АҞӘА, лаҵарамза 18 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсуа драматургиа ашьаҭаркҩы, ашәҟәыҩҩы, апублицист, апрозаик Самсон Ҷанба диижьҭеи рашәарамза 18 рзы 130 шықәса ҵит. Самсон Ҷанба аԥсуа литератураҿы илагала атәы дазааҭгылеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла амаӡаныҟәгаҩ Вахтанг Аԥҳазоу.
Самсон Ҷанба рҵаҩыс аус иуан Аӡҩыбжьатәи ашкол аҟны, анаҩс аҟәатәи арҵаҩратә семинараиаҟны аиҵбыратәи ашкол напхагара аиҭон, убраҟа ауп Дырмит Гәлиеи иареи реибадырреи русеицуреи ахы ахьакыз.
"Ҵабыргны, аԥсуа литература аҭоурых аҿы, адоуҳатә акультураҿы еизакны уахәаԥшуазар Самсон Ҷанба илшамҭа рацәоуп. Аԥсуа литература ауасхыр азышьҭазҵаз Дырмит Гәлиа иааивыгалаз раԥхьаӡа Самсон Ҷанба иоуп. Дырмит Гәлиа дызҿыз аус аҵакы еилкааны дивагылан. Уи алитература аҭоурых аҟны иазгәаҭоуп, ахәшьарагьы аҭоуп. Раԥхьатәи аԥсуа газеҭ "Аԥсны" аҭыжьраҿы Дырмит Гәлиа иҟаиҵоз ашьаҿақәа рыҟны дивагылан Самсон Ҷанба. Иара раԥхьатәи иҩымҭақәеи истатиақәеи агазеҭ адаҟьақәа рыҟны ауп иахькыԥхьыз", — ҳәа иҳәеит Вахтанг Аԥҳазоу.
Ашәҟәыҩҩы Вахтанг Абҳазоу иажәақәа рыла, 1919-1921 ашықәсқәа раан Самсон Ҷанба амилаҭ публицистика, ажурналистика ашьықәгылара акырӡа дазааԥсеит.
"Самсон Ҷанба усҟантәи аамҭаз имаз аҵареи, абызшәа бзианы иахьыидыруаз аҟнытә урыс бызшәала астатиақәа иҩуан агазеҭқәа "Сухумский листок", " Сухумский вестник" рыҟны. Аԥсышәала аума, урысшәала аума агазеҭ ианиҵоз астатиақәа зызкыз акакәын — аԥсадгьыл, амилаҭ культура аҿиара аус ашьҭыхра, Аԥсны зҭагылаз аамҭа аарԥшра ауп. Уи аганахь ала аҭыԥ ҷыда ааникылоит", — ҳәа азгәеиҭеит Аԥҳазоу.
Адраматургиахь Самсон Ҷанба изхьаԥшра машәыршәа иҟамлаӡеит, ҳәа иазыиԥхьаӡоит ашәҟәыҩҩы.
"Иара ибзианы идыруан аурыс литература, идыруан уаҟа иҟаз адраматә традициақәа. Убарҭқәа зегьы ицхрааит, аԥсуа литература адраматә ҩымҭа алагалара. Иара раԥхьаӡа илшеит 19-тәи ашәышықәсазы ҳажәлар ирхыргаз ахҵәара аарԥшра идраматә ҩымҭа "Амҳаџьыр" аҟны. Аиҳабыратә абиԥара ишырҳәо ала, иара атеатр аҟны ианықәдыргыла ахәаԥшцәа ибзиаӡаны ирыдыркылеит. Акыр шықәса рышьҭахь аԥсуа драматургиа ашьаҭаркҩы иаҳасабала Самсон Ҷанба Аԥсуа драматә театр ихьӡ ахырҵеит", — ациҵеит уи.
Самсон Ҷанба ирҿиаратә мҩа ҭбаан, хырхарҭа рацәала аус иуан.
