Аԥсуаа жәаԥҟаны ирҳәоит "Аҽы ауаҩы ишьа алоуп" ҳәа, аҽы уара ишудукыло еиԥш ауп иаргьы ушеилнакаауа. Ус изҭахә днадгыланы ауаҩы аҽы инапаҿы аагашьа дақәымшәар ҟалоит, ақәшәы изымҳәар алшоит.
"Имариаӡам ари аус, аҽы унадгыланы, аӷәра аахаҵаны унақәтәаны уцо изыҟалом. Аӷәра аҿаҵашьеи, акәадыр ақәҵашьеи удырроуп, аҽқәа рызнеишьа уақәшәароуп. Ахәыҷы иҩызоуп аҽқәа улаԥш рхызароуп. Шықәсы рацәала снапы шалакугьы аҽқәа рааӡара, иахьа уажәраанӡа рымаӡа аартра саҿуп. Сџьыба ашьақари, ахаа-мыхаақәеи ҭасҵоит, снапаҿы имааиуашәа збар ирысҭоит. Аҽқәагьы зегьы еиԥшӡам, иҟоуп ицҳауа аҽы, аха азлара анауҭалак даҽакала ахы мҩаԥнагоит. Аҽқәа санырбалак ашә аԥхьа иааиуеит, рхы сышьшьоит, акрарҿасҵоит. Азлара аҽқәа ршьамхы арӷәӷәоит, иара убас аҽқәа ираҳҭоит аџьыкахышыи, ацхеи", — иҳәеит иара.
Аҽымаҭәа аибыҭареи аныҟәгареи иамоу акәама-ҵамарақәа рацәоуп. Аҽы ақәтәареи албаареи ахатәы ԥҟара амоуп.
"Аҽы акәадыр ақәыуҵаанӡа, ирыцқьатәуп, ахҳәала иҳәатәуп, анаҩсан аӷәра аҿарҵоит, нас аҵаршә ақәыршәны, акәадыр ақәырҵоит, амгәырххақәа рыла иҿарҳәоит, аҽышькылқәа уԥырхагымхарц иаҭахыу аура ауҭоит. Аспортсменцәа аҽы иԥаны иақәтәоит, ԥсуаҵас акәзар аҽышькыл арӷьашьапы аҿаргыланы аҽы иақәтәоит, ианылбаауагьы убас. Аҽы ахьҭаку еилаҳәаны, инақәтәаны иҭыҵоит, ашҭаҟны идырыҩуеит", — иҳәеит Беслан Гәынба.
Аҽы ашьыжь инаркны акраҿаҵаны инаиааироуп, ирхәмаратәуп, нас икәабаны аҭыԥ аҟны иҭаргылатәуп.