Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы рызгеит 237-ҩык Гагра араион аушьҭымҭацәа

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы рызгеит 237-ҩык Гагра араион аушьҭымҭацәа
Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы рызгеит 237-ҩык Гагра араион аушьҭымҭацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы рызгеит аԥсҭазаара амҩа ду ианыло, 237-ҩык Гагра араион аушьҭымҭацәа.

АҞӘА, рашәарамза 3 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион ашколқәа зегьы рҟны игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы. Аԥсҭазаара амҩа ду ианылеит 237-ҩык аушьҭымҭацәа.

Иахьа, ашьыжь асааҭ жәба рынахыс, Гагратәи абжьаратәи аԥсуа школ №1 ашҭа, даҽа ҽнак еиԥшымкәа аныҳәа ианаало ирхиан, иқәыҩуан аԥсуа ашәақәа.

Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатә ахь ахәыҷқәа ирыдырныҳәаларц имҩахыҵит Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба, аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар, Аԥсны аҵара аминистрра ахаҭарнакцәа, аҭаацәа.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы рызгеит 237-ҩык Гагра араион аушьҭымҭацәа
Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы рызгеит 237-ҩык Гагра араион аушьҭымҭацәа - Sputnik Аҧсны
Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы рызгеит 237-ҩык Гагра араион аушьҭымҭацәа

26-ҩык Гагратәи аԥсуа школ аушьҭымҭацәа напеинҟьарыла иааԥхьан ашкол ашҭахь.

Иахьа дара рганахь ирыдыркылеит адныҳәаларақәеи азеиӷьашьарақәеи.

"Ҳаҭыр зқәу аушьҭымҭацәа! Ишәыдысныҳәалоит ари акразҵазкуа аныҳәатә хҭыс. Ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиара дуқәа, аманшәалара. Доусы иалшәхо шәымҩа ԥшӡазааит. Аҵарадыррахь раԥхьатәи шәшьаҿақәа ахьеихыжәгаз шәаԥсуа школ шәмырԥхашьааит. Аԥсны ахьӡ ҭызго ҵеицәаны шәазгылааит", — лҳәеит ашкол адиректор Хана Гәынба.

Иҳаҩсыз аҵара шықәс иалагӡаны, Гагратәи аԥсуа школ аҵаҩцәа еиуеиԥшым аконкурсқәеи аицлабрақәеи рҟны араиони ареспубликеи рҿы аԥхьахәқәа ирыԥсахеит.

Иаҳҳәозар, аҭоурыхи, акалам аԥышәареи аԥсуареи рзы араионтә конкурсқәа рҿы актәи ашкол акоманда ианнакылеит актәи аҭыԥ. Арҭ аконкурсқәа ареспубликатә ҩаӡараҟны дара иаԥсахеит аҩбатәи аҭыԥ.

Ашкол ахьӡ ҭызгаз ахәыҷқәа, иранашьан арҽхәабӷьыцқәа.

Иара убас, аџьшьара рыҭан аҵараҿы зҽалзкааз аиҵбыратәии аиҳабыратәии аклассқәа рҵаҩцәеи ирзааԥсаз арҵаҩцәеи.

Адипломқәа ранашьан арра-спорттә еицлабрақәа рҿы алҵшәа бзиақәа аазырԥшыз аҵаҩцәа.

Анаҩс, Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба, сынтәатәи аушьҭымҭацәа мҩамш ҳәа реиҳәеит.

"Шәара иахьанахыс амҩа ду шәанылоит. Шәаԥхьаҟа аиааирақәа шәзыԥшыз. Сыхәҭакахьала, ишәабжьазгоит, ахаан ишәхашәмыршҭырц рыхьӡ шәмырԥхашьарц, иахьатәи шәҭынч ԥсҭазаара зыбзоуроу аҵеицәа", — ҳәа инаҵшьны иҳәеит араион Ахада.

Гагратәи ашколхәыҷқәа еснагь зылаԥш рху араион аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар иакәзар, иазгәеиҭеит, аԥсуа школ еснагь аԥыжәара шамоу ахырхарҭақәа зегь рҟны.

