Sputnik, Рада Ажьиԥха
Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа
Ҭаскәачаа ахьынхьоз, иахьа Барцыцаа рхәы ҳәа иахьашьҭо амҳаџьырра ашықәсқәа раан Ҭаскәачаа (Папаа) инхоз реиҳараҩык атәым дгьыл ашҟа ихҵәеит. Дара аӡәырҩы Ҭырқәтәылатәи ақыҭа Қаилар иқәнагалеит. Иахьа Ҭаскәачаа (Папаа) рхылҵшьҭрақәа Ҭырқәтәыла инхоит, урҭ дреиуоуп Енгин Ҭаскәач-иԥа Папба.
Енгин Ҭаскәач- ипа (Папба) еиҳабацәа амҳаџьырра ишахнагаз аҭоурых идыруеит иан лабду иажәақәа рыла.
"Сан лабду акырӡа ихыҵуан даныԥсуаз, уи еиҭеиҳәоз ала ауп ишыздыруа аҭоурых. Уи аума ҳаиҳәеит. Амҳаџьырра ҳанахнага Қаилар ақыҭа ҳақәнагалеит, ҳҭаацәа зегьы ара инхон. Ҳҭаацәа арахь ианаауаз иршьыз ачымазара иагаз рацәаҩуп. Ирхыргаз ашьҭахьгьы ара иахьааизгьы амла иакит, ахьҭа иакит, ачымазара рыхьт, иҳәон сабду. Зегьы маншәаланы ирзыҟалеит ҳәа шәгәы иаанашәмарган, шәҭоурых шәхашәмыршҭын, шәыԥсадгьыл Аԥсны ауп иҳәон иара", — ҳәа еиҭеиҳәоит иан лабду иажәақәа Енгин Ҭаскәач–иԥа (Папба).
Иара иазгәеиҭеит, Тырқәтәыла инхо аԥсуаа зегьы рҭоурых шырдыруа. Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа амҩа ишԥышәагахаз Ҭаскәачаа рзы.
Сыхшыҩ иаднакыломызт Аԥсны сшьапы анықәсыргыла…
Енгин Ҭаскәач–иԥа (Папба) дхәыҷаахыс еиҳабацәа рҟынтә иаҳауан Аԥсны аҭоурых, закә дгьыл ссиру иара. Енгин Ҭаскәач–иԥа (Папба) знык иԥсадгьыл ишьапы ықәиргыландаз ҳәа дшыҟаз. Аԥсныҟа ааразы алшара аниоу, иара Адаԥазар ақалақь анапхгараҿы аус иуан.
"Усҟан Адаԥазар ақалақь анапхгараҿы аус зуан. Ақалақь аиҳабы иҟны сцеит, иасҳәеит аԥсадгьыл ҳәа Аԥсны шсымоу, сцар избар шысҭаху. Дақәшаҳаҭхеит, иаргьы ҳаԥхьа днаргыланы, апарламент адепутатцәа ҳаицны ҳааит Аԥсныҟа, аибашьра аԥхьа. Зегь раԥхьаӡа убасҟан ауп Аԥсны анызба. Сыхшыҩ иаднакыломызт Аԥсны сшьапы анықәсыргыла, сгәи сылаӷырӡи еилаҵәыуон. Сгәы иханаҵомызт сыԥсадгьыл аҿы сыҟоуп ҳәа", — иҳәеит иара.
Енгин Ҭаскәач–иԥа (Папба) Аԥсны даныҟаз иашьцәа Папааи иареи акырынтә еиқәшәеит, аԥхара аҵаны ҳрыдыркылеит иҳәоит иара.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аналага Ҭырқәтәыла инхоз аԥсуаа рхьаа ҳәаа амамызт, иҳәоит Енгин Ҭаскәач–иԥа (Папба), аԥсуа жәлар ргәаҟра рзыхгомызт.
"Аибашьра аналага Аԥсны ахақәиҭтәраз иқәԥоз ҳаҷкәынцәа рацәаҩуп, иҭахазгьы ыҟоуп. Урҭ дара рыԥсадгьыл ахьчаразы иахьгылаз, агәаӷьра хьаадырԥшыз ифырхацәоуп. Анцәа иумҳәан, аԥсадгьыл ахьчара аҭаххар уа ҳаҟоуп, ҳымԥада ҳнеиуеит", — ҳәа ациҵеит иара.
Атәым дгьылаҿ унхозаргьы, аԥсуа ишьа еилашуеит иԥсадгьыл азы, иара ашәарҭа ианҭагыло.
