Алаҳаӡыхь ақыҭауаа рымчала 1600 метра аӡыцрыҵ цәаҳәақәа шьҭаҵоуп

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАлаҳаӡыхь ақыҭауаа рымчала 1600 метра аӡыцрыҵ цәаҳәақәа шьҭаҵоуп
Алаҳаӡыхь ақыҭауаа рымчала 1600 метра аӡыцрыҵ цәаҳәақәа шьҭаҵоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алаҳаӡыхь ақыҭа иаланхо аҭаацәарақәа еицхырааны ишьҭарҵеит 1600 метра аӡыцрыҵ цәаҳәақәа.

АҞӘА, рашәарамза 17 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Алаҳаӡыхь ақыҭа иаланхо 80 ҭаацәара еицхырааны ишьҭарҵеит 1600 метра инеиуа азеиԥш аӡыцрыҵ цәаҳәақәа. Иахьа рашәарамза 17 рзы уи ахархәарахь инашьҭын.

Ари ақыҭа иаланхоит ԥшьнызқьҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Алаҳаӡыхь ақыҭа Гагра араион акурорттә ҭыԥ хадақәа иреиуахеит. Араҟа есышықәса рхыԥхьаӡара иацлоит ахатәы сасааирҭатә ҩнқәа, аԥсшьарҭа ҭыԥ маҷқәа, иара ахатәы ҩнқәа ракәзаргьы, аԥхынтәи аамҭазы аԥсшьаҩцәа рыла иҭәуеит.

Амшынтә транспорт маҷ аусура иацклаԥшлоит Гагра - Sputnik Аҧсны
Амшынтә транспорт маҷ аусура иацклаԥшлоит Гагра

Абас, иахьатәи аамҭа иашьашәало ақыҭа аҿиара ишаҿугьы, проблема дуны иҟан аӡыцрыҵ система аҟамзаара.

Ҵыԥхтәи ашықәс анҵәамҭазы Алаҳаӡыхь ақыҭанхацәа Аслан Сергьегьиеи Руслан Манукиани рҽазыршәеит ари апроблема аӡбарахь ргәылацәа аладырхәырц.

"Ҳгәылацәа зегьы ааԥхьаны, ирылаҳҳәеит, ҳазегьы ҳҽеидаҳкылар ақыҭа азхәҭак аӡыцрыҵ цәаҳәақәа рыла реиқәыршәара шҳалшо. Араҟа ахаангьы ацрыӡтә цәаҳәақәа шьҭаӡамызт, убри аҟнытә, мап аӡәгьы имкит. Ацрыӡтә цәаҳәақәа рышьҭаҵараҿы 80 ҭаацәара рхы аладырхәит, иааизакны уи иақәырӡхоз ахарџь 3 миллионки бжаки артәон. Аԥара аизгара ҳаналага ҳацԥхьаӡа 60 нызқь мааҭ аԥара ҳзартәеит", — иҳәеит, аӡыцрыҵ цәаҳәақәа рышьҭаҵара заԥшьгамҭоу Аслан Сергьегьиа.

Ари аԥшьгамҭа адгылара азҭаз Алаҳаӡыхь ақыҭа ахада Михаил Қаԥшь, аусурақәа цонаҵы ақыҭауаа ацхыраара риҭон иахәҭаз атехника ҷыдала реиқәыршәараҿы.

"Иаҳзеиԥшу апроблема аӡбараҿы, нхаҩык иаҳасабала сыуаажәлар адгылара рысҭеит. Ари аҿырԥштәы бзиа иқәныҟәарц ргәиҭоуп ақыҭа инхаз азхәҭак иаланхогьы. Агәра ганы сыҟоуп хара имгакәа ари апроблема шьаҭанкыла ақыҭаҟны ишаԥыххо", — ҳәа азгәеиҭеит, Алаҳаӡыхь ақыҭа ахада Михаил Қаԥшь.

Аӡыцрыҵ система шьақәыргылоуп анемец технологиақәа рыла. Ацәаҳәақәа рышьҭаҵареи ахархәарахь рынашьҭреи аус адырулеит Урыстәылатәи аспециалистцәа.

Иазгәаҭатәуп, аӡыцрыҵ цәаҳәақәа рышьҭаҵаразы аусурақәа цонаҵы ишышьақәыргылаз астадион инаркны амшын ахь инеиуаз 1300 метра иҟоу ажәытә мҩагьы.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАлаҳаӡыхь ақыҭауаа рымчала 1600 метра аӡыцрыҵ цәаҳәақәа шьҭаҵоуп
Алаҳаӡыхь ақыҭауаа рымчала 1600 метра аӡыцрыҵ цәаҳәақәа шьҭаҵоуп - Sputnik Аҧсны
Алаҳаӡыхь ақыҭауаа рымчала 1600 метра аӡыцрыҵ цәаҳәақәа шьҭаҵоуп

"Ари амҩа ақыҭа ажәытә хсаалаҿы иарбан, аха ашықәсқәа ирылагӡаны уи еихыиааит, имҩазу ибынразу узымдыруа. Аӡыцрыҵ цәаҳәақәа рышьҭаҵаразы еизаҳгаз 3 миллионки бжаки ирхашәалаз аԥарала ҳжәытә мҩагьы цәыраҳгеит", — ҳәа ациҵеит ақыҭанхаҩы Аслан Сергьегьиа.

Алаҳаӡыхь ақыҭа аиҳабыра ражәақәа рыла, ари амҩа ишахәҭоу еиԥш ианеиҿкаахалак, акаҭран анықәыртәалак, лашарбагала ианеиқәдыршәалак Аԥсны аџьынџьтәалатә еибашьраан иҭахаз ақыҭа аҵеицәа рыхьӡ шахырҵо.

Ажәабжьқәа зегьы
0