"Иахьа мҩамш ҳәа шәасҳәоит ҳаҭыр ӡқәу аушьҭымҭацәа. Иара убас иҭабуп ҳәа расҳәоит 11 шықәса аҵара шәзырҵаз шәзааӡаз арҵаҩцәа. Агәра ганы сыҟоуп, шәҭаацәеи шәырҵаҩцәеи ишәыдырҳәало агәыӷрақәа шшәырҵабыргуа", — иҳәеит аҵара аҟәша аиҳабы.

Аушьҭымҭацәа ракәзар, акыр шықәса ирзааԥсаз рырҵаҩцәа ирзыркеит ажәа ԥхақәа.

"Иҳазгәаҟьоу ҳарҵаҩцәа! Иҭабуп шәџьабаазы, иҭабуп еснагь ацхыраареи авагылареи ахьҳашәҭоз. Шәара шәыбзоурала иахьа ҳҩызцәа ҳрыҵамхо ашколтә дыррақәа ҳамоуп. Иара убас, аҭамзаара шьҭаҳҵоит зны-зынла шәгәы ахьынҳархоз", — ҳәа арҵаҩцәа рахь ихы рханы иҳәеит аушьҭымҭа Алхас Барцыц.

Сынтәатәи аушьҭымҭацәа рыкласс напхгаҩцәа ракәзар, уажәшьҭанахыс рнапы ианыҵит рыхшара ирзаҩызаз аҿар.

"Арҵаҩцәа зегьы рыхьӡала, ҳҿаԥхьа изызҳаз аушьҭымҭацәа ишәыдысныҳәалоит иахьатәи амш. Абар, шәашьҭахьҟа инхеит ашколтә ԥсҭазаара, шәаԥхьаҟа ишәзыԥшуп идырым, аха амаӡақәа рацәаны изҵоу аԥсҭазаара ссир. Шәҭаацәа рааԥсара шәхашәмыршҭын, ишәмырӡын аԥсуара. Агәра згоит ҳарҭ шәырҵаҩцәагьы, шәгәаҵаҿы аҭыԥ шаанаҳкыло. Мҩамш!", — ҳәа аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит арҵаҩы Светлана Ԥалба.

Аҭаацәа рыхьӡала ахәыҷқәа ирзааԥсаз ашкол анапхгареи арҵаҩцәеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит абыргцәа Рхеилак ахаҭарнак Аслан Амԥар.

Аҟәа игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы. - Sputnik Аҧсны
Аҟәа игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы

"Ҳаҭыр ӡқәу арҵаҩцәа! Шәааԥсара пату ақәзааит, ишәааӡаз аҿар шәыдмырԥхашьо, рыԥсадгьыл иапатриотцәаны, рыжәлар ишахәҭоу еиԥш рымаҵ руртә еиԥш иазгылааит", — иҳәеит абырг.

Аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит, раԥхьатәи рырҵаҩы Наҭелла Смыр. Лара абиԥара ҿыц ирзеиӷьалшьеит рыԥсҭазаара зегьы ргәы шьҭызхуа ахҭысқәа рыла ибеиазарц.

Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатә иалагӡаны, ашколхәыҷқәа ирыԥхьеит ажәеинраалақәа, инарыгӡеит ашәақәа, амилаҭ кәашарақәа.

Ари аҽны ашкол ахь иааԥхьан ҳаԥхьаҟа аԥсуа школ ахь зшьаҿа еихызгараны иҟоу ахәыҷқәа. Дара бзиала шәаабеит ҳәа рарҳәеит, гәаартыла издызкылаз рҩызцәеи арҵаҩцәеи.

Агәырӷьаратә усмҩаԥгатә ахырқәшамҭаз игеит зегь ззыԥшыз аҵыхәтәантәи ацәҵәабжьы!

Иазгәаҭатәуп сынтәа Гагра араион аҟны ахьтәы медалистцәа хәҩык шыҟоу. Урҭ рахьтә ԥшьҩык Гагратәи абжьаратә школ №2 аушьҭымҭацәа роуп. Абар ашкол агәадурақәа рыхьӡқәа: Анна Қапба, Гаиане Сидеропуло, Сабина Барцыц, Зарифа Бабаева, иара убас Гагратәи абжьаратә школ №4 аушьҭымҭа Милана Гындиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0