"Самсон Ҷанба ирҿиаратә мҩа ҭбаан: иара дыпрозаикын, дпоетын, дпублицистын, джурналистын, дысценаристын. Абраҟа иҳәатәуп иҩымҭа "Амҳаџьырра" ала ишыҩыз акиносценари. Аха усҟантәи аамҭа Аԥсны аԥара аҟамзаара иахҟьаны аус нагӡамкәаны иаанхоит. Иара активла зегьы дрылахәын, аԥсуа алфавит ҿыц ашьақәыргылараҿы, арҵагатә шәҟәқәа рҭыжьраҿы, Аԥсны агеографиа ашәҟәы аԥҵараҿы, абарҭқәа рыҟны иџьабаа рацәоуп. Аҵара аус аганахьала усҟантәи аамҭаз илшаз рацәоуп", — ҳәа иҳәеит иара.
Самсон Ҷанба арҵаҩреи аредакциаҟны аусуреи инрываргыланы иара аҳәынҭқарратә маҵурақәа ныҟәигон.
"Самсон Ҷанба ибиографиаҟны ихадароу аҭыԥ аанакылоит, иара ашәҟәыҩҩцәа реидгыла данеиҳабыз аамҭақәа. 1930 ашықәсқәа рзы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла хантәаҩыс дҟарҵоит, 1934 шықәсазы Москва имҩаԥысуан раԥхьатәи СССР ашәҟәыҩҩцәа реизара ду, ашәҟәыҩҩцәа реидгыла анеиҿыркаауаз. Аԥснынтәи Самсон Ҷанба дышьҭын, аизара далахәын", — инаҵшьны иазгәеиҭеит ашәҟәыҩҩы.
1937 шықәсазы арепрессиатә ашықәсқәа раан Самсон Ҷанба иусура иахырҟьаны ддырӡуеит. Иҩымҭақәагьы акыр шықәса иркьыԥхьуамызт.
"Дандырӡ ашьҭахь 20 шықәса инареиҳаны џьаргьы иркьыԥхьӡомызт иҩымҭақәа. Инапҩылатә ҩырақәеи ианҵамҭақәеи иӡыз рацәоуп, иархив еиқәымхеит. Иара ирӡра шыҟалаз инҭқааны аӡәгьы издыруам. Иара иԥсы ҭанаҵы акымкәа-ҩбамкәа ишәҟәқәа ҭыҵит, уи ашьҭахь 1976 ашықәс азы иҭыҵит иалкаау иҩымҭақәа реизга, 1986 шықәсазгьы, уи аахыс ишәҟәқәа акгьы ҭымҵӡацт. Диижьҭеит 130 шықәса инадҳәаланы Аԥснытәи ашәҟәыҭыжьрҭаҿы азырхиара иаҿуп иалкаау иҩымҭақәа реизга ашәҟәы аҭыжьра. Ашықәс нҵәаанӡа иҭыҵуеит. Инарҭбааны инҭқааны Самсон Ҷанба ихаҭареи ирҿиареи иахьанӡа иҭҵааӡам", — ҳәа иҳәеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла амаӡаныҟәгаҩ Вахтанг Аԥҳазоу.
Самсон Иаков-иԥа Ҷанба диит рашәарамза 18 аҽны, 1886 шықәсазы Аҭара ақыҭан. Драндатәи ауахәаматә школ далгеит, ашьҭахь аҵара иҵон Хонтәи арҵаҩратә семинариа аҟны. Акьыԥхь ахь дцәырҵит 1916 шықәсазы.
Ипоема "Ашьха ҭыԥха" (1919 ш.), раԥхьатәи аԥсуа драма "Амҳаџьырра" (1920 ш.), "Аԥсны Ҳаным"(1923ш.), иповест "Сеидыҟ"(1934 ш.) аԥсуа литература ахьтәы фонд иахыԥхьаӡалоуп.