00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
On air
14:56
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
12 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Амҩадуқәа рҿы аргыларатә гәамсам ашьҭаҵаразы Аҳҭнықалақь ахадара ахылаԥшра дырӷәӷәоит
18:19
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Лаҵара 19 рзы Асовет Еидгыла ахаан иазгәарҭон апионертә еиҿкаара амш
18:22
17 мин
Новости
Главные темы
18:37
15 мин
Актуальный комментарий
В Азии новая вспышка коронавируса
18:53
13 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Атәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабы иусурҭа ҭыԥ аанижьит

© Фото : официальный сайт президента АбхазииАтәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабы Асҭамыр Ҭаниа иусурҭа ҭыԥ аанижьит.
Атәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабы Асҭамыр Ҭаниа иусурҭа ҭыԥ аанижьит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабы Асҭамыр Ҭаниа иусурҭа ҭыԥ аанижьит. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба абри азы Адҵа инапы аҵеиҩит ахәаша, лаҵарамза 6 рзы.

АҞӘА, лаҵарамза 6 – Sputnik. Атәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабы Асҭамыр Ҭаниа иусурҭа ҭыԥ аанижьит. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба абри азы Адҵа инапы аҵеиҩит ахәаша, лаҵарамза 6 рзы, ҳәа аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

Абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла Ахада Иусбарҭаҟны имҩаԥысуаз аилацәажәараҿы.

Асҭамыр Ҭаниа атәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабыс дҟаҵан 2014 шықәса цәыббра 27 рзы. Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Асҭамыр Ҭаниа иҭыԥаҟны илшамҭақәа шырацәаз. "Сара Асҭамыр Ҭаниа иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп еснагь дахьсывагылаз азы", — иҳәеит Ҳаџьымба.

"Асҭамыр Гьаргь-иԥа ԥхьаҟагьы аҳәынҭқарратә хырхарҭа змоу аҭыԥқәа рҟны иусура иациҵалоит", ҳәа азгәеиҭеит атәыла Ахада.

Асҭамыр Апба. - Sputnik Аҧсны
Асҭамыр Апба иҭыԥ аанижьит

Асҭамыр Ҭаниа атәыла Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит еицымҩаԥыргоз аусуразы.

"Ишәҳәаз ажәақәа рзы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Ижәдырыр сҭахуп ҳтәылаҟны аполитикатәи аекономикатәи ҭагылазаашьа бзиа аҟаларазы шәҽазышәарақәа еснагь сышрыдгылаҩу. Сазыхиоуп ԥхьаҟагьы шәывагылара", — иҳәеит Ҭаниа.

Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Асҭамыр Ҭаниа аус иуан Аԥсны Ахада Иусбарҭа аинформациа-аналитикатә ҟәша ареферентс, атәыла Ахада иреферентс, атәыла Ахада аполитикатә зҵаарақәа рзы ицхырааҩыс. Иара убасгьы Аԥсны раԥхьатәи Ахада Ифонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0