Арадиоконкурс "Левитан еиԥш иаҳҳәоит" аҿы иаиааиз рыхьӡқәа рылаҳәоуп

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арадиоконкурс хықәкны иаман арадиожурналистцәа рыцхраара, атрадициақәа реимадара, апрофессионалтә кадырқәа реиҿкаара.

АҞӘА, лаҵара 5– Sputnik. Жәларбжьаратәи арадиоконкурс аиҿкааратә еилакы ирыланаҳәеит Совинформбиуро 75-шықәса ахыҵра иазкыз арадиоконкурс "Левитан еиԥш иаҳҳәоит" алауреатцәа рыхьӡқәа. Аконкурс аҟны аиааира игеит Евгени Стрельцов (Москва), аҩбатәи аҭыԥ — Евгени Прохоров (Арзамас), ахԥатәи аҭыԥ — Алексеи Петров (Шәача). Иара убасгьы аексперттә гәыԥ далнакааит Астанатәи алахәыла Бухарбаев Мухамедали Болатулы.

Арадиоконкурс хықәкны иаман арадиожурналистцәа рыцхраара, атрадициақәа реимадара, апрофессионалтә кадырқәа реиҿкаара.

"Арадиопроект "Левитан еиԥш иаҳҳәоит" аамҭеи аҭоурыхи идырхәашаз иаку аҵакыра аидкылароуп иззырхо" иҳәеит аконкурс ажиури алахәыла, "Радио России" адиректор Виачеслав Умановскии.

"Сара гәахәара дула сҽаласырхәит аконкурс ажиури аусура. Иазгәасҭар сҭахуп алахәылацәа ақәҿиара дуқәа ззыԥшу ракәны сшрыхәаԥшуа. Уи иаанагаӡом урҭ гха рымаӡам ҳәа. Левитан ииҳәоз зегьы адраматургиа аҵан. Иажәа хәмаруан. Ҳара ҳазыԥшымызт Левитан ибжьала ацәажәара, иманера аиҭаҳәара. Ҳара ибзиан еилаҳкаауеит адунеи аҽшаԥсахыз, иахьа даҽа дҵақәак ишрықәныҟәалатәу", — лҳәеит аконкурс ажиури алахәыла, арежиссиор-арҵаҩы, ВГТРК, ТВЦ, МИА "Россиа сегодниа" аредактор Екатерина Филиппова.

Ажиури алахәыла Маргарита Митрофанова иазгәалҭеит: "Алахәылацәа зегьы аинтерес рыҵан. Рыбжьы, рнагашьа, ринтонациа. Ажиури салахәра агәаҳәа ду снаҭеит. Аныҳәа шәадныҳәалаз", – лҳәеит лара.

Аиндаҭлара рхы аладырхәыр рылшон Урыстәылеи, ИАР атәылақәеи, Балтиатәи атәылақәеи рҟынтәи амҩаԥгаҩцәеи акорреспондентцәеи. Азыҳәақәа рыдыркылон жәабран 1 инаркны мшаԥы 15 рҟынӡа. Аконкурс аҟны аиааира згаз ианашьахеит 50 000 мааҭ зыртәо аԥаратә ҳамҭеи, адипломи, агәалашәаратә статуеткеи. Аконкурс ахәҭакхеит Совинформбиуро ашықәсхыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа. Иҷыдоу апроект "История начинается с новости" иацнаҵон Совинформбиуро инаркны АПН, РИА Новости, Жәларбжьаратәи Аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" аҟынӡа ҳаамҭазтәи ажурналистика аҭоурых аиҭаҳәара. Апроект апрограммақәа уаҳар алшон ишиашоу ицо аефир ала, арадиостанциа Sputnik аҟны, иара убасгьы – Совинформбиуро 75 шықәса ахыҵра иазку амультимедиатә проект МИА "Россия сегодня" арубрика "Радиоточка" аҟны.

Жәларбжьаратәи Аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" аџьынџьтә журналистика аҭоурых ҳаҭырла ихьчауа ихнаркәшаран иҟоуп Совинформбиуро адырраҭарақәа аколлекциатә еизга аҭыжьра.

Аныҳәатә уснагӡатәқәа хыркәшахоит 2016 шықәса рашәарамза 24 рзы, Совинформбиуро аԥҵамҭа амш азы.

Жәларбжьаратәи Аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" — жәларбжьаратә медиагәыԥуп. Адунеи аҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы инарҭбааны, оперативла, ишәаны-изаны иазнеины иаанарԥшуеит. Иарахьы иаҵанакуеит: РИА Новости, Р-Спорт, РИА Недвижимость, РИА Рейтинг, ИноСМИ. Амаҵзура иара убасгьы аԥыжәара амоуп урыстәылатәи асоциалтә ҳақәеи аблогқәеи рҟны аиҭаҳәарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0