Аԥсуа жәлар рахь абзиабара, агәыбылра Енгин Ҭаскәач–иԥа (Папба) иажәақәа рыла, иара дыхьыҟазаалак даԥсыуоуп, аԥсуара ныҟәигоит.
"Сара сахьыҟазаалак саԥсыуоуп, аԥсуара ныҟәызгоит, сыжәлар рхьаа схьаауп, ринтересқәа ахьчара сазҿлымҳауп. Сара сшаԥсыуоу зегьы ирдыруеит, уи сара сазгәыдуны исхәоит. Сара Ҭырқәтәыла сынхозаргь саԥсыуоуп, сахьатәиу схашҭуам. Аԥсуа иҭыԥ Аԥсны ауп, зны ҳахҵәазаргьы", — иҳәоит иара.
Енгин Ҭаскәач–иԥа (Папба) иажәақәа зырҵабыргуа фактуп, нанҳәамза 24, 2014 шықәсазы Аԥсны ахада иалхрақәа анымҩаԥысуаз Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора рыбжьыҭараан аҭыԥантәи амчрақәа уи иаԥырхагахарц ианалага, иара урҭ рхықәкы анагӡара алимыршеит.
"Алхрақәа анцоз Ҭырқәтәылатәи амчрақәа алхрақәа рымҩаԥгара иаԥырхагахарц рыӡбит, акырӡа иҳамаркит, аха саргьы изымуит. Аԥсуаа рлахьынҵа анырыӡбоз, абжьыҭира анымҩаԥыргоз уи алымшо, адиаспора рхаҭарнакцәа абжьыҭира иалхәданы ҟалашьа амамызт, уи сара сзы исызхымгоз хьаахон, гәырҩахон. Аԥснынтәи иааз алхрақәа хылаԥшра азызуаз зегьы ус разныҟәара ҟалаӡомызт. Аибырххарақәа иҟаз саҿагылеит азоуп аурна кны сыштәаз. Сара ҩынтә Ҭырқәтәылатәи апарламент депутатс салырххьеит, адепутат иаҳасабала сылакьысра азин рымамызт, убри аҟнытә алхрақәа шьақәгылеит", — ҳәа дазгәудуны иҳәоит Енгин Ҭаскәач–иԥа (Папба).
Ҭырқәтәыла инхоит аԥсуаа рацәҩны, дара ргәы блоит рыԥсадгьыл ахь, иҳәоит иара, ирымаз алшара абжьыҭира иаламхәхар ирыцхан.
"Сыԥсадгьыл бзиа збоит, сыжәлар срызгәудууп, аха гхак сымоуп, аҭаацәара аԥысымҵеит. Уи сара исыгны сыҟоуп. Саб лассы дыԥсит, сандуи, сани, саҳәшьцәеи батәын, схатәы ҭаацәара аԥҵара аамҭа соусыжьит. Уи агха хасырҭәаауеит сыжәлар рахь исымоу абзиабарала, сыԥсы ахьынӡаҭоу сыжәлар иахьырҭахә џьара акы ыҟазар срывагылазаауеит", — ҳәа ациҵеит иара.
Енгин Ҭаскәач–иԥа (Папба) иҳәоит, ашьыжьтәи амра Аԥсны амреиԥш игәаҵа арԥхоит хәа.
"Ашьыжь амра анызбалак — Аԥсны иадыскылоит, уи амра сыԥсы арԥхоит. Амра бзиа избоит, избан акәзар Аԥсны еиԥш илашоуп иԥхоуп. Сыжәлантәқәа, сҩызцәа, сашьцәа, ирацәаҩуп Аԥсны инхо ҳаибабоит, аимадара ҳабжьоуп. Есқьынагьы Аԥсны сыҟандаз сҳәо сыҟоуп аха, ишысҭаху еиԥш иҟалом, сыҩны Аԥсны асахьақәа рыла иҭәуп", — ҳәа иҳәоит Енгин Ҭаскәач–иԥа (Папба).
Ҭырқәтәылаҟа амҳаџьырра иахнагаз Таскәачаа ирхылҵыз Енгин Ҭаскәач–иԥа (Папба) иԥсадгьыл ахь имоу абзиабара еиҭаҳәашьа изаҭом, иара изын ихадароуп иԥсадгьылаҿ аҭынчреи, аҭышәынтәалареи аҳра руларц. Имчи, илшеи, идырреи дреигӡом Ҭырқәтәыла инхо аԥсуааи, Аԥсны инхо аԥсуааи реимадара аҳәаақәа рырҭбааразы.