациҵоит: "Ҳара ара зегь ҳамоуп. Иҳамамгьы маҷ-маҷ иҳадаагалоит. Абизнес нап аркра ҳгәы иҭоуп. Аԥрашхәа анҳаргылалак ашьҭахь атуристцәа ныҟәаагалар алшоит. Иҟалоит аҽаӡәгьы иҭаххар ашхәа ма анышь иргыларц иҭаххар. Ҳаб арҭқәагьы иреиԥшмызт иргылоз аӷбақәа. Оумашәа ибоит, Аԥсны амшын иӡхгылоуп, арахь аӷбаргылара аусхк ыҟам ҳәа".

© Sputnik / Томас ТхайцукКораблестроитель в селе Адзюбжа
Кораблестроитель в селе Адзюбжа - Sputnik Аҧсны
Кораблестроитель в селе Адзюбжа

Аҷкәынцәа еиҭарҳәоит ран, Ҭамара Маршьанԥҳа, еицырдыруа Шьамтәылатәи ар реинрал Уалид Маршьан иԥҳа шлаку, Шьамтәыла иаанлыжьыз лҭахыра акыр ишықәхьаалго.

Абиԥара-ҿа ракәзар, арахьынтәи уашьҭахьҟа ахынҳәра рыпланқәа ирылаӡам. Ара иаанхар рҭахуп.

Аӷба ду амчхара ду аҭахуп

Анзори иашьеи макьаназы излымгац ашхәа сдырбоит азанааҭтә термин уадаҩқәа рхы иархәо. Урҭ макьаназы аурысшәахь ирзеиҭагом, араб бызшәалоуп ишырҳәо.

"Аматериалқәа зегьы ҳамазар, мызкы, мызки бжаки ракәын ҳахьадхалоз", — иҳәоит Анзор.

Иара иажәақәа рыла ари аҩыза аԥрашхәа аргыларазы 800 000 мааҭ рҟынӡа аԥара аҭахуп, аха иара узыҭиуазар 2 миллион мааҭ рҟынӡа ахәԥса ыҟоуп.

"Аиааира" — иааироуп

Анзори Нарҭани Кындаӷтәи ауҭраҭыхааӡарҭақәа рҟны аус руеит. Раб игәамбзиара иахҟьаны аус иуртә дыҟам. Аоперациа изутәуп, аха усеиԥш иҟоу аоперациақәа Аԥсны иҟарҵом.

© Sputnik / Томас ТхайцукКораблестроитель в селе Адзюбжа
Кораблестроитель в селе Адзюбжа - Sputnik Аҧсны
Кораблестроитель в селе Адзюбжа

"Урыстәыла асеиԥш иҟоу аоперациа жәа-нызқь доллар итәоит. Урҭ рҩыза аԥара ҳара иҳамам. Агәабзиарахьчара аминистррахь аҳәара ҟаҳҵеит аха уаҟагьы иҳацхраартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟам", — иҳәоит Анзор.

Анзори Наҭани роуп аҭаацәара ныҟәызго.

Идыргыло ашхәа "Аиааира" ахьӡырҵарц ргәы иҭоуп. Аҭаацәара, аибашьра закәу иалаԥшны избахьоу рзы ари ажәа аҵак ду аманы иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0