Асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа ирҿиаратә хәылԥази ицәыргақәҵеи мҩаԥысит

© Foto / Сырма АшәԥҳаАсахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа.
Асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иван Папасқьыр ихьӡ зху аҳәынҭқарратә библиотекаҿы имҩаԥысит асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа ирҿиаратә хәылԥази ицәыргақәҵеи "Аҵхи амши". Уи еиҿнакааит ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны".

АҞӘА, рашәарамза 17 — Sputnik Сырма Ашәԥҳа. Асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа ирҿиаратә хәылԥази ицәыргақәҵеи "Аҵхи амши" Иван Папасқьыр ихьӡ зху аҳәынҭқарратә библиотекаҿы.

Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа ииз, абаҩхатәра ду злоу асахьаҭыхҩы, арҿиаҩы Нугзар Логәуа иҟазара Аԥснеиԥш уи анҭыҵгьы еицырдыруеит. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгылеи, Урыстәыла апрофессионалтә сахьаҭыхыҩцәа Реидгылеи далоуп.

Ермантәылатәи аҳақьымцәа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа гәарҭоит - Sputnik Аҧсны
Ермантәылатәи аҳақьымцәа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа гәарҭоит

Иусумҭақәа ҵәахуп Аԥсны амилаҭтә галереиа аҿеиԥш, Урыстәыла, Англиа, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Италиа, Сан-Марино, Иапониа, Ҭырқәтәыла, уҳәа акыр аҳәынҭқаррақәа рҿы. Ԥшшәы рацәала еиларсу иусумҭақәа ирныԥшуеит асахьаҭыхҩы идунеихәаԥшышьа аҳәаақәа акыр ишыҭбаау, ишимоу иара ихатә знеишьа, ихатә гьама. Нугзар Логәуа изы аҟазара — ҵыхәаԥҵәара змам ԥсҭазаароуп. Ихәыҷра ашықәсқәа инадыркны аҟазарахь илаз абзиабара маҷ-маҷ ицәырҵуа иалагеит. Усҟантәи аамҭа акыр ишыуадаҩызгьы, иаб иара ибаҩхатәра иаиҭаз анырра иабзоураны, Нугзар Логәуа Аԥсны акультура ишьҭамҭа акы иузаламырҩашьо ианиҵеит. Инаӡеит арҿиаҩы аԥсҭазаарахь имаз иҳәахьа. 

Нугзар Логәуа ирҿиаратә хәылԥазы еиднакылаз зегьы алшара рыман ҩаԥхьа аҟазара адунеи аҭаара, уи иаҵаҵәаху амаӡақәа рахь доусы ихатә знеишьа аарԥшра. Ахәылԥаз еиднакылаз хаҭала Нугзар Логәуа ирзеиҭеиҳәеит иԥсҭазаареи ирҿиартә мҩеи рҟны еиҳа иаликаауа ахҭысқәа. Ихатәы жәеинраалақәа реиԥш дрыԥхьеит, иара доуҳала изааигәоу аԥсуа классикцәа ражәеинраалақәа. Арҿиара абзиабаҩцәа рнапаҿы ирыҭан мышқәак раԥхьа иҭыҵыз иусумҭақәа еидызкыло ажурнал. 

Нугзар Логәуа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет асахьаҭыхратә ҟазара акафедраҿы рҵаҩыс аус иуеит. Ихьыԥшым асахьаҭыхыҩцәа реидгыла "Аԥсны-Арт" хантәаҩыс дамоуп. "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" акультуреи аҵарадырреи рыҟәша напхгара азиуеит. 

"Хаҭала сара еиҳарак сызҿу асахьаҭыхратә ҟазароуп: аҿыханҵа, аграфика, аскульптура, иара убас ажәеинраалақәа сыҩуеит. Хах-хазы сызрылацәажәаӡом, зегьы акны рыԥсы ҭоуп, џьарак доуҳак еиднакылоит ҳәа сгәы иаанагоит. Сара сырҿиараҿы зегь реиҳа аԥыжәара змоу аҿыханҵоуп, ҟазак иаҳасаб ала схы ахьаасырԥшуа ауп." 

"Сусумҭақәа реизга ажурнал "Амши аҵхи" хьӡыс изасҭаз, ишырҳәо еиԥш, аҵхи-амши алашьцареи-алашареи, аконтрастқәа реиҿагылара зхылҿиаауа, аҵхи амши рыбжьароуп аԥсҭазаара ахьымҩаԥысуа. Аҵх еиқәароуп, ианшалак алашара ӷәӷәаны иҳауеит, иаҳбоит. Алашара иациуеит аԥштәқәа рацәаны. Ахәыҷы даниуа, раԥхьа аԥштәқәа зегьы ибаӡом, ус иҟоуп, аҵх иаҩызоуп илашьцоуп. Нас хәҭақәак ибо далагоит, уи ашьҭахь мызқәак анцалак еиҳа-еиҳа аԥштәқәа изаатуа далагоит. Ари афиласофиа иалацәажәахьо рацәаҩуп. Саргьы исымоуп жәеинраалак, иаҳҳәап ҩ-ԥштәык роуп егьырҭ зегьы зхылҵуа аҵхи амши рыҽрымаданы, агәы ицәырнагоит агәы иалоу, аԥсҭазаара аҽалаӡҩан ҳәа. 

