Акашәарах лаԥхьаҟа абзиарақәа лзыԥшуп

© Фото : предоставлено Ритой ТрапшАреспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиурҭа аҟәша аиҳабы Рита Ҭраԥшьԥҳа.
Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиурҭа аҟәша аиҳабы Рита Ҭраԥшьԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәарамза 18 ауха, Агәыӡератәи аҩнқәа руак ападиезд аҟны ахәыҷы дкаршәны дырбеит.

АҞӘА, рашәарамза 23 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аҿыцира хәыҷы лыкапан 2 килограммки 100 граммки иҟоуп, лоура — 43 сантиметра. Абри атәы ҳалҳәеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиурҭа аҟәша аиҳабы Рита Ҭраԥшьԥҳа.

"Ахәыҷы иҭагылазаашьа маншәалазар, адокументқәа рхианы Гороно ахь ираҳҭоит. Уаҟа иҟоуп ахәыҷы дызгарц зҭаху ауаа рсиа. Уантәи урҭ ауаа сара сахь иаауеит ахәыҷы игаразы рдокументқәа еиқәыршәаны. Сара иазгәасҭо ахәыҷы игәабзиаратә ҭагылазаашьоуп", — лҳәоит Ҭраԥшьԥҳа.

Ахәыҷы игәабзиара малырк аман иҟазаргьы шамахамзар дыргоит.

"Ҳара ҳҟны хәыҷыкгьы днымхацт аҭаацәа рахь дрымгацкәа. ВИЧ-инфекциа змаз ан илхылҵыз ахәыҷгьы дҳаман, дыргеит. Ҳажәлар даара ргәы ҭбаауп", — лҳәоит лара.

Анеонатолог лажәақәа рыла уажәтәи акашәарах хәыҷ лыԥсҭазаара ԥырхага амам.

"Ахәыҷы ԥырхага лымам. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Сгәы иаанагоит лара иаарласны "аҭаацәара" лоуп ҳәа", — лҳәоит ахәыҷтәы ҳақьым Саида Дармилова.

Акашәарах хәыҷ лганахьала Агәыӡератәи Апрокуратура ашьаус хацнаркит.

Ажәабжьқәа зегьы
0