Аԥсны еизгоу акоманда ашьапылампыл асыҩцәа Гәыԥтәи ашкол иаҭааит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны еизгоу акоманда ашьапылампыл асыҩцәа Гәыԥтәи ашкол иаҭааит

Исызҳәазар, убра зегь ҭагӡоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ажәеинраалақәа реизга "Мшаԥымза" ахьӡҵаны иҭыҵит 2011ш. Ажәеинраала аҩра салагеит акыр ихьшәаны уҳәар ауеит. Избанзар, Аҟәа аҵараиурҭаҿы аҵара анысҵоз ауп саналага. Убри инаркны хәыҷы-хәыҷла сгәаанагара, схатәы знеишьа, избоз, исаҳауаз, аԥсҭазаара ҳазлагылоу иаҵоу аҵаҵӷәы, ауадаҩрақәа, аԥынгылақәа, ҳзынҟьо-ҳзынԥо акаҳарақәа, агыларақәа, аграждантә позициа, убри еиҳа сазҿлымҳауп алирика аасҭа.

Уажәы иҭсыжьыз акаталог аҟны акык-ҩбак агәыласҵеит, аха аԥхьа ус сгәы иҭан еизакны иҭсыжьырц. Аха, аиқәыршәаҩцәа ирзыманшәаламхошәа анызба, ас хазы иҟасҵеит асахьақәа рыла мацара. Уи еиднакылоит 38 ҿыханҵатә усумҭақәа, нас даҽа 6-7 рҟынӡа аграфикатә усумҭақәа, аескизқәа ҳәа изышьҭоу, ақәырԥшыгақәа налаҵаны.

Аусумҭақәа ҟаҵоуп аҵыхәтәантәи ахышықәса ирыбжьанакыз аамҭа иалагӡаны. Акык-ҩбакгьы ҳазҭоу  ашықәс азы иҟаҵақәоу роуп. Арҭ зегьы иахьа уажәраанӡа ацәыргақәҵахь имааиқәац усумҭақәоуп, 40 усумҭа рҟынӡа ыҟоуп. Досу асахьаҭыхҩы иара ихатә дунеи имоуп, иара ихатәы хәаԥшышьа имоуп.

Сара илахҿыху аԥштәқәа згоит, сгәы иаанагоит уи ҳара аԥсуаа ҳҟазара ҳтемперамент, уҳәа зегьы ирықәшәо џьысшьоит, аха уи зегьы ирызкны акәым, сара ус сыҟоуп, ихадоу аԥшәқәа рыла нас егьырҭ ацхыраагӡа азыруа иҟоуп са сполитра. Цқьа уагәылаԥшны урыхәаԥшыҵәҟьар сара иҟасҵо аусумҭақәа, ԥштәыла ишҿыхогьы, маҷӡак ауаҩы дзырхәыцуа алахьеиқәрақәагьы ыҟоуп. Избанзар, ижәдыруеит ирацәоуп аԥсҭазаара иаҵоу адрамақәа.

© Foto / Сырма АшәԥҳаНугзар Логәуа ицәыргақәҵа.
Нугзар Логәуа ицәыргақәҵа. - Sputnik Аҧсны
Нугзар Логәуа ицәыргақәҵа.

Ҩыџьа амаҭацәа хәыҷқәа сымоуп. Аус ахьызуа даргьы алахәуп, иҭыхуеит, сгәы ҟарҵоит. Дара ртәала иҭыхуеит, саргьы дара ҭыхуанаҵы срыцуп. Асахьақәа-ақәырԥшыгақәа ҟасҵоит карандашьла, нас исҭаххеиит смоҭа Анна лсахьа ҭысхырц.

Ашықәс ҿыц анааиуа ахәыҷқәа рҽеиларҳәоит, еиуеиԥшым акостиумқәа ршәырҵоит.  Ларгьы, лаҳәшьеиҳаб уаанӡа илшәылҵахьаз лышәҵаны дцәырҵит. Уи сара игәасҭеит, нас уи аус адызуло салагеит. Шықәсык еиҳангьы саҿын, аԥштәқәа рҿыханы ишыҟоугьы, зегь акоуп цқьа асахьа уахәаԥшыр, маҷк аган ахь дыԥшуеит, ахара дыԥшуеит ахәыҷы, избанзар иҵаулоу адунеи дагәылаԥшуеит. Ишысҳәаз еиԥш, аҵх далсны амш азнеира даҿуп".  


Ажәабжьқәа зегьы
0